Амениу
7 Лаҵара 2024
18:12
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    26 Мшаԥы 2024
26.04.2024 21:36
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Амилаҭтә хәмаррақәа: аҧсуаа рбаҩрҵәыратә доуҳа

"Аимҵакьачара" амҩаҧгаразы ҭыҧ ҿыцхеит Лыхни Цандрыҧшьи. Аханатә ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит амилаҭтә хәмаррақәа рҵаки, аҧсуа культураҿы урҭ иааныркыло аҭыҧи, анаҩс иреилдыркааит ахәмарра аҧҟарақәеи аҷыдарақәеи. 
Амастер-класс хыркәшахеит аинтерес зҵаз аицлабрақәа рыла. Ашколхәыҷқәа зегьы ирыман алшара аилҟьареи,  агәырцҟәыли, ахықәкы анагӡараҿы аҽазҵәылхреи раарҧшразы. 

Амастер-классқәа ирылҵшәахоит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы аицлабра. Уи еиднакылоит иреиӷьӡоу агәыҧқәа, уаҟа еилкаахоит ахәмаррақәа рҿы аиааира зго.

0
26.04.2024 21:19
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аҳәса рхеилак: изаамҭанытәиу аилатәара

АААК аҿы еиҿкаау аҳәса ркоординациатә хеилак имҩаҧнагеит аилатәара Аконгресс Аҟәатәи аофис аҿы. Аиҧылара иалахәын Очамчыратәи абжьаратә школ №4 аиҳабы Лиалиа Папасқьырҧҳа, Пицундатәи ашкол №1 арҵаҩцәа Дона Малиаҧҳаи Аида Ҭраҧшьҧҳаи, Џьгьардатәи ашкол арҵаҩцәа Белла Ҵәыџьҧҳаи Наира Чкәанҧҳаи, Драндатәи ашкол аиҳабы Мзиа Ҵәыџьҧҳа, Тҟәарчал араион Ахадара аусқәа рмҩақәҵаҩ Минадора Берулааҧҳа, Кәтолтәи ашкол арҵаҩцәа Индира Амҷҧҳаи Лолита Ҵәыџьҧҳаи, Лӡаатәи ашкол арҵаҩцәа Мимоза Еныкьҧҳаи Аниса Ҩанаҿҧҳаи, иара убасгьы АААК аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.

Аилатәара рхы аладырхәит Ҟарачы-Черкесстәылатәи асасцәа - агазеҭ "Абазашҭа аредактор хада Фардаус Куловеи, аҭыжьымҭа"Черкес-Хэку" аредактор хада Лиусана Абидоковеи. Аусмҩаҧгатә модераторс даман Аҳәса рхеилак ахантәаҩы, ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа. 

Аиҧылараҿы иалацәажәон аполитикеи, аҭҵаарадырреи, ауаажәларратә ҧсҭазаареи рҿы аҧҳәыс иаанылкыло аҭыҧ, ахатәы бызшәа аҧхьашьа аметодикақәа, аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала ашколтә программа алагалара уҳәа реиҧш иҟаз атемақәа. 

Алахәҩцәа иазгәарҭеит асистематә знеишьа ҳасаб азуны арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара ишазыхиоу.

0
26.04.2024 17:09

Афон Ҿыц имҩаҧысит аекологиатә тренинг

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәшеи ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиеи иацырҵоит ашколхәыҷқәа рзы аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара. Изаамҭанытәиу аинтерактивтә лекциа мҩаҧысит Б.Д. Аҩӡба ихьӡ зху Афонҿыцтәи абжьаратә школ аҿы. 

Маиа Цыбулевскаиа ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит аекологиа зыхьӡу, аҧсабареи уи абеиарақәеи ишреиҷаҳатәу, ауаҩы иааикәыршаны иҟоу зегьы иаиҭо анырра зеиҧшроу, иаҳзеиҧшу аҩны - апланета Адгьыл аиқәырхаразы иҟаҵатәу. Ашколхәыҷқәа активла рхы аладырхәит адискуссиа, насгьы уи атемала ргәаанагарақәа ирылацәажәеит. Аицәажәараан ирзааҭгылеит аҳауа аҟьашьра, агәам-сам аус адулара, аиаҵәара ахшьаара, апестицидқәеи ахимиатә рҵәыгақәеи рхархәара уҳәа, реиҧш иҟоу, Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы иуҧыло аекологиатә уадаҩрақәа.

Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭазы алахәҩцәа ирзыршеит ииашоу аекологиатә хымҩаҧгашьа иазку абжьгарақәа зну агәаларшәагақәа.

0