Амениу
18 Ҭагалан 2024
07:10
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

17.10.2024 13:29
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа
0
17.10.2024 13:17
Гал, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Ҩымш ирылагӡаны Гал имҩаҧысит асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку атренинг

Асоциалтә проектҟаҵара аспециалистцәа Лана Чкадуаҧҳаи Мате Цквитариаҧҳаи Галтәи абжьаратә школ N°1 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа ирзеиҭарҳәеит апроект аҵакы. Атренинг раҧхьатәи амш азы аҵаҩцәа ирыдыргалеит атеориатә дыррақәа, аҩбатәи амш азы алахәцәа 4-гәыҧкны рыҽшаны, рхатәы идеиақәа апроект аформала еиқәдыршәеит. Уахь иаҵанакуеит: абиблиотеказы ашәҟәқәа раахәара, аспортзал иаҭаху амаҭәарқәа рыла аиқәыршәара, аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵо рзы апсихолог дызлахәу атренингқәа рымҩаҧгара, аҧсуа бызшәа аҭҵааразы аклассанҭыҵтәи аҽазыҟаҵарақәа реиҿкаара. Акомиссиа аӡбамҭала афинансқәа азоужьхоит агәыҧ «Галтәи амодерн» апроект. Уи излаҳәо ала, ашкол аҿы аҧсуа бызшәа аҭҵааразы акружок аҧҵара азҧхьагәарҭеит. 

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку апроект мҩаҧыргоит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки.

0
16.10.2024 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Амаҭәа жәытәқәа рыҧсҭазаара ҿыц: АААКи Colors of nation акомпаниеи ихдыркәшеит аекологиатә проект.

Аҟәа имҩаҧысит аџьынстә маҭәа аколлекциа агәыҳалалратә рбара-аукцион. 
Аусмҩаҧгатә ала ихыркәшан Colors of nation акомпаниеи Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси 2021 шықәсазы ихацдыркыз апроект. Имҩаҧгаз акциақәа шьаҭас ирыман аглобалтә шәарҭара зцу аекологиатә проблема.  Актәи аетап аҿы АААК агәыҧи Гагратәи аҧсуа школ аҵаҩцәеи 20-ҵла еиҭарҳаит. Анаҩс, Colors of nation акомпаниа ацхыраарала Гагратәи аҧшаҳәаҿы аҭыҧантәи анхацәа рзы имҩаҧган аеко-лекциа. Уаҟа аиҿкааҩцәа ауаа ирыларҳәеит акаҳуажәырҭа «Бриош» аҿы ишықәыргылоу абатареиақәа реизгарҭа. Алекциа ашьҭахь абалерина Диана Апсова џьынсла иҩычаз асценаҿы дықәгылеит. Алекциа амҩаҧгара маҷк шагыз ауаа ирыларҳәеит рхы иадмырхәо аџьынстә маҭәа жәытәқәа шеизырго.

Ари апроект хықәкыс иаман аҧсабара агәам-сам ацәыхьчара аидеиа ауааҧсыра рыбжьара аларҵәара, амаҭәақәа рационалла рхархәареи аус рыдуланы рырҿыцреи шалшо аӡыргара. 

Аамҭа маҷк анҵы, аҧсуа дизаинерцәа ажәлар иддырбеит еизгаз амаҭәақәа рыла ишьақәгылаз аџьынстә коллекциа. Ҟазарала амаҭәақәа рцәыргара знапы алаку ауаа рыдагьы, адефиле рхы аладырхәит  згәабзиара алшарақәа ҧку назлаз егьырҭ аҭыҧҳацәагьы. Ауаа иддырбаз  амаҭәақәа ахәаҧшцәа злахәыз аукцион ахь ицәырыргеит. Ашоу лахҿых ауаа ргәалашәараҿы иаанхоит амҩаҧгаҩ мотоциклла лцәырҵреи абалерина қәыҧшцәа рықәгылареи рыла. Аусмҩаҧгатә хыркәшан ашәаҳәаҩ Кристина Ешба лықәгыларала. Амаҭәақәа рцәыргара иаанагаз аҧарақәа зегьы агәыҳалалратә фонд «Ашана» иарҭеит.

0
15.10.2024 17:07
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Адҵа «Ухыс» инақәыршәаны: Дәрыҧшьтәи ашколхәыҷқәа АААК апроект аҿы

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵо Аҧсны ашколқәа рыҟнытә аҵаҩцәа рзы еиҿкааз, алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазкыз аҧшьбатәи амастер-класс.

«Аҧсны ахысратә клуб» ахь ааҧхьара рыҭан Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа.

Ахысратә клуб азыҟаҵаҩ Феликс Кәыҵниа имҩаҧигеит абџьар ахархәашьа иазкыз атеориатә инструктаж, ахәыҷқәа идирбеит ииашаны агылашьа, акылҧшшьа, абџьар акышьа, ахысшьа. Анаҩс, ахысырҭаҿы апроект иалахәыз ирылшеит идырҳаз адыррақәа апрактикаҿы раарҧшра.

2024 шықәса нҵәаанӡа иазҧхьагәаҭоуп даҽа ҩ-мастер-класск рымҩаҧгара.

0
15.10.2024 16:42
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

«Кавказ: акультурақәа рымҩеихысырҭа»: РАН антропологиеи аетнографиеи рмузеи аҿы имҩаҧысит МАЭ РАН аетнографиа аҟәша еиҿнакааз асеминар.

Жьҭаарамза 14 РАН антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аҿы имҩаҧысит МАЭ РАН Кавказ аетнографиа аҟәша еиҿнакааз асеминар. Уи хьӡыс иаман «Кавказ: акультурақәа рымҩеихысырҭа».

Асеминар аҿы ажәахә иманы дықәгылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс (АААК) аинформациатә политикеи аимадарақәеи напхгара рызҭо Ҭенгиз Ҭарба. Иара убасгьы асеминар ихы алаирхәит АААК агәыҧ алахәҩы Абзагә Ҵәыџьба.

Ажәахә темас иаман Аҧсны ашьхақәа рҿы иҟоу ауаҩы ижәытә аанҿасырҭақәа рахь аекспедициақәеи Аҧсны ақьырсианра аҭоурыхи. 

Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси РАН антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны. АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Хабал-иҧа Егзакьи Кунскамера Аиҳабы Андреи Владимир-иҧа Головневи рыбзоурала уи аусеицура ессааира аҽарҭбаауеит. 

Ҭенгиз Ҭарба дрылацәажәеит «Ишьхатәылоу Аҧсны» афонди Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи еицымҩаҧыргаз аекспедициақәа. Урҭ аҭҵаарақәа ирыбзоураны иҧшаан 350 инарзынаҧшуа аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа. Уахь иаҵанакуеит шәкы инареиҳаны Хьымса ашьха ашьапаҿы иҧшааз ахаҳәтә ргыламҭақәеи Ӡыхәа анаараҿы еиқәхаз аобиектқәа фбеи. 
Ҭенгиз Ҭарба – Аҧсны иазку хаҭалатәи афотоцәыргақәҵақәеи апрезентациақәеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы имҩаҧигахьеит. Урҭ атәылақәа рахь иаҵанакуеит Италиа, Германтәыла, Урыстәыла, Сан-Марино, Приднестровье. Ҭарба ҩынтәны даҧсахеит «Аныҟәара иазку афото-видеорепортаж» аноминациаҿы ателеканал «Моя Планета» апремиа.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, иддырбеит афильмқәа «Аҧсны ақьырсианра аҭоурых», иара убасгьы «Ишьхатәылоу Аҧсны. Ауаҩы ижәытә аанҿасырҭа». Еизаз иалацәажәеит Аҧсны ақьырсианра иааннакыло аҭыҧ, избанзар ҳтәыла раҧхьаӡа акәны ақьырсианра ахьалаҵәаз аҭыҧқәа иреиуоуп. И.Қь. иира ашьҭахь I-тәи ашәышықәсазы Қьырса иҵаҩцәа иҧшьоу Симон Канатәи, Андреи Ԥхьанаҧхьеи, 70-ҩык рыҟнытә апостол Матфии Аҧсныҟа иааит ауаа Аевангелие арыларҵәаразы. Аҧсны иахьаҵанакуа раҧхьатәи ақьырсиантә еилазаара цәырҵит IV-тәи ашәышықәсазы Пицунда. 

Асеминар аиҿкааразы иҭабуп ҳәа лаҳҳәар ҳҭахуп РАН антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) Кавказ аетнографиа аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Макка Албогачиева.

0
14.10.2024 15:24
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Амаршрут еиқәыршәоуп: АААК еиҭахацнаркит апроект «Аимадара».

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцуразы АААК аҟәша аҵаратә шықәса ҿыц азы еиҭахацнаркит апроект «Аимадара». Апроект аҩбатәи аетап аҿы раҧхьаӡа акәны рхы аладырхәит Тәанаархәытәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. https://abaza.org/abk/1194

0
14.10.2024 11:36
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Уарча – йызкьазууыз адиспансеризация ъакIвшаз акыт.

Уарча кыт йауу апхьагIвчва 100-гIвы райхIа диспансеризация апроектла рзгIвадара дырхъвыхтI. https://abaza.org/abq/1187

0
11.10.2024 18:56
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аквиз зегьы хыс ирымоуп: АААК имҩаҧнагеит аинтеллектуалтә еиндаҭлара

АААК, Aqua quiz, ақалақь Аҟәа Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа еидгыланы имҩаҧыргеит арлахҿыхра-интеллектуалтә хәмарра «Абаза». Уи рхы аладырхәит 14 гәыҧ. Аквиз аҿы аҳра зуаз агәалаҟазааратә ҭагылазаашьеи илахҿыхыз ахҭысқәеи ртәы еиҭанаҳәоит ҳвидеоматериал.

0
02.10.2024 23:17
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Азиндырратә ҭҵаарадырра аҿиареи амилаҭ ридкылареи: Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧысит II-тәи «Шамба иаҧхьарақәа»

Ауаажәларра-политикатә усзуҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба игәалашәара иазкыз II-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.

https://abaza.org/abk/1186

0
01.10.2024 12:34
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

АААК ахы аланархәит Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи 31 шықәса рхыҵра инамаданы еиҿкааз агәырӷьаратә дкылара

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс хаҭарнакра азызуз Абзагә Ҵәыџьба ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаҧгаз агәырӷьаратә дкылара. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаҧҵоу ГлавУпДК акультуратә центр аҿы, уи рхы аладырхәит ауаа рацәаны. 

Адкылара агәырӷьаратә хәҭа ааиртит Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Иқәгылараҿы адипломат иазгәеиҭеит аиааиреи ахьыҧшымреи ргаразы аџьабаа рацәа шаҭаххаз, иҳәеит уи амҩаҿы аҧсуа жәлар аидгылареи аицамкреи аадырҧшыруп ҳәа.

Еизаз ирыдныҳәало дықәгылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаҧҵоу  атәылақәа Аҧшьбатәи рдепартамент аиҳабы Денис Гончар. Уи иазгәеиҭеит жәытәнатә аахыс аҧсуаа ҟазшьа ҷыданы ишрылоу асасдкылара, Аҧсны аҿиара аҵакы шыҳараку азгәаҭаны, еизаз ирзааицҳаит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара аҟнытә адныҳәалара. 

Иара убасгьы ацеремониа рхы аладырхәит Аҧсны иаҩызоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рдипломатцәеи, Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, акультура аусзуҩцәа, Москватәи аҧсуа диаспора алахәцәа.

0
Иҵегь аҭагалара