Амениу
15 Мшаԥы 2026
20:43
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

15.04.2026 16:36
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа
0
07.04.2026 15:07
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
06.04.2026 13:51
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Мусса Егзакь ихы алаирхәит афорум «Аҧсны – ҧхьаҟатәи аинвестициақәа»

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихы алаирхәит Аҟәа аусура иалагаз раҧхьатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аҧсны ҧхьаҟатәи аинвестициақәа».

Афорум хықәкыс иамоуп Аҧсны аекономикатә ҿиара, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳтәылеи русеицура арӷәӷәара, анаплакра адгылара аҭара. Аусмҩаҧгатә еиднакылеит Урыстәыла еиуеиҧшым арегионқәа рыҟнытә 15 инареиҳаны аделегациақәа, иара убас афедералтә министррақәа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыҧшуп еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡара хацзыркуа ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рнапаҵаҩра.

Афорум аусура рхы аладырхәуеит Аҧсны атәыла Ахада Бадра Гәынба, Ахада Ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаҧстәыла Ахада Алан Гаглоев, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсни Урыстәылеи Реиҳабыра алахәылацәа, хыҧхьаӡара рацәала ааҧхьара зырҭаз асасцәа.

0
29.03.2026 17:27
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Ахәаҧшцәа, Аконгресс, атеатр: «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аицахцәажәара»

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҧсуа драматә театри еицымҩаҧыргеит Адискуссиатә клуб аҩбатәи аиҧылара – уи мҩаҧысит «Аҳәынҭқар ҟьантаз» ахәаҧшра ашьҭахьцәҟа.

Ақәыргыламҭа аус адиулеит қәҿиарала 30 инареиҳаны аспектакльқәа аус рыдызулахьоу арежиссер Тамерлан Ӡудцов. Иара илшеит еиуеиҧшым абиҧарақәа рахь иаҵанакуа актерцәа сценак аҿы еизганы, ҳәоуеиқәшәарала аус зуа ансамбль аиҿкаара.

Ахәаҧшцәа ироуз ацәаныррақәа рнаҩсангьы, азҵаарақәа ҟарҵон. Дара азҿлымҳан асахьаркыратә хаҿқәа, ирышьҭан иҵәаху аҵакқәа, иазхәыцуан аклассика ҳаамҭазтәи азнеишьа.

Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Уи иаанарҧшит крызҵазкуа аидеақәа рыхцәажәаразы атеатр иааннакыло аҭыҧ.

0
21.03.2026 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҿар рзы агрантқәа: асоциалтә проектҟаҵара иазку атренингқәа ирыцҵоуп

Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаҧысит асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз ҩымштәи арҵаратә семинар. Атеориатә аспектқәа рыдагьы, асеминар апрограмма иаҵанакуан агранттә ҧшьгамҭақәа аус рыдула иазкыз апрактикатә ҽаршьцыларақәагьы. Алахәылацәа ирзеиҭарҳәеит апроект «Росмолодежь.Гранты» аҳәаақәа ирҭагӡаны адгылара аиушьа.

Атренингқәа еиҿыркааит Аҧсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, Аҧсны Иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакреи русеицура иалҵшәаны. Асеминарқәа хықәкы хадас ирымоуп аҿар асоциалтә проектқәеи аҧшьгарақәеи активла ирылахәхартә разыҟаҵара. Уи абзоурала аилазаара ҿиауеит, аҿар асоциалтә процессқәа ралархәра аҩаӡара шьҭыҵуеит.

0
20.03.2026 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыҧ рхы аладырхәит Диоскураа рыҧшаҳәаҿы имҩаҧысуа ажрақәа

 Аконгресс агәыҧ рхы аладырхәит Аҟәа Диоскураа рыҧшаҳәаҿы имҩаҧысуа археологиатә жрақәа. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари ахҭыс дуӡӡа ҳара ҳколлектив аҩымсит, активла рхы аладырхәит.

0
20.03.2026 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аҧсылманцәа ирыдиныҳәалеит Ураза-баирам.

Акыр иаҧсоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ураза-баирам аныҳәа лаша! Иҳаҩсыз Рамаданмза – доуҳала аҽрыцқьара, аныҳәара, аус бзиақәа рыҟаҵара иаамҭоуп. Иаҳзааигәоу рыцхраареи аҿиареи рахь агәазыҳәара еснагь иҳацзааит.

Ураза-баирам иаҳгәаланаршәоит ҳхәыцрақәа рыцқьареи, ацхыраара зҭаху рахь агәшаҭареи, иаҳзааигәоу реиҷаҳареи шаарҧштәу.

Ари аныҳәа иацу аҧхара алҧха шәымазааит ҩнаҭацыҧхьаӡа.
Иахьатәи амш гәырӷьарыла шәаҧылааит зегьы. Шәныҳәарақәа Ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит! Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, абзиарақәа, аҿиара!

0
19.03.2026 19:13
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Оҭҳара ақыҭа хықәкылатәи ацхыраара анаҭеит.

Аконгресс агәыҧ Оҭҳара ақыҭа афельдшер-акушертә пункт азы иаархәеит ахәшәқәа. Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны, АААК хадара злоу амедицинатә ресурсқәа рзаархәеит хә-қыҭак рзы.

0
19.03.2026 15:46
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК ацхыраарала Гал иаадыртит аҧсуа бызшәа ауада ҿыц

АААК агәыҧ Галтәи абжьаратә школ №1 хықәкылатәи ацхыраара арҭеит, аҧсуа бызшәа ауада еиҭашьақәдыргылеит. Ауадаҿы иақәнагаз арҽеиратә усқәа мҩаҧыргеит, иаархәеит аҩнымаҭәа, аклассӷәы, ателербага, иахәҭоу амаҭәахәқәа.

Ауада арҿыцра азҵаара цәырҵит ашкол аҿы аҧсуа бызшәа акурсқәа анымҩаҧыргоз аамҭазы. Усҟан АААК Гал иҟоу аҭыҧантәи аҟәша анапхгаҩы Аконгресс ахь аҳәара ҟаиҵеит аҽазыҟаҵарақәа хьымҩаҧыргаша аҭыҧ аиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵарц.

0
19.03.2026 15:19
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Џьырхәа ақыҭа хықәкылатәи ацхыраара анаҭеит.

Аконгресс агәыҧ Џьырхәа ақыҭа афельдшер-акушертә пункт азы иаархәеит ахәшәқәа. Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны, АААК ас еиҧш иҟоу акциа мҩаҧнагахьеит ҧшь-қыҭак рҿы.

0
Иҵегь аҭагалара