Лента событий ВААК
«Аԥсны аҭоурых»
Изахьӡузеи Аҧсны? Аҧсы зхоу атәыла, ашьхақәеи, ахәқәеи, аӡхыҽҽақәеи ртәыла, Амшынеиқәа аҿықәан ишьҭоу ихьыҧшым Кавказтәи ареспублика. Аха уи уажәы. Ишҧаҟаз ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи раԥхьа?
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки иҭрыжьит анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых". https://abaza.org/abk/1303
Санкт-Петербург имҩаҧысит аҭҵаарадырратә цикл «Кавказ: акультурақәа рымҩеихда» 100-тәи аиубилеитә семинар
100-тәи аиубилеитә семинар «Кавказ: акультурақәа рымҩеихда» азыркит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аусура. https://abaza.org/abk/1302
АААК Уақәым ақыҭа хықәкылатәи ацхыраара анаҭеит
Хықәкылатәи ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК Тҟәарчал иҟоу аҭыԥантәи аҟәша Уақәым ақыҭа ахәыҷбаҳчазы иарҭеит амаругақәа, уахь иналаҵаны агазтә плитеи аноутбуки.
Аҧсуа хәмаррақәа реиҭарҿиара: шумераа инадыркны иахьатәи ҳаамҭанӡа
Амилаҭтә хәмаррақәа реиҭарҿиара иахьа аинтерес ду цәырнагоит, избанзар урҭ баша аамҭахгара адагьы ааӡара аус аҿы крызҵазкуа аспектуп. Ахәмаррақәа рхылҵшьҭра ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылагӡоуп.
Мусса Егзакь ихы алаирхәит афорум «Аҧсны – ҧхьаҟатәи аинвестициақәа»
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихы алаирхәит Аҟәа аусура иалагаз раҧхьатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аҧсны ҧхьаҟатәи аинвестициақәа».
Афорум хықәкыс иамоуп Аҧсны аекономикатә ҿиара, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳтәылеи русеицура арӷәӷәара, анаплакра адгылара аҭара. Аусмҩаҧгатә еиднакылеит Урыстәыла еиуеиҧшым арегионқәа рыҟнытә 15 инареиҳаны аделегациақәа, иара убас афедералтә министррақәа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыҧшуп еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡара хацзыркуа ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рнапаҵаҩра.
Афорум аусура рхы аладырхәуеит Аҧсны атәыла Ахада Бадра Гәынба, Ахада Ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаҧстәыла Ахада Алан Гаглоев, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсни Урыстәылеи Реиҳабыра алахәылацәа, хыҧхьаӡара рацәала ааҧхьара зырҭаз асасцәа.
«Ахәаҧшцәа, Аконгресс, атеатр: «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аицахцәажәара»
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҧсуа драматә театри еицымҩаҧыргеит Адискуссиатә клуб аҩбатәи аиҧылара – уи мҩаҧысит «Аҳәынҭқар ҟьантаз» ахәаҧшра ашьҭахьцәҟа.
Ақәыргыламҭа аус адиулеит қәҿиарала 30 инареиҳаны аспектакльқәа аус рыдызулахьоу арежиссер Тамерлан Ӡудцов. Иара илшеит еиуеиҧшым абиҧарақәа рахь иаҵанакуа актерцәа сценак аҿы еизганы, ҳәоуеиқәшәарала аус зуа ансамбль аиҿкаара.
Ахәаҧшцәа ироуз ацәаныррақәа рнаҩсангьы, азҵаарақәа ҟарҵон. Дара азҿлымҳан асахьаркыратә хаҿқәа, ирышьҭан иҵәаху аҵакқәа, иазхәыцуан аклассика ҳаамҭазтәи азнеишьа.
Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Уи иаанарҧшит крызҵазкуа аидеақәа рыхцәажәаразы атеатр иааннакыло аҭыҧ.
Аҿар рзы агрантқәа: асоциалтә проектҟаҵара иазку атренингқәа ирыцҵоуп
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаҧысит асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз ҩымштәи арҵаратә семинар. Атеориатә аспектқәа рыдагьы, асеминар апрограмма иаҵанакуан агранттә ҧшьгамҭақәа аус рыдула иазкыз апрактикатә ҽаршьцыларақәагьы. Алахәылацәа ирзеиҭарҳәеит апроект «Росмолодежь.Гранты» аҳәаақәа ирҭагӡаны адгылара аиушьа.
Атренингқәа еиҿыркааит Аҧсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, Аҧсны Иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакреи русеицура иалҵшәаны. Асеминарқәа хықәкы хадас ирымоуп аҿар асоциалтә проектқәеи аҧшьгарақәеи активла ирылахәхартә разыҟаҵара. Уи абзоурала аилазаара ҿиауеит, аҿар асоциалтә процессқәа ралархәра аҩаӡара шьҭыҵуеит.
АААК агәыҧ рхы аладырхәит Диоскураа рыҧшаҳәаҿы имҩаҧысуа ажрақәа
Аконгресс агәыҧ рхы аладырхәит Аҟәа Диоскураа рыҧшаҳәаҿы имҩаҧысуа археологиатә жрақәа. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари ахҭыс дуӡӡа ҳара ҳколлектив аҩымсит, активла рхы аладырхәит.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аҧсылманцәа ирыдиныҳәалеит Ураза-баирам.
Акыр иаҧсоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ураза-баирам аныҳәа лаша! Иҳаҩсыз Рамаданмза – доуҳала аҽрыцқьара, аныҳәара, аус бзиақәа рыҟаҵара иаамҭоуп. Иаҳзааигәоу рыцхраареи аҿиареи рахь агәазыҳәара еснагь иҳацзааит.
Ураза-баирам иаҳгәаланаршәоит ҳхәыцрақәа рыцқьареи, ацхыраара зҭаху рахь агәшаҭареи, иаҳзааигәоу реиҷаҳареи шаарҧштәу.
Ари аныҳәа иацу аҧхара алҧха шәымазааит ҩнаҭацыҧхьаӡа.
Иахьатәи амш гәырӷьарыла шәаҧылааит зегьы. Шәныҳәарақәа Ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит! Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, абзиарақәа, аҿиара!