Амениу
16 Цәыббра 2024
22:24
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

13.09.2024 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Бзыб 2-хауа аквтанай апхьарта апны псабарахчарала тшыбжьара акIвнаршатI

Адуней апсуа-абаза конгресси АГУ арыпхьагIв ахIба Цыбулевская Майи экология нархара зму атренингква атаджвыквырцIахтI. Апхьара сквшшIыц апны йапхъахуз атшыбжьара Бзыб 2-хауа аквтанай апхьарта 5-6 аклассква рапхьагIвчва йырзадыргалтI.

УахьчIва акъалакви акыткви рпны узынйауа аэкология проблемаква, аэкология ргIапсра аларпIатIара, ахIауа арпIайра, ахъшвалква рыдынхалра датшагьи цIарата йгIагылуа аэкология уысква йрыквчважватI атренинг йалакваз. АпхьагIвчвагьи йырдыруа рхIвун. Атшыбжьара акIвзыршуз апсабара арпIайра йазынархата презентация гIалырбатI. АпхьагIвчва йапшым абаргвыраква урыдз йшауаш амальква йырзыпшгIауата ахачIвквагьи дырхъйатI.

0
12.09.2024 09:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Зыҧсы ҭоу аҟазара. Ажьира

Аметалл ажьаҳәа аҵхра аҟазара - ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп. Ажьира - анырхагатә маругақәеи егьырҭ амаҭәарқәеи ахьыҟарҵо ҭыҧ мацараны иахәаҧшуамызт. Ж
Аҧсуаа жәытәнатә аахыс ажьира ҧшьаҭыҧны ирыҧхьаӡон, ажьицәа ракәзар, ажәлар рахь анырра рыман ҷыдала пату рықәырҵон. Иахьатәи аамҭазы, ажьира аанхоит аҟазареи аҭоурыхтә ҭынхеи ахьеиқәдырхо ҭыҧны. Изеиҧшразеи Аҧсилиатәи аибашьҩы иҟама, Нарҭаа репос аҿы кырынтә аиха изалацәажәозеи, иахьатәи аҿар ажьира иадзыҧхьалои - абарҭқәа зегьы ирызкны, шәахәаҧш «Зыҧсы ҭоу аҟазара» изаамҭанытәиу аҭыжьымҭа.

0
08.09.2024 18:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҭоурыхтә ҧсадгьыл абадырра иацҵоуп.

Аҩбатәи аекскурсиатә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа аҭааит ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа, ирбеит Аҧсны ахьӡ злеицырдыруа аӡиа Риҵа. Агәыҧ иалаз реиҳараҩык раҧхьаӡа акәны ирбоит рыҧсадгьыл аҧшӡарақәа.

Гәдоуҭа агәыҧ аҭааит хатәгәаҧхарала еибашьра иааны, Аҧсны зхы ақәызҵаз арепатриантцәа анышә иахьамадоу аҭыҧ. Уи аҽны, агәыҧ ахаҭарнакцәа ҩызара рзыруит Ҷлоутәи ахәмарҩцәа.

0
07.09.2024 18:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Ҭырқәтәылатәи аҧсуа гәыҧ Афон Ҿыц иаҭааит.

 «Аимҵакьачара» иазкыз аицлабра ахыркәшара ашьҭахь, Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа рзы еиҿкаан хҭысла ибеиаз аекскурсиатә программа. Аҿар Афон Ҿыц иргеит, уаҟа дара аҭааит Афон Ҿыцтәи аҳаҧы, анаҩс ихалеит Аҧсаратәи ашьха.

Агәыҧ рымҩа зегьы кәашаралеи-шәаҳәаралеи ирхыргон. Ақалақь аҿы адиаспора ахаҭарнакцәа ирыцлеит «Аимҵакьачаразы» Афон Ҿыцтәи агәыҧ ахәмарҩцәа. Урҭ рыхьӡала асасцәа ирырҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа - ахылҧарчи аҟамеи.

0
06.09.2024 16:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Аимҵакьачара» - акзаарахь амҩа

Раҧхьаӡа акәны, Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазкыз ареспубликатә жәларбжьаратәи аицлабра. https://abaza.org/abk/1183

0
04.09.2024 16:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсны ихацыркхеит амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазку Жәларбжьаратәи аицлабра.

Аҧсны раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазку жәларбжьаратәи ареспубликатә еицлабра. Уи еиҿыркааит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки, ақ. Аҟәа Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи. 

Афинал аҿы еиндаҭлоит ҳтәыла аҟнытә 8-гәыҧки Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа еиҿыркааз агәыҧи. Аицлабра хацыркын Ахьӡ-аҧша апарк аҟны игылоу иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Аофициалтә аартраҿы адныҳәаларазы иқәгылеит ақ. Аҟәа ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, АААК Аҟәатәи аҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа, Ҭырқәтәыла иҟоу Балбалы (Калдахәара) ақыҭа ахада Ерџьаи Паҷкориа. 

Ахәмаррақәа мҩаслоит цәыббрамза 6-нӡа. Аицлабра аҽалархәреи агәыҧқәа рыдгылареи зҭаху зегьы ааҧхьара раҳҭоит Аҟәа астадион «Динамо»! Аҩналара хәыда-ҧсадоуп.

0
03.09.2024 19:36
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла

Ҭырқәтәылаҟа ацара иазку афильм

Апроект «Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа» аетапқәа ируакын рашәарамза 28 инаркны ҧхынгәымза 11-нӡа Ҭырқәтәыла имҩаҧгаз амастер-классқәа. Аделегациа иалахәын: аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа, аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы аметодист, Аҧсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба, арежиссер Дауҭ Логәуа. Аусмҩаҧгатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра аполитикатә зҵаарақәа рзы Аҵаҳәаҩ Џьансыхә Лазба.

Аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылаҿацә - Сақариа ҳгәыҧ имҩаҧнагеит аҧсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазкыз амастер-классқәа. Урҭ рхыркәшара ашьҭахь еиҿкаан 15-18 шықәса зхыҵуа ахәмарҩцәа рыла ишьақәгылаз агәыҧ. https://abaza.org/abk/1179

0
30.08.2024 16:59
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла

Мусса Егзакь Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара дапрезидентхеит.

Жәларбжьаратәи аидгылара «Алашара» апрезидент, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика Жәлар реизара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мусса Хабал-иҧа Егзакь Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара дапрезидентхеит. https://abaza.org/abk/1178

0
Иҵегь аҭагалара