Амениу
13 Хәажәкыра 2025
23:44
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

12.03.2025 20:52
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
11.03.2025 09:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Амаль Џьандубаев - Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны Европа аҧхьахә U-23 иҽаҧсеитәит.

Иҳәаадоу агәамчи аҟазшьа џьбареи змоу аспортсмен шьахә шьаҿа ӷәӷәала аспорттә ҩаӡарақәа рахь амҩа дықәуп.

Гәыкала идаҳныҳәалоит аиааира!

0
09.03.2025 20:22
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Атеатр аҿы ахәылҧаз» иацу.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театри еилахәны еиқәдыршәаз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит аҩбатәи атеатртә хәылҧазы.
Уажәазы аныҳәа еиҿыркааит Жәандәрыҧшьтәи Хыҧсҭатәи абжьаратә школқәа рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи рзы.

Ҵасла ишаҧу еиҧш атеатр аҿы аекскурсиа мҩаҧылгеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Елеонора Коӷониаҧҳа. Лара еиҭалҳәеит атеатр аҧҵара аҭоурыхи атеатртә етикет аҧҟарақәеи.

Ашколхәыҷқәа ирылшеит акулисақәа рнаҩсан иҟоу баны, атеатр аҭыҧ маӡақәа зеиҧшроу агәаҭара. Аспектакль алагаанӡа ахәыҷқәа агримҟаҵарҭаҿы инеины ирабадырит дук хара имгакәа асценаҿы иқәгылараны иҟаз артистцәа. Уи адагьы, ахәыҷқәа руаӡәк идыргалеит артист ироль анагӡара. Ахәыҷы агрим изыҟарҵеит, аспектакль арепертуар ианаалоз амаҭәа ишәырҵеит. Ашколхәыҷ гәахәара дула иҧишәеит артист ироль, иҭеиҭҧш ҿыц далаҽырбеит, иҩызцәеи иареи еидгыланы афотосахьақәа ҭырхит. 

Ардырратә хәҭа анаҩсан ахәыҷқәа мҩахыргеит Аконгресс амчқәа рыла ачеиџьыка ахьеиҿыркааз акрыфарҭахь. Уи ашьҭахь ахәыҷқәа аарыҧхьеит атеатртә зал ахь. Уаҟа ахәаҧшцәа иддырбеит италиатәи адраматург Карло Гальдони ипьеса амотивқәа рыла еиқәыршәоу аспектакль «Мирандолина».

0
08.03.2025 13:30
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Мусса Егзакь аҳәса хәажәкырамза 8 рыдиныҳәалеит!

Ҳаҭыр зқәу аҳәса!
Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш!

Ари аныҳәа – еиҭах «Иҭабуп» ҳәа шәаҳәаразы иҳамоу лшароуп.

Ҳахьыҟазаалакгьы – Ҟарачы-Черқьессиеи Аҧсни рышьхақәа рыбжьара аума, Петербург аума, даҽа қалақьк аҿы аума – аҩны хаҭа ахьыҟоу, бзиабаралеи гәцаракралеи иҳазныҟәо аҳәса шәахьыҟоу ауп. 

Шәара шәзы ирҳәоит ахәшҭаара еиқәшәырхоит ҳәа, аха иҟашәҵо аиашазы кырӡа еиҳауп. Шәара ишәылшоит мчыла акәымкәа, ҟәышрала адунеи аҧсахра. Адҵақәа рыда, хӡыӡаарала. Қәҧарада, бзиабарала. 

Шәара шәоуп агәымшәара ҳалазҵо. Шәара шәнапы ианырҵоит зегьы реиҳа ауаҩы изааигәоу – ахәыҷқәа рааӡареи аҭаацәара ргәы ашьҭыхреи. Занааҭцыҧхьаӡа, усцыҧхьаӡа шәара ишәылшоит аҩаӡара дуқәа рҟынӡа анаӡара.

Ҳазҭоу ашықәс аамҭа зеиҧшразаалакгьы, шәара шәзы еснагь иааҧынразааит! Шәахьыҟазаалакгьы шәдырҧхалааит абзиабара, ажәа ҟәандақәа, шәыуацәеи-шәҭынхацәеи рыхӡыӡаара. Амш ҿыц ишәзаанагалааит агәырӷьареи алшара ҿыцқәеи! 

Ҽаанбзиала! Ишәыдысныҳәалоит хәажәкыра 8!

0
06.03.2025 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
04.03.2025 14:50
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыҧ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит В. Арӡынба ибаҟа амҵан

АААК агәыҧ рхы аладырхәит Аладатәи Ешыра иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.

Владислав Арӡынба - инарылукааша аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ, аҳәынҭқарра-политикатә усзуҩы ду, ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.

0
21.02.2025 12:47
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК иацнаҵоит апроект «Аимадара».

Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа 20-ҩык Аҟәаҟа ныҟәара иааргеит. https://abaza.org/abk/1231

0
14.02.2025 23:09
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Атеатр аҟны ахәылҧаз: АААК ихацнаркит ақыҭа школхәыҷқәа ирызку апроект ҿыц

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театри еилахәны ихацдыркит апроект ҿыц, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭа школхәыҷқәа аспектакльқәа ирҭаауеит, атеатр адунеи иабадыруеит.https://abaza.org/abk/1229

0
13.02.2025 16:30
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Иуадаҩу аӡбамҭақәеи аиааирақәеи: АААК имҩаҧнагеит Владислав Арӡынба изкыз агәаларшәаратә хәылҧазы

Аҧсны Раҧхьатәи Ахада диижьҭеи 79 шықәса аҵра инақәыршәаны, аиҿцәажәара аформат аҭаны Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнагеит Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылҧаз. Уи иалахәын кыраамҭа Владислав Арӡынба иааигәара иҟаз уи ихаҭара иадҳәалоу аҭоурыхқәа рацәаны издыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа Сократ Аџьынџьал, Виачеслав Чрыгба, Руслан Ҳашыг, Асҭамыр Ҭаниа. Аиҧылара хықәкыс иаман имариам аӡбамҭақәеи, аиааирақәеи, аҧсуа ҳәынҭқарра аконцепциа агәрагареи рыла иҭәыз Владислав Арӡынба иҧсҭазаара адоуҳа ацәыргара.

https://abaza.org/abk/1228

0
11.02.2025 16:09
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аконференц-зал аҿы иӡырыргеит апроект ҿыцқәа ҩба.

АААКи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаҧыргаз аусура иалҵшәахеит апроектқәа «Аурашьа» «Аҧсуа кәашара». https://abaza.org/abk/1227

0
Иҵегь аҭагалара