Амениу
14 Ԥхынҷкәын 2025
01:25
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

12.12.2025 14:48
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
10.12.2025 15:11
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
09.12.2025 13:24
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҟәа иддырбеит Муминаҭ Гонова илызкны Екатерина Бебиаҧҳа иҭылхыз адокументалтә фильм

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы иддырбеит Аҧсны Зҽаҧсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа иҭылхыз «Абазақәа р-Жанна  Д’Арк – Муминаҭ Гонова» зыхьӡу, адокументалтә фильм.

Акиносахьа даҳнарбоит Муминаҭ Гонова – еицырдыруа аҵарауаҩ, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Нхыҵ-Кавказтәи аинститут (УА Ахада иҟны еиҿкаау жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи академиа афилиал) аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы. Лара 100 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа лыҩхьеит, амонографиақәа еиқәлыршәахьеит. 

Муминаҭ Гонова деицырдыруеит Адунеизыгьтәи аҧсуа-абаза конгресс (аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи рассоциациа) аҧҵара ауасхыр азышьҭазҵоз ируаӡәку ҳәа. 1992 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа ассоциациа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дыҟан.

0
08.12.2025 18:01
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
01.12.2025 15:37
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Гәыкала». Денис Чачхалиа

«Гәыкала» сасра даҭоуп апоет, ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа. Ахәыҷтәы гәалашәарақәа, раҧхьатәи ажәеинраалақәа, Есенин иҩымҭақәа аҧсуа бызшәахьы реиҭагара, игәы шьҭызхуа аусқәа, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ирызкны шәахәаҧш аинтервиу.

0
01.12.2025 15:00
Тҟәарчал, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК ихнаркәшеит апроект «Аимадара»

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ихнаркәшеит апроект «Аимадара».
Апроект хықәкыс иамоуп Аҧсны акультуратә, аҭоурыхтә, аҧсабаратә ҭыҧқәа ауаа ирдыруа-ираҳауа аҟаҵара. Аиҿкааҩцәа рыгәҭакы инақәыршәаны, ҳтәыла мрагыларатәи ахәҭаҟнытә ашколхәыҷқәа, мраҭашәараҟа ныҟәара иааргоит, уа инхо ахәыҷқәа ракәзар – иргоит мрагыларахь. 2025 шықәсазы ахыркәшаратә ҭыҵра иалахәын Ҟәланырхәатәи абжьаратә школқәа ҩба рҵаҩцәа. 
Ашколхәыҷқәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз рбаҟа амҵан. 
Анаҩс ашколхәҷқәа мҩахыҵит Тҟәарчал араион Аҟармара ақыҭан иҟоу аӡхыҽҽақәа рахь, уантәи Дранда иҟоу Анцәа Иан лныхабаахь. Уаанӡа ишаҧу еиҧш аекскурсиа хдыркәшеит ашәаҳәарақәеи акәашарақәеи рыла. 
Аекскурсиа аиҿкаараан иҟарҵаз ацхырааразы Аконгресс агәыҧ иҭабуп ҳәа рарҳәоит Гәдоуҭа аҵара аҟәша аусуҩцәа.

0
01.12.2025 14:32
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК имҩаҧнагеит алекциа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнаго апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны иацнаҵоит арккаратә усура. Уажәазы аусмҩаҧгатә еиҿыркааит Аҟәатәи абжьаратә школ № 10 аҟны. Зыӡырҩцәас иалахәын аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа. 

Алекциа темас иаман «Аҵасқәа раларҵәара, гәык-ҧсык ала аҟазаара: аҧсуа етика ашьаҭақәа». Ааҧхьара змоу ақәгылаҩ - асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит ажәлар рҟазшьа иахәҭаку аҧсуа етика ашьаҭақәеи ахымҩаҧгашьатә ҧҟарақәеи. 

Аиҿцәажәара мҩаҧысит гәаартыла. Аҵаҩцәа азҵаарақәа рацәаны иҟарҵон, активла рхы аадырҧшуан.

0
01.12.2025 14:10
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсуаҵас ааӡара: апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК имҩаҧнагеит алекциа.

Апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи абжьаратә школ № 1 аҟны имҩаҧысит изаамҭанытәиу алекциа. Апроект еиҿыркааит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугелиаҧҳаи. 

Аусмҩаҧгатә темас иаман аҧсуа культураҿы ахәыҷқәа рааӡара ашьаҭақәа. 

Аиҧылара мҩаҧызгоз инарҵауланы дазааҭгылеит Аҧсуара инақәыршәаны арҧысцәеи аҭыҧҳацәеи шырааӡоз. 

Алекциа алахәҩцәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит, инаҵшьны иазгәарҭеит шәышықәсала ажәлар иныҟәырго ахымҩаҧгашьатә ҧҟарақәа амилаҭтә хаҿреи акультуратә шьҭреи шеиқәдырхо. 

Алекциа анҵәамҭазы аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаҧҳа ашкол анапхгара ирылҭеит ахәыҷқәа рзы арҿиагатә карточкақәа.

0
25.11.2025 13:01
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
25.11.2025 12:46
Тҟәарчал, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
Иҵегь аҭагалара