Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
02:41
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
23.02.2024 12:25
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Мусса Егзакь Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа жәабранмза 23 рыдиныҳәалеит

АААК ИА Ахантәаҩы Мусса Егзакь Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа жәабранмза 23 рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ишәыдысныҳәалоит Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш! Традициала, ари амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан ҳтәыла зыхьчаз афырхацәа рымшныҳәа азгәаҳҭоит, аха ари арыцхә ныҳәахежьҭеи шәышықәса еиҳауп! Усҟан ари аныҳәа иахьӡын аҳамҭа Ҟаҧшь амш. Агәаанагарақәа руак инақәыршәаны, арыцхә ақәыршәоуп Пскови Нарвеи рааигәара арҟаҧшьаа агермантә мпыҵахалаҩцәа раҧхьаӡа акәны ианрабашьыз амшқәа руак.

Аныҳәа иаҧхьааиуаз аҭоурых зеиҧшразаалакгьы ҧсахрада иаанхоит акы: жәабранмза 23 – аамҭацәгьақәа раан аҧсадгьыл ахьчаразы гәышҧыла игылаз афырхацәа рџьабаа агәаларшәаразы лшара бзиоуп. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳветеранцәа хәызмам рхамеигӡареи рыгәаӷьреи рзы. Ҳара ҳзыҳәаны, шәара агәымшәареи хацәнамырха Аҧсадгьыл амаҵ ауреи шәыршьаноуп, анаҩстәи абиҧарақәеи ҳареи ҳзыҳәаны шәҿырҧшуп. Шәыбзоурала ҳакзаара уамак ала аҽарӷәӷәеит, ҳазыхиоуп анаҩсгьы Урыстәыла ахақәиҭреи аманшәалахареи рзы ақәҧара.

Ҳаҭыр дула хазы иазгәасҭар сҭахуп иҷыдоу арратә операциа иалахәу зегьы. Ҳаруааи хатәгәаҧхарала еибашьуа афырхацәеи рдоуҳамч хымҧада аиааирахь ҳцәырнагоит. Шәара шәуалҧшьа нашәыгӡоит намысцқьала, гәымшәарала, ҳаҭыр дула, уи иҳазцәырнагоит ахақәгәыӷреи ҳтәыла гәакьа агәрагареи. Иаашәырҧшуа аҧсадгьыл абзиабареи, аус гәык-ҧсык ала азыҟазаареи – ҷыдала пату зқәаҳҵои, ҳхәыҷқәа ирылаҳааӡои ауасхыр ауп. Ҳамчқәа еибаҳҭар – ауадаҩрақәа зегьы ҳариааиуеит! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аибашьра адәаҿы аихьӡара дуқәа, шәыуацәа рзы аманшәалара. Аҧсадгьыл Ахьчаҩ имш шәадныҳәалазааит зегьы!»

0
Ахҳәаа ыҟам