Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
03:47
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    16 Цәыббра 2022
16.09.2022 22:16
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Абгархықә ақыҭан раԥхьатәи ацхыраара аҭарази амилаҭтә хәмаррақәеи рзы атренинг мҩаԥнагеит

АААК апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны Абгархықә ақыҭа ашколхәыҷқәа рзы 
ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥган, ааԥхьара зырҭаз 
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ Индира Амҷԥҳа далархәны. Ахәыҷқәа 
ирзымҩаԥыргеит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы амастер-классгьы, уи анаҩс 
амультфильмқәеи апроект «Амазара» иалагӡаны иҭыхыз афильми ддырбеит.

https://abaza.org/abk/900

0
16.09.2022 22:02
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Аҭыԥантәи аҟәша аатит Отаԥ ақыҭан.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭыԥантәи аҟәша аатит Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан. Аҟәша напхгара аиҭоит Руслан Кәҭелиа. Аҭыԥантәи аҟәша иалалеит: Сабрина Ҳалуашь, Даҭа Қәҭелиа, Мимоза Кархалаа, Ремзик Адлеиба, Рембо Адлеиба, Виолетта Қәҭелиа, Селма Қәҭелиа, Илона Боџьгәуа, Џьорџь Адлеиба.

0