Амениу
26 Мшаԥы 2024
05:17
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    30 Цәыббра 2022
30.09.2022 22:39
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рзы атурнир «Ахьышьҭра» мҩаԥысит Аҟәа АААК ацхыраарала

Аԥсуа милаҭ спорттә хәмаррақәа рзы атурнир раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Аҟәа. Ари ахҭыс Аԥсны аҳҭнықалақь ахы ақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра иазкын. Ахәмаррақәа ирылахәын агәыԥқәа ԥшьба: ақыҭақәа Дәрыԥшь, Џьгьарда, Ҷлоу, нас Аҟәа ақалақьи рҟынтә 14-16 шықәса зхыҵуа ашколхәыҷқәа рыла ишьақәгылаз. Дара еиндаҭлон ахәмаррақәа хԥа рҟны: «Аимҵакьачара» (ампыласра – азгәаҭа), «Ахылԥахас», «Акьыброу» (аҵәы хәмарра – азгәаҭа).

https://abaza.org/abk/914

0
30.09.2022 22:09
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Владимир Ԥшьеноҟәа дызхагылоу ҟабардатәи аделегациа АААК аофис иаҭааит

Ҟабарда-Балкариа иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Арегионалтә ҟәша ахада, Аконгресс Иреиҳаӡу ахеилак алахәыла Владмир Ԥшьеноҟәа дызхагылоу аделегациа АААК аофис иаҭааит цәыббра 28 рзы. Асасцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә еиҿкаара «1992-1993 шықәсақәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Тимур Шарданов, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Аслан Чегемов, Алихан Хутов.

https://abaza.org/abk/915

0