Амениу
25 Мшаԥы 2024
17:01
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    24 Цәыббра 2022
24.09.2022 21:03
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Аԥсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи адиректор Мзиа Беиа лааԥхьарала Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа рхы аладырхәит Аԥсны Афырхаҵа Алхзур Сулеиманов игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Алхазур Сулеиманов Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага хатәгәаԥхарала Чечентәылантә иааз раԥхьатәи аибашьцәа дреиуоуп.
Цәыббра 23 рзы иара иԥшәмаԥҳәыс Анжела Сулеиманова Амузеи иалҭеит Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихырҵаз аршаҳаҭга, иеибашьыгатә форма, ишашка, Владислав Арӡынба ианеишьахьаз ахьыӡтә тапанча уҳәа егьырҭ ареликвиақәа. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы Алхазур Сулеиманов иԥсҭазаара далҵит. 

0