Амениу
19 Мшаԥы 2024
16:15
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    7 Абҵара 2022
07.11.2022 19:05
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Агәыбедиа ақыҭауаа ирыцхрааит ашьапылампылтә амба иарҭо акаҭеи анапылампылқәеи раахәараҿы

Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа Тҟәарчал араион Агәыбедиа ақыҭа ауааԥсыра ацхыраара рырҭеит. Ақыҭауаа ргәаҳәара инақәыршәаны, иаахәан ашьапылампылқәеи анапылампылқәеи, иара убас амба иарҭо акаҭа.

0
07.11.2022 12:27
Гәыҧ ақыҭа, Аҧсны

АААК раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы атренинг мҩаԥнагеит Гәыԥ ақыҭан

Ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥган Гәыԥтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷԥҳа далархәны. Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит абылраан, ахәахәараан, абаҩԥҵәареи, ашьацареи раан, иара убас ауаҩы ихы амра асзар, ма иԥсы маҷхазар раԥхьатәи ацхыраара шыҟаҵатәу.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК аусзуҩцәа ашкол ҳамҭас иарҭеит ацхыраара лас аҭаразы иаҭаху аԥҭекатә маҭәахәқәа, иара убас ауаҩы аҳақьым иҿы днаӡаанӡа узлаихәаша зныԥшуа аилыркаага.

0