Лента событий ВААК
31 January 2023
31.01.2023 15:45
Гал, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аконгрессаа ашколхәыҷқәа рзанааҭалхра иазку апроект Галтәи аколлеџь аусзуҩцәа аладырхәит.
"Азанааҭалхра" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә активреи рыҟәша аусзуҩцәа Галтәи агуманитартә-ааглыхратә коллеџь анапхгареи арҵаҩцәеи ирԥылеит, уи аусушьа шеиҿкаау иааигәаны ирбарц. АААК апроект хықәкыс иамоуп иреиҳаӡоу апрофессионалтә ҵареи абжьара-занааҭтә ҵареи еиуеиԥшым рхырхарҭақәа ауаа рыларҵәара.
31.01.2023 15:44
Тҟәарчал, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аконгрессаа ашколхәыҷқәа рзанааҭалхра иазку апроект Тҟәарчалтәи аколлеџь аусзуҩцәа аладырхәит.
"Азанааҭалхра" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә активреи рыҟәша аусзуҩцәа Тҟәарчалтәи агуманитартә-ааглыхратә коллеџь анапхгареи арҵаҩцәеи ирԥылеит, уи аусушьа зеиԥшроу еилыркаарц. АААК апроект хықәкыс иамоуп иреиҳаӡоу апрофессионалтә ҵареи абжьара-занааҭтә ҵареи еиуеиԥшым рхырхарҭақәа ауаа рыларҵәара.