Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
02:37
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    9 Жәабран 2024
09.02.2024 16:49
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

"Нарвтәи агәашәқәа рҿы игылоу атеатр" аҟны имҩаҧган "Блокада" зыхьӡу алитература-поезиатә хәылҧазы.

"Нарвтәи агәашәқәа рҿы игылоу атеатр" аҟны имҩаҧган "Блокада" зыхьӡу алитература-поезиатә хәылҧазы. Уи аиҿкаара иалахәын Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгрессгьы. Аспектакль ақәыргылара аҽазыҟаҵараан ахархәара рыҭан аблокада иҭакыз Ленинград ахьчаҩцәа рыӡбахә зҳәо адокументалтә материалқәа: аекран ахь ицәырган аибашьцәа рфотосахьақәеи ргәалашәарақәа зныҧшуа атекстқәеи, рыхьӡ ҳәан Ленинград ахы ақәиҭтәразы еибашьуаз аҧсуааи абазақәеи. 

Ахәаҧшҩцәа рыбжьара иҟан ақалақь зыхьчоз рхылҵгьы. Аусмҩаҧгатә хықәкыс иаман Ленинград аблокада ианҭакыз аамҭазы ажәларқәа шеидгылаз адырбара. Аспектакль ахаҭа мҩаҧысит аблокада аҧыхра 80 шықәса ахыҵра инадҳәаланы еиқәыршәоу афедералтә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Ленинград акәша-мыкәша иҭахаз аҧсуа еибашьцәа ргәалашәара еиқәырхоуп 2004 шықәсазы Ленинград зыхьчоз Аҧсны аҵеицәа ирызкны ахаҳә ықәыргыланы иахьҧшьаз Пискаревтәи аҧсыжырҭаҿы. 
Ленинград ахьчара иалахәын 600-ҩык инареиҳаны Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рыбжьара иҟан аҧырҩцәа, атанкистцәа, артиллеристцәа, амшын аҿы еибашьуаз аруаа, уҳәа убас егьырҭгьы.

0