Амениу
27 Ԥхынгәы 2024
02:31
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    27 Жәабран 2024
27.02.2024 18:14
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль алахәҩцәа дырҧылеит.

Аминистрцәа Реилазаара аилатәарҭаҿы, Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи аҿари реиҧылара. Аиҧылара еиҿнакааит аҿари аспорти русқәа рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аусмҩаҧгатә аҿы иалацәажәон Аҧсны еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы ахалархәразы иамоу алшарақәа. Урҭ аицлабрақәа рахь иаҵанакуеит ҳазҭоу 2024 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу БРИКС атәылақәа Рыхәмаррақәеи, Адунеизегьтәи аиҩызара ахәмаррақәеи. Иара убасгьы аилатәараҿы иалацәажәеит имҩаҧысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҿы Аҧснытәи адилегациа алахәхара. 

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс алоуп Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Аиҿкааратә еилакы. Уи мҩаҧгахоит хәажәкырамза 1 инаркны 7 рҟынӡа, афедералтә ҵакырадгьыл "Сириус" аҿы. 

Имҩаҧысраны иҟоу афестиваль иазкыз ажәахә  ҟаиҵеит аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы, Аиҿкааратә еилакы алахәҩы Валери Берзениа.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еизоит абизнес, амедиа, жәларбжьаратәи аусеицура, акультура, аҭҵаарадырра, аҵара, абаҩрҵәыра уҳәа ауаажәларратә ҧсҭазаара егьырҭ аҟәшақәа рахь иаҵанакуа 20 000-ҩык Урыстәылеи уи анҭыҵи рыҟнытә аҧыза ҿарацәа. Аҧснынтәи афестиваль ахь идәықәҵахоит 100-ҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыра. Уи агәыҧ иалоу рахь иаҵанакуеит АААК аусзуҩцәа Валери Берзениеи Херсон Симониеи. Анаҩс, хәажәкырамза 10 инаркны 17 рҟынӡа ихацыркхоит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль арегионалтә программа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәҩцәа ирылшоит Урыстәыла ақалақь дуқәа 30 рыҟнытә руак иаҭааны, хымш Москва аангылара.

0