Амениу
28 Ԥхынгәы 2025
17:46
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    1 Рашәара 2025
01.06.2025 17:11
Тҟәарчал, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аччаҧшьи абла гәыразқәеи: АААК Тҟәарчал еиҿнакааит ахәыҷтәы ныҳәа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтински ақалақь аҟнытә иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» Урыстәыла Ахада игрантқәа рфонд аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны Тҟәарчал ақалақь аҟны еиҿыркааит ахәыҷтәы ныҳәа. Ари ахҭыс азкын ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш. 

Аниматорцәа злахәыз амузыкатә программа лахҿых, излоу абамба, «ашәақәтә хәылҧазы» абарҭқәа зегьы рыбзоурала ахәыҷқәа рнаҩсан, урҭ рҭаацәагьы даара ргәалаҟазаара шьҭыҵит. Ахәыҷқәа гәахәарала ихәмаруан, икәашон, ишәаҳәон. Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭазы ахәыҷқәа ирзыршеит аҳамҭа злақәа.

Иара убасгьы аныҳәа аиҿкаара иадгылеит ауаажәларратә еиҿкаара «Ҧхьаҟатәи Аҧсны». Иҟарҵаз аматериалтә цхырааразы иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп аиҿкаара ахантәаҩы Елена Маанҧҳаи ахантәаҩы лхаҭыҧуаҩ Асҭанда Оҭырҧҳаи.

Video Player is loading.
Current Time 0:00
Duration 0:00
Loaded: 0.00%
Stream Type LIVE
Remaining Time 0:00
 
1x
+5
0