Амениу
14 Ԥхынҷкәын 2025
15:59
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    29 Ԥхынгәы 2025
29.07.2025 14:36
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аофис аҿы имҩаҧыргеит астол гьежь. 

Атәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраара зауз апроект «Икоммерциатәым аиҿкаарақәа рызҳарҭа: Аҧсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә ҧшьгамҭақәа руаажәларратә центри» Ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси» рыцхыраарала имҩаҧысит «Икоммерциатәым аиҿкаарақәеи аҿартә ҧшьгамҭақәеи рыдгылара» ҳәа хьӡыс измаз астол гьежь. 

Астол гьежь аҿы иалацәажәон:
•⁠  ⁠ауаажәларратә ҧшьгамҭақәа рыҿиареи рыдгылареи ирзынархоу аицлабрақәа (атәыла Ахада игрантқәа рфонд, Росмолодежь уҳәа)
•⁠  ⁠Агранттә еицлабрақәа рахь азыҳәанҵа азырхиашьеи алаҵашьеи
•⁠  ⁠Азыҳәанҵақәа ргәаҭара шымҩаҧысуа.
 
Астол гьежь еиҿкаан зых иақәиҭыз аицәажәаратә формат ала. Еиҳараӡакгьы ирзааҭгылеит ауадаҩра цәырызго азҵаарақәеи урҭ рыӡбашьеи.

0
29.07.2025 14:28
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыҧ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Тарас Шамба ибаҟа амҵан

АААК агәыҧ ахы аланархәит ауаажәларра-политикатә усзуҩы, ҳаҭыр зқәу АААК апрезидент Тарас Шамба ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. Тарас Шамба 25 шықәса инареиҳаны хадара азиуан аҧсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи акогресс, иџьабаа дууп адунеи иалаҧсоу аҧсуа-абаза диаспора аидкылараҿы. Иахьа иҧсы ҭазар 87 шықәса ихыҵуан.

0