Алиса Гыцԥҳа излалԥхьаӡо ала, амузыкахь илымоу агәыбылра раԥхьаӡа иргыланы изыбзоуроу лҭаацәа роуп: лҭаацәа зегьы –лани, лаби, лаҳәшьцәеи – амузыкатә баҩхатәра змоу уаауп. Ԥхынҷқәын 5 рзы ашәаҳәаҩ лымшира азгәалҭоит. Абри арыцхә инадҳәаланы АААК аинформациатә портал иазнархиеит артитска лыԥсҭазаареи лашәаҳәаратә кариереи ирызку аочерк.
Арифа Қапԥҳа
Уаала иҭәу Аԥсуа драматә театр азал. Асценаҿы иқәдыргылеит акыраамҭа анонс ззыруаз Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр апремиера – аспектакль «Қьалышьбеи». Аԥарда аныларышьҭ ашьҭахь – ахәаԥшцәа зегь рнапеинҟьабжь акыраамҭа еиԥхьбомызт, иҭабуп ҳәа рарҳәон аспектакль актиорцәа, уи авторцәа, ҳәарада, уи ықәзыргылаз арежиссиргьы – Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба. Ус иаалырҟьаны актәи арад аҿы игылаз ахәаԥшцәа рыбжьара арежиссиор илаԥш лықәшәоит иԥҳа Алиса: лара уи аҽны апремиера лҽақәлыршәарц Москвантә дшаауаз издыруамызт, уи ҳамҭак изаҩызахеит.
Лара дмаар лгәы иауамызт. Хыԥхьаӡара рацәала апремиерақәа зыԥсҭазаараҿы иҟалахьоу аоператә шәаҳәаҩы ибзиаӡаны илдыруеит, арежиссиор, ма артист изы даара акыр шаҵанакуа иизгәакьоу, бзиа иибо ауаа актәи арадқәа рҿы иантәоу.
Атеатри амузыкеи рыла иҭәыз ахәыҷра
«Ҳара еснагь атеатр ҳаҭаауан. Саб дызлахәыз ақәыргыламҭақәа зегьы гәырӷьаратә хҭысын ҳҭаацәара рзы. Атеатр ахь ҳныҟәарақәа рхатә традициақәа шьҭырхуа иалагеит – аспектакль анынҵәалак ашьҭахь Аҟәатәи аԥшаҳәа ҳақәланы акәын аҩныҟа ҳшаауаз, избан акәзар, аԥшаҳәаҿы асасаарҭа «Абхазия» аус анауаз, уи аҵаҟа иҟан акафе, ақлақь аҿы зегь реиҳа ихааз аршәы ахьырҭиуаз убра акәын. Аԥшаҳәа сықәсны снеиааиуа, убра снеины аршәы агьама сымбар, ма каҳуак снаҿымхәар – аныҳәатә гәалаҟара исоуз ԥхасҭахар ауан. Абас еиԥш, иуҳәар ауазар, аритуалқәа ҳаман. Схәыҷраҟынтә абарҭ аепизодқәа анысгәалашәо, уажәшьҭа еилыскаауеит шаҟа ииашаз убри зегьы, убарҭ «аритуалқәа» рылагьы атеатри аҟазареи ргәыбылра ҳдыркуан», – ҳәа насыԥла иҭәыз Аҟәатәи лхәыҷра лгәалалыршәоит Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҿаԥсазтәыз артистка, аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа.
Лара диит ԥхынҷкәын 5, 1970 шықәсазы Аԥсуа драматә театр актиор Шьалуа Гыцба иҭаацәараҿы. Ашәаҳәарахь агәыбылреи абжьыи шьҭрала илоуит ҳәа лыԥхьаӡоит Алиса, избанзар аҭаацәараҿы зегьы – лани, лаби, лаҳшьцәеи рыбжьқәа бзиоуп, ашәаҳәара иазҟазоуп.
Заԥхьаҟа иартисткахараны иҟаз Алиса, Аҟәа имҩаԥысыз лхәыҷра ашықәсқәа раан ашәа лҳәон Апионерцәа рхан аҟны еиҿкааз аинтернационалтә хор аҟны. Асолоқәа налыгӡон Алиса лаҳәшьа, лара лхаҭа ахор далан. Жәлар рашәақәа рынахыс ахор аклассикагьы рҳәон. Алиса еиҭалҳәоит, раԥхьаӡа акәны Перголези иаԥҵамҭа Stabat Mater ахьлаҳаз убри ахор аҟноуп ҳәа. Уажәы солисткак лаҳасабала ари арҿиамҭа аныналыгӡо еснагь илгәалашәоит даныхәыҷызтәи лрепетициақәа.
Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы Алиса Гыцԥҳа авокал азы рҵаҩыс длыман еицырдыруаз арҵаҩы Жозефина Бумбуриди. 1989 шықәсазы лара аҵараиурҭа далгеит «Амузыкаа атеориа» акласс ала, дагьҭалеит Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә академиа, «Асолотә академиатә шәаҳәара» акласс ала, апрофессор Шильникова лҟны. Раԥхьатәи аоператә партиақәа лҳәеит академиа иатәыз аоператә студиаҟны, уахь иаҵанакуеит:
Керубино – Моцарт ирҿиамҭа «Фигаро иԥҳәысаагара» аҟынтә, Татиана лпартиа Чаиковски иопера «Евгени Онегин» аҟынтә, уҳәа убас егьырҭ зынӡа еиуеиԥшымыз апартиақәа.
Геликон зыҩнаҭахаз
1992 шықәса аҵак ҷыда аман ашәаҳәаҩ лзы, убасҟан лара дрыдыркылеит москватәи атеатр «Геликон-опера» атруппахь, иахьа уажәраанӡагьы араҟа аус луеит. Агазеҭ «Аргументы недели» иалҭаз аинтервиу аҟны Алиса Гыцԥҳа илҳәоит, «Геликони» лареи реибадырра шыҟалахьаз лара уи атеатр ахь аусуразы лнеира акырӡа шыбжьаз.
Ҽнак зны ахәаԥшҩык лаҳасабала илбеит уи атеатр агәараҿы иқәдыргылоз, еицырдыруаз Леонкавалло испектакль «Паяцы». «Артистцәа хазынақәа хәмаруан усҟан, – ҳәа лгәалалыршәоит Гыцԥҳа, – раԥхьаӡа акәны рыбжьқәа саҳаит Вадик Заплечныи, Лена Качура, Сергеи Иаковлев. Избаз, исаҳаз зегьы саршанхеит. Акыргьы ихьҭан, аха ауаа еимпуамызт. Ахәаԥшцәагьы аспектакль иалахәызшәа рхы рбон, убас уҟанаҵон иара ахаҭа. Уи нахыс абри атеатр наунагӡа бзиа избеит».
«Гелиоконаа» зегьы рзы ихҭыс духеит ааигәа иҟалаз атеатр ахыбра арҿыцра.
«Сара даара сеигәырӷьоит ҳтеатр ахыбра ҿыц ахьаиуз, уажәшьҭа ҳасцена ҿыц техникала ишьахәны еиқәыршәоуп, арепертуаргьы аҽарҿыцит. Аҵыхәтәантәы ҩ-сезонк раахыс урҭ апремиерақәа саргьы срылахәуп, – ҳәа азгәалҭоит Гыцԥҳа. – Уахь иаҵанакуеит Турандот лпартиа, ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы иқәыргылаз Џьакомо Пуччини иопера «Турандот» аҟны. Аоркестр напхгара аиҭон ҳметр хазынахә, аҳәаанырцәтәи аоркестрқәа лассы-лассы ааԥхьара зырҭо адирижиор, иахьазы длегендоуп ҳәа ззыуҳәаша амузыкалтә гениқәа рабиԥарахь иаҵанакуа – Урыстәыла жәлар рартист Владимир Федосеев».
«Геликон» асолистка аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыбжьара акрызҵазкуа лрольқәа рахь иаҵанакуеит иара убас Леонора лроль Џьузеппе Верди иопера «Трубадур» аҟны, иара убас еизаку ҩ-рольк Лизеи Прилепеи ртәқәа, Чаиковски иқәыргыламҭа «Пиковая дама» аҟны. Аҩ-премиерак режиссиорс дрымоуп «Геликон» асахьаркыратә напхгаҩы Дмитри Бертман. «Трубадур» апремиера аан дирижиорс дыҟан иқәыԥшу, аха Европа зыхьӡ рылаҵәахьоу аиспан дирижиор Оливер Диас, уи аус ицура Алиса «насыԥ дус» илыԥхьаӡоит.
Асопрано бжьы зхоу Алиса Гыцԥҳа лрепертуар аҟны иҟоуп апартиақәа рацәаны. Урҭ рахьтә италиатәи акомпозитор Џьузеппе Верди иаԥҵамҭақәа рҟынтә: Аида лпартиа аопера «Аида» аҟынтә, Виолетта лпартиа «Травиата» аҟынтә, леди Макбет лпартиа «Макбет» аҟынтә; иара убас Чаиковски иопера «Пиковая дама» аҟны Лиза лпартиа, Ианачек иаԥҵамҭа «Средства Макропулоса» аҟны Емилиа Марти лпартиа, Мадам Лидуан – Пуленк иопера «Диалоги кармелиток» аҟнытә, Антониа – Оффенбах иаԥҵамҭа «Сказки Гофмана» аҟнытә уҳәа убас иҵегь.
«Уи ароль сызсыдымкылеит»
Аха арольқәа зегьгьы дрықәшаҳаҭхаӡом артистка.
«Иҟан рольқәак, мап зцәыскхьазгьы, – ҳәа еиҭалҳәоит Гыцԥҳа, – ҳәарада, уи ҳсахьаркыратә напхгаҩы игәаԥхомызт, уи амшала аимакқәа ҳауан, аха иҟасҵоз, зроль насыгӡараны иҟоу дысзеилымкаауазар? Иаҳҳәап, Катерина Измаилова «Леди Макбет Мценского уезда» аҟынтә (Дмитри Шостакович иопера Николаи Лесков иповест ала – аред.), дсызсыдымкылаӡеит, дысзеилымкааӡеит, иухшаз ухәыҷы дышԥаушьуеи?»
Аамҭак ашьҭахь Дмитри Бертман иқәиргылаз ари аспектакль иагеит Урыстәыла апрестиж ду змоу атеатртә премиа «Маска» аноминациа хадақәа. Апремиа ланаршьеит аопераҿы ароль хада назыгӡоз Анна Казаковагьы. Уи ашьҭахь, Дмитри Бертман ҩаԥхьа Алиса длыҳәеит, хымԥада ақәыргыламҭа дахәаԥшырц, дагьахәаԥшит лара, лсахьаркыратә напхгаҩгьы иалҳәеит, аоперагьы апартиа хада анагӡашьагьы шыссирӡаз, аха зегь акоуп, лара лхы уи ароль аҟны ишылымбо.
Алиса Гыцԥҳа иналыгӡахьоу апартиақәа рҟынтә реиҳа иалылкаауа ҳәа акгьы ыҟаӡам, избанзар урҭ зегьы гәыкала дырзыҟоуп.
«Апартиа ҳәа изышьҭоу анотақәа роуп. Егьи зегьы – ароль ауп, уи уалашҩыкроуп, угәы-уԥсы ирыҵганы иуҵароуп. Ахаҿсахьа шааурԥшыша уазхәыцуеит, нас уи агәыблыра укуеит. Агызмал Макбет лакәзаргьы, акала лхымҩаԥгашьа уриашоит ҳәа уалагоит, уаҩԥсҵас дуҭаххоит. Иаҳҳәап, убыржәы исазҵаар, реиҳа ибгәаԥхода Аида лакәу леди Макбет лакәу ҳәа, аҭак сзыҟаҵаӡом. Аида дфырԥҳәызбоуп, бзиа илбо ихьӡала лхы ҭалырхоит, леди Макбет лакәзар – бзиа илбо ашьра илыруеит, даҳкәажәхарц, амчра лнапаҿы иҟаларц азы. Аха нас дахьхәуеит, акатарсис дҭагылоит. Ацәа даланы дахьныҟәо асценаҿы ҿыцымҭала лыԥсҭазаара зегь лхылгоит. Нас убарҭ рахьтә иаҳа иалыскаауада? Сыздырӡом. Аҩыџьагь интересуп сара сзы», – ҳәа еиҭалҳеит Алиса Гыцԥҳа, Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҟны.
Аоператә партиақәа рынахысгьы, ашәаҳәаҩ лрепертуар иалоуп акамертә музыка аҿырԥштәқәа маҷымкәа: еицырдыруа аурыс, аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа рашәақәеи рромансқәеи – Глинка, Мусоргски, Рахманинов, Шуберт, Шуман, Брамс, Лист, Дебиусси, Равель уҳәа убас ирацәаҩны. Асахьаркыратә стильқәа ртәы ҳҳәозар, Алиса Гыцԥҳа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟын лхы ԥылшәахьеит – абарокко инаркны аҩажәатәи ашәышықәса авангардтә музыка аҟынӡа. «Атеатр аҟны сусура анахысгьы, еиуеиԥшым аконцерттә программақәа срылахәхартә алшара ахьсымоу насыԥс исыԥхьаӡоит, Москва ақалақь аҟнеиԥш, Урыстәыла егьырҭ ақалақьқәа рҟынгьы, аҳәаанырцәгьы, – ҳәа еиҭалҳәоит Гыцԥҳа. – Сара аус лыцызуеит апианистка ҟаимаҭ, москватәи аконсерваториа апрофессор Светлана Бондаренко. Лареи сареи ҳаибадырра амузыкеи авокали рганахьала сыҿиараҿы исынаҭаз даара ирацәоуп».
Лкариера иалагӡаны Алиса Гыцԥҳа аус рыцлухьеит иреиӷьӡоу амузыка адунеи ахаҭарнакцәа аӡәырҩы. Урҭ дыруаӡәкын еицырдыруаз Бырзентәылатәи, Урыстәылатәи адирижиор Теодор Курентзис. 2009 шықәсазы Алиса далахәын ҳаамҭазтәи аурыс композитор Алексеи Сиумак иопера «Станциа» жәларбжьаратәи апремиера, ҳаамҭазтәи аҟазара афестиваль «Территория» аҟны ицәыргаз, ари ақәыргыламҭа дирижиорс даман Курентзис, режиссиорс дҟын Кирилл Серебренников.
«Курентзис аус ицура – гәахәара дууп, — лҳәеит Алиса Гыцԥҳа Аԥсуа телехәаԥшра иалҭаз аинтервиу аҟны. — Аниунасқәа инҭырҳәцааны дрызнеиуеит, амузыка иазнеишьа ҵаӷаӡоуп, ифортиссимо уеиланагап, аҭыӡқәа хыџ-хыџуама уҳәо иҟоуп, апианиссимо акәзар, улымҳа алокатор еиԥш иҵарызароуп, уи уаҳарц – убри аҟара ибеиоуп идинамикатә палитра. Абас зылшо адирижиорцәа даара имаҷуп».
Илызгәакьоу аҭыӡқәа
Алиса Гыцԥҳа Урстәылеи уи анҭыҵи аконцертқәа рацәаны ирылҭоит. Еиуеиԥшым асценақәеи амузыкатә театрқәеи рҟны иқәгыло Алиса Гыцԥҳа лзы зегь иреиҳау агәыхыҭхыҭреи аҭакԥхықәра дуи зцу лыԥсадгьыл Аԥсны имҩаԥылго аконцертқәа роуп ҳәа лыԥхьаӡоит.
Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҟны иазгәалҭоит: «Асценахь ақәлара ианакәзаалак агәыхыҭхыҭра рацәаны иацуп, избанзар иахьынӡаулшо ибзиаӡаны уқәгылар уҭахуп, иулоу зегь ааурԥшыр уҭахуп. Ахәаԥшцәа ргәыблыра укыр уҭаххоит, угәы рзаауртуеит. Уи еснагь иҟоуп, сконцертқәа зегьы рҿы. Аха аҩныҟа санаауа убри ацәанырра шәынтә рыла иазҳауеит, избанзар, исызгәакьоу аҭыӡқәа рҿы сахьықәгыло азы мацара акәӡам, арахь иааиуеит исыцызҳауаз зегьы, сара сеизҳара иацклаԥшуа, сеихьӡарақәа гәазҭо, исызгәдуу, акритика иаша сазҳәо, бзиа сызбо ауаа, аха убри аангьы иргәамԥхо ак ыҟазар – иаахтны исазҳәо. Зегь рыла сҭызҵаауа. Сара уи зегь здыруеит, убри азоуп аратәи сконцертқәа еснагь ҭакԥхықәра дула сызрызнеиуа, саргьы еиҳа еиӷьны сазыҟаҵазароуп».
Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа еснагь ҳаҭырқәҵарала дрызнеиуеит лыԥсадгьыл аҭоурых аҿы игәаларшәагоу арыцхәқәа, игәырӷьахәу роума, илахьеиқәҵагоу роума. 2013 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы имҩаԥысыз Марттәи ажәылара 20 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы Џьузеппе Верди «и-Реквием» анагӡара аԥшьгаҩцәа дыруаӡәкуп Алиса Гыцԥҳа.
«Аиааира – гәырӷьара мацарам. Уи аагаразы иҭахоит ауаа, убри аҟнытә аиааира еснагь аџьабарагьы ацуп. «Реквием» рызкуп ари аибашьраҿы иҭахаз зегьы, аибашьцәагьы, хара здымкәа аибашьра амца иахәхазгьы, зыуацәеи зҩызцәеи зцәыӡны иаанхазгьы. Requiem aeternam... Хашҭра шәықәымзааит! Шәаҳгәалашәоит, пату ақәаҳҵоит шәгәалашәара, ишәзаҳкуеит италиатәи акомпозитор ду Џьузеппе Верди иаԥиҵаз иссирӡоу, игәыҭшьаагоу амузыка», – абарҭ ажәақәа рыла иаалыртит уи марттәи ахәылԥаз Алиса Гыцԥҳа.
«Реквием» амҽхак даара идуун. Уи анагӡара иалахәын академиатә хор Ду «Мастера хорового пения», Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқаратә консерваториа Акамертә хор, асолистцәа аккомпанемент рзыҟарҵон Шәачатәи амуниципалтә симфоноиатә оркестри, Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри. Аконцерт аҟны солистцәас иҟан Алиса Гыцԥҳа, Санкт-Петербургтәи афилармониа асолистка Лиудмила Борисова, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асолист Нажмиддин Мавлиаев, иара убас Астрахантәи аҳәынҭқарратә аопереи абалети ртеатр асолист Максим Пали.
Аԥсны ихадоу асценаҿы «Реквиема» анагӡара – иҵабыргыҵәҟьаны культуратә хҭыс духеит, уи ргәаҵанӡа инеит афилармониаҿы итәаз ахәаԥшцәа реиԥш, ишиашоу ицоз аефир ала аконцерт збоз ателехәаԥшцәагьы.
Акыршықәса раахыс Алиса лҭаацәеи лареи Москва инхоит. Ари ақлақь бзиа илбеит ашәаҳәаҩ, аҩбатәи лыҩнеиԥш дазыҟоуп. «Араҟа анхара маншәалоуп, бзиа избо аус гәыкала сҽасҭартә сахьыҟоу сеигәырӷьоит, музыкантк лаҳасабала сеизҳаразы алшарақәа ыҟоуп, аинтерес зҵоу аконцертқәеи ақәыргыламҭақәеи сырҭаауеит, доуҳала сеизҳауеит. Ҳџьынџьуаагьы еснагь срымадоуп, Москватәи аԥсуа диаспореи Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи еиҿыркаауа аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны», – ҳәа азгәалҭоит Алиса Гыцԥҳа.
Ашәаҳәаҩ инеиԥынкыланы Аԥсны днымхоижьҭеи акыраамҭа шыҵуагьы, ара имҩаԥысуа акультуратә, аполитикатә хҭысқәа еснагь дрызҿлымҳауп. Лыԥсадгьыл ахь Аԥсныҟа мышкызны нхара дгьежьуама ҳәа ианлазҵаауа, «иҟалап, схынҳәыргьы» лҳәоит.
Алиса Гыцԥҳа лҭаацәараҿы ирызҳауеит амузыкатә баҩхатәра змоу аԥеи аԥҳаи, лыԥшәма – амузыкант ипрофессионалтә гәаанагарагьы Алиса лзы еснагь аҵак ҷыда амоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.