Анхацәа рҭааҵәара иалҵыз аҷкәын, зқыҭа гәакьа иазкны ажәеинраалақәа зыҩуаз, аԥҵамҭа дуқәа иравтору иналукааша шәҟәыҩҩхеит. Баграт Шьынқәба ииашаҵәҟьаны ауаа деицырдыруа дҟалеит, еицырдыруаз ауаагьы ҩызцәас иман, аха ус шакәызгьы иажәа зегьы ргәаҵанӡа инеиуан, инеиуеит иахьагьы – жәлар рпоет ишихәҭоу еиԥшҵәҟьа.
Арифа Қапԥҳа
Баграт Шьынқәба диит 1917 шықәса, лаҵарамза 12 рзы, аԥсуа қыҭа Ҷлоу, Лаганиахә аҳаблаҟны. Апоет иабду Жьажьа, XIX ашәышықәсазы аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа ихҵәаны ианахыргоз, Аԥсны инхақәаз дыруаӡәкын. Иҭаацәареи иареи рыԥсадгьылаҿ анхара рылшеит, анаҩсгьы, ибзоурала иуацәа аӡәырҩы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ирхынҳәын.
Ахәыҷреи ақәыԥшреи
Баграт Уасил-иԥа даныхәыҷыз, маӡала аӡы дӡаахын: абрыла ианду лашьа гәакьа апап Бахәа Какалиа аӡы дӡааихит (Асовет мчра ашықәсқәа раан, ари аҩыза аусмҩаԥгатәқәа ауахәамақәа рыҟны маӡала акәын ишымҩаԥыргоз – аред.).
Баграт раԥхьа аҵара иҵон Ҷлоутәи ашкол аҿы, анаҩс быжьклассктәи Џьгьардатәи ашкол аҟны. 14 шықәса анихыҵуаз дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум, уаҟа аҵара лҵон иаҳәшьеиҳабгьы: рани раби ирыӡбеит, аҩыџьагьы ҵараиурҭак еицҭазар еиҳа ирзыманшәалахап ҳәа. Атехникум аҿы, апоет имоҭа Леуан Миқаа иажәақәа рыла, раԥхьатәи амузыка аурок аҟны, Шьынқәба амузыкатә ҟыбаҩ ҷыда шилаз гәарҭеит.
«Уаҟа еицырдыруа аскрипкарҳәаҩыс дҟалоит ҳәа агәра ганы иҟан, аскрипкагьы ирҭеит, – ҳәа еиҭеиҳәоит Миқаа. – Аха дахьынхоз азеиԥшнхырҭа аҟны ицынхоз аҷкәынцәа аскрипка ԥырҽит, иара уи дацәыԥхашьаны аскрипка арҳәара аурокқәа рахь аныҟәара даҟәыҵит. Сабду лафны иҳәалон, искрипка усҟан иԥырымҽызҭгьы, еицырдыруа аскрипкарҳәаҩыс дҟалар ауан ҳәа».
Баграт Шьынқәба дмузыкантымхеит, аха амузыкахь имаз абзиабара иԥсҭазаара зегьы иагәылганы иааигон, ихаҭа иаирҳәон жәлар рмузыкатә арҳәага – аԥхьарца. Уантәи ауп иахьаауагьы, иажәеинраалқәа ирыҵоу амелодиа. Баграт Шьынқәба иҩнаҭа еснагь ирыман амузыка арҳәагақәа, бзиа ибон аклассикатә музыка, жәлар рашәақәа. Ҷыдала бзиа ибон аопера, уигьы уамашәа иубаратәы иҟам, избан акәзар, Миқаа иажәақәа рыла «аԥсуа традициатә ԥсҭазаареи, ахдырреи – опероуп». Амоҭа убасгьы игәалашәоит, Баграт Уасил-иԥа дшахаану иналукааша аопертә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа лыеҵәахә ацәырҵра, уи илылоу абаҩхатәра иҳаракны ахә ишьон. Иареи лареи еиқәшәахьан, ашәҟәқәагьы ҳамҭас илиҭахьан.
Амузыкоуп изыдҳәалазгьы Баграт қәыԥш иԥсҭазаараҿы акрызҵазкуаз ахҭыс аҟалара. Қырҭтәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Симон Николаи-иԥа Џьанашьиа Аҟәа даныҟаз ҽнак зны, амузыка аԥҵаҩы Иван Лакрба – ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба иашьа – ачамгәыр аҟны изаирҳәеит апоет қәыԥш Баграт Шьынқәба иажәеинраала «Амҳаџьырцәа ргарашәа» ала иаԥҵаз ашәак. Уи ашәа академик даараӡа игәаԥхеит, ашәа атекст зныз ақьаад аҟынгьы абас ианиҵеит: «Ашәа даараӡа ибзиоуп, иаҭахқәо иреиуоуп, ҳәарада, иҳәалатәуп».
«Ишыҟаҵәҟьоу иуҳәозар, Асовет Еидгыла ауаа дуқәа руаӡәк иҟынтә апоет қәыԥш иоуит карт-бланш, – еиҭеиҳәоит Леуан Миқаа, – Џьанашьиа убарҭ ажәеинраалақәа ибзианы иахьидикылаз сабду амҩа изаанартит: убри аамҭа инаркны, анаҩсгьы, Симон Николаи-иԥа Џьанашьиа ахылаԥшра ииҭон».
Уи ашьҭахь Баграт Шьынқәбеи аԥсуа интеллигенциа ҿарацәа гәыԥҩыки ҭалоит Қарҭтәи алингвистикатә институт аспирантура.
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аналага, Шьынқәба иқәлацәа реиҳараҩык афронт ахь иааԥхьан. Ари аус иҽалигалеит Симон Џьанашьиа, уи агәра ганы дыҟан: абаҩхатәра злоу аспирантцәа афронт ишацәыхьчатәу. Уахь иаҵанкит Баграт Шьынқәбеи Шьалуа Инал- иԥеи (иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, алитератураҭҵааҩы – аред.), Гьаргь Ӡиӡариеи (асовет ҳәынҭқарратә аусзуҩы, аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы-кавказҭҵааҩы – аред.).
Ус шакәызгьы, Баграт длакҩакуан ҳәа игәалашәоит Леуан Миқаа. 1940 шықәсазы џьара иԥыхьашәеит «Аруаҩ иԥҟаԥҵәа» атекст, уа ианын аррамаҵуарахь ишнармыԥхьо зықәра акыр инеихьоу ани аби рԥа заҵәы. Убас ала, «Ар Ҟаԥшь» ахь днаԥхьамызт. Анаҩс, аспирантура ҟалеит, уи, ҳәарада, еиҳа игәы арҭынчит.
Аспирантура даналга ашьҭахь, Баграт Шьынқәба иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны аусура далагоит. 1945 шықәсазы аԥсуа ажәахырҿиаарала ихьчоит акандидаттә диссертациа, уаҟа даара аинтерес ӡҵоу алкаақәа ҟаҵан. Иаҳҳәап, ажәа «алаӷырӡ» аетимологиа еилырго, абри афраза «ала иаӷроу аӡы» аҟынтәи иааигоит.
«Раԥхьатәи ашәақәа»
Баграт Шьынқәба раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥхь рбоит 1935 шықәсазы: апоет қәыԥш 18 шықәса заҵәык роуп ихыҵуа, аха ажәеинраалақәа рыҩра далагеижьҭеи хәыҷык ҵуеит. Иҩуеит ихаҭа, еиҭеигоит аклассик дуцәа. Афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Кәаӷәаниа иажәақәа рыла, еицырдыруа алитератураҭҵааратә тезис – апоезиа аиҭагара ауӡом ҳәа зҳәо, Шьынқәба дықәныҟәомызт. Убас, 17 шықәса зхыҵуаз аҷкәын, ишьахәны аԥсшәахь еиҭеигоит Пушкин иажәеинраала «Ашәҭ». Анаҩс, иара еиҭеигон Гиоте, Геине, Баирон уҳәа убас егьырҭгьы апоет дуқәа раԥҵамҭақәа (ателеканал «Абаза» аинтервиу аҟнытә - аред.).
Раԥхьатәи аизга (1938 ш.), «Раԥхьатәи ашәақәа» ҳәа хьӡыс измаз аҭыҵра инаркны еилкаахеит автор ишилоу аӡәгьы иламҩашьо апоезиатә баҩхатәра. Ари аизга ианылаз ажәеинраалқәа реиҳарак, Шьынқәба иҩит 13-20 шықәса анихыҵуаз аамҭазы. Иахьазы, урҭ аԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу апоезиатә аԥҵамҭақәас иԥхьаӡоуп, иаҳҳәап – «Аԥхыӡ», «Кәафҭа шкәакәа», Шьардаамҭа», «Амҳаџьырцәа ргарашәа».
Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иажәақәа рыла, Баграт Шьынқәба илан апоезиатә ҟазара дуӡӡа: «Ирҿиараҿы инарҵауланы иааирԥшит аԥсуа бызшәа иаҵоу аԥшӡареи, ашьҭыбжьқәа рбеиареи. Иара иажәеинраалақәа рҿы ажәа лыԥшаахла дазышәаҳәеит иԥсадгьыл Аԥсны адоуҳа, ижәлар рдоуҳа, игәы-иԥсы рҿынтә иаауаз ашәала».
Шьынқәба илитературатә баҩхатәра аамҭа цацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа еизҳауан, аҽарҭбаауан. Ажәеинраалақәа рыдагьы иҩуа далагоит абалладақәа, апоемақәа, жәлар рфырхаҵа Кьахь Ҳаџьараҭ изку иажәеинраалоу ироман «Ахра ашәа» акәзар, аԥсуа ԥхьаҩцәа даара ргәы иақәшәеит, иахьанӡагьы бзиа еицырбо арҿиамҭақәа ируакуп, акртикцәагьы ари ароман бзианы ирыдыркылеит. Абри арҿиамҭоуп шьаҭас иаиуз 1975 шықәсазы Довженко ихьӡ зху акиностудиа иҭнажьыз асахьаркыратә фильм «Хҭырԥа шкәакәа».
Уи ахра ахьыҵәцара гарас измаз,
Уи афырҭын-анаатә згара арҵысуаз,
Гарашәас измаӡаз арҩаш абжьы,
Шарԥыеҵәа зҿалашоз есшьыжьы,
Абас ахра иалиааз ахреиԥш дыӷәӷәоуп,
Мчы дазынкылом, гәыла дыџьбароуп!
(Ароман «Ахра ашәа» аҟынтә ацыԥҵәаха)
Ихадоу ароман
Шьынқәба апрозахь акыр ихьшәаны диасит уҳәар ауеит, 60-тәи ашықәсқәа раан. Ашәҟәыҩҩы акрызҵазкуа ипрозатә ҩымҭақәа ирхыԥхьаӡалатәуп иавтобиографиатә роман «Ахаҳә еиҩса». Ароман иаанарԥшуа ахҭысқәа мҩаԥысуеит XX-тәи ашәышықәса раԥхьатәи ажәашықәсақәа раан, фырхаҵа хадас далоуп арԥыс хәыҷы Лаган. Ашәҟәыҩҩы иааирԥшуеит ибзиаӡаны иидыруа аҭыԥқәа, ибзианы дызхаану аамҭа, аха иара убри аамҭазы дзызгәакьоу иԥсадгьыл аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши дрызхьаԥшуеит.
Баграт Шьынқәба ихадоу ипрозатә ҩымҭаны иҟалеит хы-хәҭак рыла ишьақәгылоу аҭоурыхтә-философиатә роман «Ацынҵәарах». Адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоу (ҩынҩажәа бызшәа раҟара – аред.) ари ароман раԥхьаӡа акәны ажурнал «Алашара» аҟны икьыԥхьын 1974 шықәсазы.
Ароман афырхаҵа хада Заурҟан Золак иоуп ицынҵәараху – адунеи зышьҭа анырхыз аубых жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак. Шьынқәба ироман аҟны жәларык рытрагедиа ду ааирԥшуеит, Кавказ аҭоурых иадҳәалоу акрызҵазкуа азҵаарақәа шьҭихуеит.
«Амшын агәахьы ҳнаскьацыԥхьаӡа, ҳашьхақәа рцәаара иаҳа-иаҳа иубо иҟалон. Урҭ срышьцыланы сыҟан сара. Рыкәа сҭаҳәҳәаны исызҳаит. Убасҟан сызхәаԥшуаз ҳашьхақәа уажәыгьы сыбла ихгылоуп», – ароман абарҭ ацәаҳәақәа игәаҵанӡа инеиуеит знык иадымхаргьы зыԥсадгьыл ааныжьны хара ицахьоу. Иазгәаҭатәуп, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа аӡәырҩы абри ароман ианаԥхьа аамышьҭахь раԥхьаӡа акәны рҭоурыхтә ԥсадгьыл рыблала ирбарц ишаауаз. Ари ароман еиднакылаз абиԥарақәа мацара ракәӡам, уи ахҵәара зхызгаз ажәларқәагьы еиднакылеит, даҽазныкгьы иргәаланаршәеит рыешьара атәы, ҭоурыхтә лахьынҵак шеицрымоу атәы.
Ашәҟәыҩҩы иҷкәын Бенур Шьынқәба ишигәалашәо ала, иаб абри ароман изырҩыз амзызқәа ҩба-хԥа ыҟан: «Акы, аԥсуа жәлар 30-тәи ашықәсқәа раан изықәдыршәаз, геноцидуп ҳәа ззуҳәаша ахлымӡаахқәа роуп – усҟан аинтеллигенциа зегь хыршьааит, аԥсуа школқәа адыркуан, аԥсышәала ацәажәара азин ыҟамызт, аҵара мчыла ақырҭшәахь ииаган, Аԥсны иҭацәыз адгьылқәа рҿы ақырҭқәа ааганы индырхон. Ҩбагьы, ажәлар маҷқәа рытрагедиа ааирԥшыр иҭахын – ачеченцәа, аингушцәа, аҟабардаа, адыгаа, абалкарцәа – урҭ зегьы Кавказтәи аибашьра ашьҭахь рџьынџьдгьыл аҿы анхара азин рымырхит» (ателеканал «Абаза» иаиҭаз аинтервиу аҟынтә - аред.).
2017 шықәсазы Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра азгәаҭараан ароман «Ацынҵәарах» иаԥхьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рыла, ахы инаркны аҵыхәанӡа, адунеи атәылақәа жәпакы рҟны – Аԥсуа телехәаԥшра имҩаԥнагаз апроект «Ацынҵәарах. Аԥхьара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
«Ахҩык рысалам шәҟәы»
Апоезиеи алитературеи Шьынқәба иԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ шааныркылозгьы, иара ибаҩхатәра ахьааԥшыз уа мацара акәӡам. Избанзар иԥсҭазаара зегь зызкыз – иԥсадгьыл Аԥсны амаҵ аура акәын. Иара анырра ду иман атәыла ауаажәларратә, аполитикатә ԥсҭазаараҿы.
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба еицырдыруа «Ахҩык рысалам шәҟәы» авторцәа дыруаӡәкуп. Ари ашәҟәы шьҭын 1947 шықәсазы Асовет Еидгыла аиҳабырахь. Аҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариеи Константин Шьаҟрыли (абызшәадырҩы, иналукааша аԥсуа культура аусзуҩ – аред.) иареи еиқәдыршәаз ашәҟәаҿы ианырҵеит аԥсуа жәлар ркыдцалара ишаҿу, Аԥсны «ақырҭуатәра» ҩ-напыкала ишымҩаԥысуа, абас иҟоу аҭагылазаашьаҿы аԥсуа милаҭ ҿиашьа шамам.
Усҟантәи аамҭазы абас еиԥш ашәҟәы аҩра зегьы ирзыгәаӷьуамызт, ашәарҭара ацын, авторцәагьы уи бзианы еилыркаауан. Аха Шьынқәбеи, Ӡиӡариеи, Шьаҟрыли ҿымҭкәа изавсуамызт аԥсуаа дара рыԥсадгьыл аҿы изымӷьацо, рхатәы бызшәала изымцәажәо, аҵара рзымҵо иахьыҟалаз, аиҳабыратә ҭыԥқәа рахь милаҭла иаԥсыуоу зынӡа иахьынармышьҭуаз. Ари ашәҟәы даараӡа иргәамԥхеит усҟан иавтономтәыз Аԥсны аиҳабыреи, Қырҭтәыла акомпартиа анапхгареи, уи авторцәа акритика ӷәӷәа рзыруит, ахара ду рыдырҵеит.
«Убас ала икыдырцало иалагеит, издыруаз ауаа амҩан ианрықәшәозгьы, ирымбошәа ҟаҵаны ирывсуан, аԥсшәаҳәара рықәымшәарц азы мацара, ауаа шәон, ирацәажәаӡомызт, рааигәара инеиӡомызт», – ҳәа игәалаиршәоит апоет имаоҭа Леуан Миқаа. – Анцәа иџьшоуп, 30-тәи ашықәсқәа раан абри ашәҟәы ахьырмыҩыз, акәымзар рыԥсы ҭаны иаанхомызт (30-тәи ашықәсқәа раан Асовет Еидгылаҿы арепрессиақәа мҩаԥысуан, урҭ ирылаӡит жәанызқьҩыла хара здымыз ауаа – аред.). Аамҭа ԥыҭк ааҵхьаны Баграт Уасил-иԥа асалам шәҟәы амшала усҟан дара рганахьала ихацыркыз аус дахәаԥшыртә иҟалеит: уи аҵыхәтәанынӡа инаргазҭгьы, хымԥада, ахы наргәыдҵаны иршьуан».
Аҳәынҭқарратә маҵзураҿы
1954 шықәсазы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахагылеит, 1958 шықәсазы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум ахантәаҩыс дҟалеит, абри амаҵураҿы дагьаанхеит 1979 шықәсанӡа, даҽакала иаҳҳәозар – ҩажәа шықәса инеиԥынкыланы атәыла аиҳабыраҿы дыҟан. Иара ихааноуп Аԥсны ианымҩаԥыс акрызҵазкуаз аҵара ареформа: иавтономтәыз асовет республикаҿы аҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны азин роуит 4-тәи акласс аҟынӡа рхатәы бызшәала аҵараҵаразы.
«Аус дуӡӡа ҟаҵан, избан акәзар аԥсшәахь еиҭагатәын амаҭәарқәа, арҵага шәҟәқәа аԥсышәала еиқәыршәатәын, нас урҭ апробациа рзутәын, ари зегь ус имариамызт», – ҳәа еиҭеиҳәоит Леуан Миқаа.
Аиҳабыратә маҵура ду дахагыланаҵ асовет ҭҵаарадырраҿы зажәа акыр ԥхылнадоз ауааи иареи анеиқәшәалоз, Шьынқәба аҭагылазаашьа ихы иархәаны аспиранттә ҭыԥқәа дрыҳәон, аԥсуа ҿарацәа 150-ҩык убас ала рҵараиура дацхрааит.
Асовет аамҭақәа рзы, ишдыру еиԥш, Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауан аполитикцәа, акультура аусзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, зыхьӡ нагаз ауаа аӡәырҩы. Баграт Уасил-иԥа, атәыла аиҳабыра рхаҭарак иаҳасабала, убас иаауаз асасцәа дырԥылалар акәын (урҭ аҳәынҭқарратә дачақәа рҿы индырхон, аҭыԥ ԥшӡарақәа ддырбон – аред.), рыԥсшьара ргәы иҭымҵәо иҟаларц азы иахәҭаз зегь ҟаҵатәын. Баграт Шьынқәба идырцәа аӡәырҩы абас ала ирҳаит, аха нас урҭ рҟынтә аӡәырҩи иареи еиҩызцәа бзиахон, еиҳаракгьы арҿиара знапы алакыз рыбжьара.
Еицырдыруа иҩызцәа
Шьынқәба Аҟәатәи иуаҭах аҟны абиблиотека дуӡӡа ыҟоуп, аус ахьиуаз истол иара ихаан ишыҟаз еиԥшҵәҟьа, кьыс амакәа игылоуп, аҭыӡқәа рҟны икыдуп ашәҟәыҩҩы, апоет иԥсҭазаара хҭысла ишбеиаз зыршаҳаҭуа афотосахьақәа. Арҭ асахьақәа ирнуп Шьынқәбеи уи иҩызцәа асовет шәҟәыҩҩцәеи: Александр Твардовски, Константин Симонов, Римма Казакова уҳәа егьырҭгьы. Абарҭ ауаа зегьы ара Аҟәа, Шьынқәба иуаҭахаҿ акәыз, Ҷлоу иқыҭа гәакьаҿ акәыз – асасцәа дахьқәа реиԥш ирԥылон, аишәачара ду рыздырхион.
Апоет имоҭа Леуан Миқаа уажәыгьы игәалашәоит ахәыҷқәа зегьы ранду Ҭамара Маршьанԥҳа ишлыцхраауаз, аишәа архиараҿы, асасцәа рԥылараҿы. Аԥхынразы убас есыҽны асасцәа рзаауан: аныҳәаҿақәа шьҭырхуан, ажәабжьқәа еиҭарҳон, алаф еибырҳәон, ихәмаруан, иччон. Шьынқәба зегь реиҳагьы диҩыза дуны дҟалеит Александр Твардовски, уи есԥхынра сасра дааиԥхьон, нас Аԥсны аԥсшьара изеиҿикаауан. Константин Симонов иакәзаргьы, даара Аԥсны игәаԥхеит, араҟа адача иргылеит, нас аԥсшьарақәа раан ара дааны иҩымҭақәа аԥиҵон. Убасҟан Шьынқәбеи иареи есыхәылбыҽха еибабон, еицәажәон. Шьынқәба ихаҭа Москва даныҟалалозгьы, Симонов иҿы даангылон.
Баграт Шьынқәбеи апоетесса Римма Казаковеи ракәзаргьы, аиҩызара ду рыбжьан.
«Урҭ даара еиҩызцәа бзиақәахеит. Лара Ҷлоу ақыҭа лыԥсы алахеит, уахь лассы-лассы дцалон, ажәеинраалагьы лыҩит уахык уа ишылхылгаз, лыкәша-мыкәша илбоз зегь шылгәаԥхоз иазкны. Лара лоуп иажәеинраалоу ароман «Ахра ашәа» аурысшәахь еиҭазгаз, даара ибзиангьы еиҭалгеит. Ари ароман – иреиӷьӡоу Шьынқәба иаԥҵамҭақәа ируакуп, – ҳәа еиҭеиҳәоит апоет имоҭа Леуан Миқаа.
Ихәыцрақәа зегь зызкыз иԥсадгьыл
Апоет имоҭа иажәақәа рыла, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба зегь рыла даԥсыуан – хымҩаԥгашьала, дунеихәаԥшышьала, атәашьеи-агылашьеи, аҽеилаҳәашьеи рылагьы. Амилаҭ чыс даара бзиа ибон: есыҽны аҩны абысҭа руан. Иԥшәмаԥҳәыс Ҭамара Маршьанԥҳаи иареи ҩыџьа ахшара рааӡеит – рыԥҳа Биана, рԥа Бенур. Амоҭацәа хәҩык роуит.
«Зеиӷьыҟам абду дзеиԥшразар акәу ҳәа џьара ианны иҟазар, иара убас дыҟаҵәҟьан. Даара гәыбылра дула дысгәалашәоит», – иҳәоит Леуан Миқаа. Иара иазгәеиҭеит, зегь реиҳа Шьынқәба игәы иҵхоз Аԥсны алахьынҵа шакәыз, аҩнаҭаҿы излацәажәозаалакгьы, аҵыхәтәан убри акәын изызкылсуаз: ирԥеиԥшузеи аԥсуа жәлар, рбызшәа, ркультура… Сасцәас иааилакгьы, дзацәажәозаалакгьы – тема хадас иҟаз еснагь Аԥсны акәын.
Баграт Шьынқәба ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден I-тәи аҩаӡара. Аԥсны Жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ихҵоуп, иара убасгьы Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар
рышәҟәыҩҩы ҳәа дшьоуп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп. Баграт Шьынқәба ихьӡ рхуп ҳтәыла ашколқәа акымкәа-ҩбамкәа. Иқыҭа гәакьа Ҷлоу игылоу, ажәытә-цәа зхоу иҩны-музеи ԥшӡа – иҷыдоу ҭыԥуп аԥсуа поезиеи, Шьынқәба игәалашәареи ҳаҭыр ззақәу зегьы рзы.
2007 шықәсазы ишьаҭаркыз ари амузеи аҟны аекспонатқәа уи аҟарагьы ирацәаӡам. Аха иара ахьгылоу аҭыԥ аԥшӡареи – уантәи Кавказ ашьхақәа ааигәаӡаны иубоит, агәараҿы игылоу аҷандарҵла дуи – уи ашәшьыраҿы атәара бзиа ибон Баграт Уасил-иԥа иҩызцәеи иареи – абри зегьы уаднамԥхьалар ҟалом апоет иԥсҭазаара ахьалагаз, ирҿиаратә мҩа ахы ахьакыз аҭыԥ ахь.
Апоет иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәсазы, 86 шықәса дшырҭагылаз. Аҟәа, адрамтеатр авараҿы, Баграт Шьынқәба анышә дахьамадоу, игылоуп иара ибаҟа. Абрахьоуп иахьааиуа уи ихаҭареи ибаҩхатәреи ҳаҭыр ззақәу ауаа. Аха уи аиҳагьы ихадароу – ари аҭыԥ ажәлар бзиа ирбо ҭыԥны иҟалеит: «Баграт иҿы» ҳәа аӡәырҩы иахьеиқәшәаша ҭыԥс иалырхуеит, араҟа ихәмаруа ахәыҷқәагьы «Баграт» дырдыруеит, ашкол аҿы иажәеинраалақәа рҵара иаламгацгьы уахь иналаҵаны. Ажәакала, аурыс классик ишиҳәахьаз еиԥш: «Иа иахь инагоу ажәлар рымҩахәасҭа еималаран иҟам».
Mekanı cennet olsun.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.