АААК аҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла 2019 шықәсазы имҩаԥыргаз аусура аихшьалақәа ҟарҵеит. Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба дыззааҭгылаз хырхарҭақәоуп: жәларбжьаратәи аусура, Аҳәсеи Аҿари рхеилакқәа русушьа, Аҭыԥантәи аҟәшақәа русура лҵшәақәас иаанашьҭыз.

Саид Барганџьиа

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит 2019 шықәсазы Аконгресс жәларбжьаратәи ахырхарҭала аусураҿы қәҿиарақәас иаиуз, иара убасгьы дазааҭгылеит Аҭыԥантәи аҟәшақәа русуреи ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи.

Иара ҩаԥхьа иазгәеиҭеит АААК хықәкы хадас иамоу – адунеи иқәынхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы реидкылара, дара-дара реидҳәалара шакәу. Абри ахықәкы нагӡауа, иҳаҩсыз ашықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь инапынҵала, АААК аделегациа маҵураныҟәарала ирҭааит аԥсуа-абаза, аубых диаспорақәа жәпаҩны иахьынхо абарҭ атәылақәа: Ҭырқәтәыла, Египет, Иорданиа, Британиа Ду, Голландиа, Бельгиа, Германиа.

«Ҭырқәтәылеи Иорданиеи официалла дырҭааит Мусса Егзакь ихаҭагьы. Аконгресс иааидкыланы иаԥнаҵеит арегионалтә ҟәшақәа. Аиԥш зеиԥшу аҟәшақәа реиҿкааразы аусқәа мҩаԥысуеит Египети Иорданиеи», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Гыцба.

Иара еиҭеиҳәеит убасгьы, Аконгресс ҩ-напык рыла ишаҿу Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿи, Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқәа рҟни Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра. Гыцба инаҵшьны иазгәеиҭеит хықәкы хадас иҟоу – Аԥсны аҩнуҵҟеи ҳауаажәлар ахьынҳо адунеи егьырҭ атәылақәеи рҟны қалақьи-қыҭеи цыԥхьаӡа Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра шакәу.

«АААК жәларбжьаратәи ахырхарҭала аусура сазааҭгыло исҳәарц сылшоит, ҳҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкқәа зегьы шамахамзар аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡеит ҳәа. Аҭыԥантәи аҟәшақәа раԥҵара апроцесс атәы ҳҳәозар, уи аганахьалагьы алҵшәақәа цәгьаӡам, аха егьа ус акәзаргьы, агәра ганы сыҟоуп, 2020 шықәса еиҳау алҵшәақәа шаанашьҭуа, избан акәзар усҟантәи аусуратә план еиҳарак иззынархоу Аԥсны аҩнуҵҟоуп. Ус сҳәеит ҳәа, уи иаанагаӡом, ҳаԥхьаҟа Аконгресс жәларбжьаратәи амшхәаԥштә мап ацәнакуеит ҳәа. Мап, уи иацҵахоит, иаҳагьы иӷәӷәахоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ахьынхо ҭыԥцыԥхьаӡа зехьынџьара ҳнеиуеит. Арегионалтәи аҭыԥантәи аҟәшақәа ахьаарту атәылақәа рҿы еилахәу апроектқәа мҩаԥаҳгалоит ҳмилаҭтә-культуратә ҭынха ахьчареи арҿиареи ирзынарханы», – иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.

Иара излаиԥхьаӡо ала, Аԥсны ақыҭақәа зегьы рҿы АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра иабзоураны аҭыԥантәи ауааԥсыра рҿаԥхьа иқәгыло иахьеи-уахеитәи абзазаратә зҵаарақәеи ауадаҩрақәеи рыӡбарахь ирымоу азнеишьа «аҽаԥсахуеит», ауааԥсыра еидгыланы еицырзеиԥшу русқәа аӡәы изымԥшкәа иҟарҵалоит.

«Ҳқыҭақәа апотенциал дуӡӡа рымҟәыҵаҵәахны иҟоуп, убри апотенциал апроблемақәа рыӡбара иазынархатәуп. Ҳара зегь ҳаидгыланы, ҳахьыҟоу иарбан ҩаӡаразаалак аҟны ҳаԥсҭазаара еиҳа иҳарманшәалар ҳалшоит, иара убри алагьы зыхдырра ҳараку аграждантә уаажәларра рышьақәгылара ҳацхраауеит, анаҩс уи шьаҿаӷәӷәала иҿиаларц, ус анакәха ҳҳәынҭқаррагьы ҿиаларц азы ашьаҭа ҳауа. Иҟалап, иаразнакала зегь еиқәшәшәа аҿаанамхаргьы. Аха уи егьаурым. Зегь ирыцку – ҳаанымгылароуп», – ҳәа агәра игоит Гыцба.

Абас ицәажәараҿы иара ҿырԥшыс иааигеит Гәдоуҭа иаԥҵоу Аҭыԥантәи аҟәша, араҟа аамҭа кьаҿк иалагӡаны, аҟәша ахеилак иалоу ауаа ргәыцыхцыхреи рҳәоуеиқәшәареи ирыбзоураны, х-проектк нагӡан: абаҩрҵәыразы аԥырҟьақәа рышьақәыргылара, аҟьамсареизгарҭа ҿыцқәа рыргылара, абжьаратә школ ахь аӡы неиуа аҟаҵара.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ хазы иалкааны дахцәажәеит Аҳәсеи Аҿари рхеилакқәа русурагьы.

Иара иазгәеиҭеит Аҳәсеи Аҿари рхеилакқәа Аконгресс аилазаашьа ҿыц ишалагалоу, урҭ рфункциа хадақәа ишыруакугьы – қәралеи хаҵара-ԥҳәысралеи ауаа гәыԥ-гәыԥла еизганы, аҿари аҳәсеи зыргәамҵуа азҵаарақәа еиҳа еиффективла рыӡбара.

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс – аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа реицамкреи, агәызҩыдаратә ԥсҭазаашьеи, ахәыҷқәа адоуҳаи апатриотизмреи рылааӡареи уҳәа реиԥш иҟоу аидеологиатә ориентирқәа алызкаауа, ишьақәзырӷәӷәо еиҿкаароуп», – иҳәеит Инар Гыцба.

Арҭ аҩ-хырхарҭакгьы – Аҳәсеи Аҿари рхеилакқәа – аханатә ихацыркын аҟынтә, иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны ирылдыршаз аус маҷым ҳәа иԥхьаӡоит Гыцба.

«Раԥхьаӡа иргыланы иҳәатәуп, ацентртә ҟәшақәа рхеилакқәа шышьақәыргылоу. Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳаи Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы Леван Торчуеи еиқәыршәоу русура иабзоураны иалыршан зымҽхак дуу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рынагӡареи – Ахәыҷқәа рыхьчара амш, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш, [Аԥсны] раԥхьатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» уҳәа реиԥш иҟоу. Убасгьы «Агәы аԥхарра» ҳәа хьӡыс изауз агуманитратә акциақәа мҩаԥган, иара убас Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы иҟоу асоциалтә-бзазаратә проблемақәак рыӡбара алыршан, насгьы XIX-тәи ашәышықәсазы иҟалаз арыцҳаратә хҭысқәеи мчылатәи ахҵәареи ирылаӡыз ҳашьцәа ргәалашәара амш азгәаҭан», – ҳәа ахеилакқәа имҩаԥыргаз акциақәа рыӡбахә иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.

Иара иациҵеит, арҭ аусмҩаԥгатәқәа раан Аҳәса рхеилак иалоу аҳәсацәа «АААК алаларазы арзаҳалқәа рыдыркылон» ҳәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) – аҭоурых змоу, аҭынха беиа иалаҟоу еиҿкаароуп. Иахьазы АААК аус ауеит иалкаау абарҭ ахырхарҭақәа рыла: адиаспора жәпаҩны иахьынхо атәылақәа рҿы жәларбжьаратәи аусура, аҭыԥантәи аусура, аԥсуа-абаза жәлар ирхаҭарнакцәоу аҳәсеи аҿарацәеи аус рыдулара, бызшәарацәала аинформациатә портал арҿиара уҳәа убас егьырҭгьы. Аконгресс ахықәкы хада – адунеи иқәынхо аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы реидкылароуп. Аиҿкаара иалалар рылшоит изҭаху абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы, адунеи ҭыԥс иахьынхозаалак. Уи азы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинфопортал аҟны онлаин Арзаҳал харҭәаатәуп.