Анацәеи абацәеи рыклуб хәажәкырамзазы раԥхьатәи аиԥылара темас иаман ахәыҷқәа рааӡараҿы аиҳабыратә абиԥара рольс иааныркыло, иара убас иахьатәи ҳаамҭазы ааӡашьа аганахьала иҟоу азнеишьақәеи.

АААК Адискуссиатә клуб иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб хәажәкырмзазы имҩаԥнагаз раԥхьатәи аиԥылараҿы еиднакылеит андуцәа. Аиԥылара асас – акоуч, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Асҭанда Саӡԥҳа лакәхеит, ларгьы ҩышықәса зхыҵуа амоҭа длааӡоит.

АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа еиҭалҳәеит, аклуб ахь андуцәа рааԥхьара аидеиа шрызцәырҵыз аҵыхәтәантәи аиԥылараан – ахәыҷқәа аԥыза иҟазшьақәа рылааӡара ианалацәажәоз.

«Анацәа еилыркаауеит, аиҳабыратә абиԥара иуадаҩу ари апроцесс аҿы аҭыԥ ду шааныркыло, убри аҟнытә ранацәеи ранхәацәеи рыманы иааит. Адуцәеи ахәыҷқәеи еснагь иҟан, иҟоуп, иагьыҟзаауеит, ус анакәха, анацәеи абацәеи урҭ рыхшареи ирыдҳәалоу апроблемақәагьы еснагь ицәырҵлоит. Ус акәзар, ҳара аус здаҳулаша атема ҳамоуп. Иахьа раԥхьаӡа акәны абас ҳаизеит», – лҳәеит Турааԥҳа аиԥылара аартуа, андуцәагьы ахьааиз азы иҭабуп ҳәа раҳәауа, зегьы «аамҭа хырҳаганы ирхыргарц» рзеиӷьылшьеит.

Ааԥхьара зырҭаз аексперт, акоуч Асҭанда Саӡԥҳа иазгәалҭеит ахәыҷқәеи амоҭацәеи рааӡараан иҟаҵатәым агхақәа, иааидкыланы ааӡара «астратегиа» далацәажәеит. Лара лажәақәа рыла, ааӡараҿы «астратегиатә ҵакы» змоу ираԥхьатәиуп еснагь ахәыҷқәа рааигәа аҟазаара.

«Есҽны ахәыҷы илауааӡо ауп анаҩс дзакә уаҩны дгыло зыбзоуроу, ааӡара бзиа зуҭаз ахшареи амоҭацәеи уажәра дыршкәакәоит», – лҳәеит Саӡԥҳа.

Аексперт еиҭалҳәеит, ахәыҷааӡараҿы адуцәа рроль хадас иҟоу, раԥхьаӡа иргыланы, цәала-жьылеи хшыҩлеи ршәарҭадара ашьақәырӷәӷәараҿоуп ҳәа.

«Цәала-жьыла ахәыҷы акы имыхьырц ибара мацара азхаӡом, апсихологиатә шәарҭадара змам ахәыҷы наҟ-наҟ аграқәеи ашәарақәеи изцәырҵыр алшоит», – лҳәеит акоуч.

Ахәыҷқәа, ма амоҭацәа рааӡараан аду х-рольк наигӡалароуп: акы – дҿырԥшыгазароуп, ҩба – дҩызазароуп, хԥа – дырҵаҩызароуп.

«Ахәыҷы шәҳәатәы хеиҵаларц азы зегь рыла шәҿырԥшыгазароуп. Аҭаҭын ахара ҽеиӡам ҳәа уҳәо, арахь ухаҭа уахо уимбозароуп. Ахәыҷы даниуа ақьаад цқкьа даҩызоуп, убра ианаҳҵаз ауп илазаауа – адыррақәа, алшарақәа иаҳҭо, акомплексқәагьы. Ахәыҷы акала анырра изҭо адуцәа зегьы – иани иаби, арҵаҩцәа, ауацәа – изҳара иацхраауеит, зегьы рҟынтә аинформациа гәникылоит», – ҳәа азгәалҭеит аексперт.

Лара иазгәалҭеит убасгьы, акоммуникациаҿы аус злоу «иушьҭыз аинформациа акәӡам, инаӡаз ауп» ҳәа.

«Ҳгәамҵны ҳаныҟоу ахәыҷы убас иаҳҳәар ҟалоит: «Зқьынтә иуасымҳәахьеи!» ҳәа. Аха уажәраанӡа изеилымкаазар, иаҳҳәахьоу азымхаӡеит ауп иаанаго. Ҿыцымҭала изеиҭаҳәатәуп, еиликаанӡа. Ахәыҷы дуааӡароуп ихаҭара ҳаҭыр ақәҵаны. Ахаан «убзиаӡам» ҳәа ахәыҷы иауҳәар ҟалаӡом. «Уара убзиоуп, аха иҟауҵаз ҽеиӡам», - абасоуп ишҳәатәу. Ауаҩ иакәӡам ахәшьара зҭатәу, избан акәзар иара ихаҭара изыԥсахӡом, иҟаиҵаз ауп иушьаша, ихәымгоу ак ҟаиҵазаргьы, анаҩстәи иус ала ириашар илшоит», – лҳәеит Асҭанда Саӡԥҳа.

Аиԥылара аҭааҩцәа азҵаауан иахьа ахәыҷы ҳаамҭагьы дақәшәо, аԥсуарагьы иланы дҟалартә еиԥш ииашаны дышԥааӡатәу ҳәа. Аспециалист иазгәалҭеит, Аԥсуара гәыцәс иамоу – ауаҩы аҳаҭыр иқәҵароуп ҳәа, иқәра зеиԥшразаалакгьы, дхәыҷы-дду. Убри аан Саӡԥҳа лгәаанагарала, архаикатә цәа зыҟәну, ҳаамҭазы актуалра зцәыӡхьоу атрадициақәа аԥыхтәуп, избан акәзар урҭ рҵакыҵәҟьа иахьа аӡәгьы дазхәыцӡом.

«Атрадициа аанхеит, аха уи ҵакыс иамаз ыӡхьеит. Иаҳҳәап, уаанӡа аԥсрақәа раан ауаа акырзырҿарҵози? Избан акәзар харантә иаауан, амҩа иқәхон, иааԥсон. Иахьа изыҟарҵои?» – ҳәа дазҵааит лара, иагьацылҵеит: «Аԥсуара – патуқәҵароуп. Ахәыҷ иахь, аду иахь, аус ахь, аӡә игәаанагара аганахьгьы убас. Ахәыҷқәа адунеитә культура иалаҳархәыр ҳҭахызар, аԥсуаа ҳтәы мацара ҳҽаԥшьны ҳзаанхаӡом, адунеи ҳҽаҳзаҟәыҭхаӡом. Ухатәы удыруазароуп, аха анҭыҵ иҟоу-ианугьы аҳаҭыр ушьозароуп».

Асҭанда Саӡԥҳа лықәгылара хыркәшауа иазгәалҭеит андуцәа рмоҭацәа рааӡараҿы ихадоу гәҭыхас ирымазар шакәу: «Игәаҿы шьҭас инсыжьуеи, игәалашәараҿы сышԥаанхои?» ҳәа азҵаара.

Аиԥылара иалахәыз андуцәа иагьанхәацәоуп аҟынтә анхәеи ҭацеи реизыҟазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа цәырымҵыр амуит: ахәыҷааӡара хаз-хазы ишазнеиуа атәы, аицынхара атәы, аимакқәа ишрыцәцатәу уҳәа излацәажәаз рацәан.

Акоуч ирабжьылгеит арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа «рҿиаратә хәыцшьала» ирызнеиларц. Аха дарбану убри арҿиаратә хәыцшьа аазырԥшырц зыхәҭоу ҳәа азҵаара анықәгыла, уи аҭак ҟалҵеит аклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа – лхаҭагьы ан, аҭаца: «Изыхәҭоу реиҳа змотивациа ӷәӷәоу иоуп. Аҭаацәараҿы агармониа, аҳәоуеиқәшәара аҳра руларц реиҳа изҭаху иоуп арҿиаратә знеишьа аазырԥшыша. Иаҳа иҟәышу аҭакԥхықәра ихахьы игароуп».

Асҭанда Саӡԥҳа уи лгәаанагара дадгылауа иазгәалҭеит: «Анхәеи абхәеи рыцынхара злабзиоу даҽакгьы ыҟоуп – ахәыҷы иааӡараҿы х-абиԥарак рҟәышра ааԥшуеит» ҳәа.

Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәара цонаҵы Инстаграм аҟны ишиашоу ицоз аефир еиҿкаан. Аефир иахәаԥшуаз ахҳәаақәа ҟарҵон, азҵаарақәа рҭиуан. Ахәаԥшцәа дыруаӡәкын, нас ишеилкаахаз ала, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихаҭагьы.

Ус, уаҩы дшазыԥшӡамыз, аиԥылара ахьымҩаԥысуаз ауада ашә ааимԥааны, шәҭыла деиқәаҭәы дааҩнашылеит АААК аусзуҩ, уи Мусса Егзакь инапы ианиҵазаарын еизаз аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәаларц.

Аиԥылара илнаҭаз ацәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Сельма Занҭариа – фбеи быжь-шықәсеи зхыҵуа амоҭацәа ранду. Лара иазгәалҭеит, Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны «аинтерес зҵаз, адыррақәа узҭоз» аицәажәара мҩаԥысит ҳәа.

«Сара сахьандуу адагьы, акыршықәса раахыс Очамчыратәи ақәыԥшцәа рцентр аҟны аус зуан, Аҟәатәи ақәыԥшра аҩны аус ацызуеит. Асҭанда Саӡԥҳа илҳәоз зегьы аинтерес аҵан, сусураҿгьы схы иасырхәоит исаҳаз, смоҭацәа рааӡараҿгьы, ҳәарада», – лҳәеит Занҭариа.

Аиԥылара анхыркәшаха, Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы иазгәалҭеит, аклуб аиԥыларақәа рахь ишымҩахыҵуа агәцаракра змоу, адыррарҳара иашьҭоу ауаа.

«Аиԥылара ашьҭахь аӡәырҩы ирҳәоит, иҳаҳаз мариоушәа иҟоуп, аха уаанӡа абри аҩыза аӡбара ҳхаҿы имааицызт ҳәа. Ус ҟалоит, избанзар егьырҭ ауаа ргәаанагарақәа урзыӡырҩуеит, доусы ихатә ԥышәа умеидоит. Ҳара ҳаиԥыларақәа рҿы ауаа рԥышәақәа зегьы џьарак еидаҳкылоит, убри аҟнытә Анацәеи абацәеи рыклуб аусура хырҳагоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит. Ҳаԥхьаҟа Аҟәа анҭыҵгьы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа реиҿкааразы алшара ҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит», – лҳәеит Кама Кәыҵниаԥҳа.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аҩнуҵҟа иаԥҵаз проект ҷыдоуп, аусура иалагеит иаҳхысыз ашықәс абҵарамза 30 рзы. Анацәеи абацәеи рыклуб иалалар рылшоит ахәыҷқәа зааӡо зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы иаҭаху – «агәаҳәареи амотивациа амазаареи мацароуп».