Сергеи Багаԥшь наунагӡа иԥсадгьыл аҭоурых аҿы даанхоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара зхааны иҟалаз атәыла ахада иакәны.
Арифа Қапԥҳа
Багаԥшь диит 1949 шықәса, хәажәкыра 4 рзы, ачеиџьыка ду змаз, асасдкыларала аӡәы иҵамхоз Багаԥшь Уасили Сусаннеи рҭаацәараҿы. Аҭоурых излаҳәо ала, Сергеи Багаԥшь иабду иаб XIX-тәи ашәышықәсазы Ҭырқәтәылаҟа мчыла иахгаз, аха ахынҳәра зылшаз аԥсуаа дыруаӡәкын. Аамҭак ашьҭахь нхарҭа ҭыԥс иабду иалихуеит Џьгьарда ақыҭа — ари аҭыԥ Сергеи Уасил-иԥа лымкаала бзиа ибон. Сергеи Багаԥшь ихаҭа диит Аҟәа, далгоит Аҟәатәи ажәабатәи ашкол, анаҩс дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхамҩатә институт. Дышқәыԥшызнатә Багаԥшь аспорт бзиа ибон, амҵәышәымпыл дыхәмаруан, Аԥсны амҵәышәмпыл азы еизгоу акоманда акапитансгьы дыҟан.
Ақәыԥшра, акариера, ақырҭуа «прианикқәа»
Сергеи Багаԥшь иқәыԥшра аамҭа инаркны акомсомолтәи апартиатәи еиҿкаарақәа рҟны икариератә зҳара активла иалагахьан. 1978 шықәсазы аус иуан Ленинтәи акомҿар реилазаара Қырҭтәыла ацентртә Комитет аинформациатә сектор аиҳабыс, иара убас, аџьа-ҿари, ақыҭа ҿари рыҟәша аиҳабыс. Зыӡбахә ҳәоу аамҭа маҷк шагыз, 1976 шықәсазы диабадыруеит Ныгәзар Ашәба (акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩыс иҟаз — аред.), анаҩс аҩыџьагьы еивагыланы акыраамҭа аус еицырураны иҟан. 1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы дара Қырҭтәыла иҟан.
Ашәба игәалашәарақәа рыла, уаҟа раԥхьаӡа акәны иҷыдоу «апартиатә практика» иақәшәеит.
«Ҳусура џьоукы аҿагылон ҳәа, мамзар аӡәы ԥырхага ҳаиҭон ҳәа уызҳәомызт, уимоу аԥсуаа лымкаала ибзианы иаҳзыҟоуп ҳәа агәра ҳдыргарц иаҿын, — игәалаиршәоит Ашәба. — Уаҟа акыраамҭа аус зухьаз ақырҭқәа жәашықәсала ауаҭахқәа ирзыԥшын, ҳара ҳакәзар мчыла ауаҭахқәа ҳарҭап ҳәа рҽазыршәон, изныкымкәа уи мап ацәаҳкхьан. Шеварднаӡе (Едуард Шеварднаӡе — аполитикатә усзуҩы, 1995-2003 шықәсқәа рзы Қарҭтәыла ахада — аред.) усҟан азы Қырҭтәылатәи акомпартиа Ацентртә Комитет амаӡаныҟәгаҩс дҟалахьан. Сергеи Уасил-иԥеи сареи акырынтә уи икабинет аҿы ҳнеихьан. Иҟалақәахьан, ауаа идирбаразы аҭел дасны ачаи ажәра ҳәа ҳанааиԥхьалоз. Уаҟа акы агәра ҳдыргарц рҽазыршәон... Уи хара ицоз Қырҭтәыла «априаник» аполитика ашҟа иаҵанакуаз акәын.
Апартиатә маӡаныҟәгаҩ атрактор аԥсҟы зкыз
1982 шықәсазы, 34 шықәса зхыҵуаз Сергеи Багаԥшь далырхуеит апартиа Очамчыратәи араионтә Комитет актәи амаӡанаҟәгаҩс: Аԥсны иреиҳаӡоу араионқәа руак анапхгараҿы днанагоит.
Ари аҭыԥ аҟны Багаԥшь ихы иадиҵоз аҭакԥхықәрақәа дрылацәажәо, Ныгәзар Ашәба игәалаиршәеит хҭыск: «Усҟантәи аамҭазы игәцаракны иацкалаԥшуан астанциақәа рҟны акыраамҭа игылаз авагонқәа. Ҽнак Очамчыра сааит, Багаԥшь дабаҟоу ҳәа санҵаа, авокзал аҟны дыҟоуп ҳәа сарҳәеит. Авокзал аҿы снеизар, Сергеи Уасил-иԥа аидара зқәу авагонқәа реицарҳәара дшаҿыз збеит». Сергеи Багаԥшь лымкаала аџьаус пату ақәиҵон, даараӡа бзиа ибон ақыҭанхамҩатә техника (занааҭла Аԥсны аҩбатәи ахада — дагрономын — аред.). Аамҭа анимаз, иқыҭантәи игәылацәа гәахәарала дрыцхраауан аҽаҩраҭагалараҿы, атрактор дақәтәаны амхқәа дырхылон.
Сергеи Уасил-иԥа лымкаала игәылацәа бзиа дырбон, лассы-лассы сасра изнеиуан, иаргьы урҭ гәыкала дырзыҟан, дарбанзаалак — дынхаҩума, дчынуаҩума, дхәыҷума-ддуума, рацәажәашьеи рызнеишьеи дақәшәон.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага Сергеи Багаԥшь Аԥсны аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс аус иуан. Раԥхьатәи амшқәа рзы Багаԥшь Аҟәа дыҟан, ауааԥсыра ақалақь ралгара азы ацхыраара ҟаиҵон.
Анаҩс дышьҭын Москваҟа, уаантәи абџьар аагареи, егьыс иаҭахыз ацхыраара аҟаҵареи дазкын.
Аибашьра ашьҭахь, 1995 шықәсазы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала Сергеи Багаԥшь Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан, 1997-1999 шықәсқәа рзы аԥыза-министр имаҵура ныҟәигон. Усҟантәи аамҭазоуп, Аԥсны атәылауаа аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны аулафахәы аиура ианалага, иара убасгьы Аԥсны абиуџьет анышьақәыргылаз.
Аиҭанеиааирақәа раамҭа
Ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2004 шықәсазы, урҭ рҿы аиааира игеит Сергеи Багаԥшь — еиду аоппозициа акандидат. Аха алхрақәа реихшьалақәа Багаԥшь иоппонентцәа агәра рымгеит, Аԥсны аполитикатә еиҿагылара ишәарҭаз аҭагылазаашьа аҟынӡа инеихьан, уи иахҟьаны Сергеи Уасил-иԥа дазыразхеит алхрақәа реиҭамҩаԥгара. Анаҩс, 2005 шықәсазтәи алхрақәа рҿы Сергеи Багаԥшьи Рауль Ҳаџьымбеи еивагыланы иқәдыргылеит ркандидатурақәа. Убас, 2005 шықәса ажьырныҳәамзазы Багаԥшь далхын Аԥсны ахадас, Ҳаџьымба — ахада ихаҭыԥуаҩс.
Сергеи Багаԥшь Аԥсны анапхгара аназиуаз аамҭа, «аиҭанеиааиратә дипломатиа» ҳәа иашьҭоуп — усҟан ауп хыԥхьаӡара рацәала Аԥсныи егьырҭ атәылақәа жәпаки аиқәшаҳаҭрақәа анрыбжьарҵаз. Сергеи Уаси-иԥа убас инеиқәырццакны еиуеиԥшым атәылақәа дырҭаауан азы аԥсуаа рыбжьара лафны ирҳәон «Аԥсны ахада аамҭа кьаҿла Аԥсны даҭааит» ҳәа.
«Ауаҩы инаалара даараӡа изымариан, — иҳәоит Ныгәзар Ашәба, Сергеи Багаԥшь Аԥсны данахагылаз аамҭазы Жәлар Реизара хантәаҩыс иҟаз. — Сергеи Уасил-иԥеи Урыстәыла аминистрцәа аӡәырҩи ибзиаӡаз аизыҟазаашьақәа рыбжьан: раԥхьатәи аамҭазы рацәак дыздызымкылозгьы анаҩс ргәаанагара рыԥсахит, иҩызцәахо иалагеит. Иара ианакәызаалак ауаҩы дизааигәан, убри иҟазшьа иабзоураны иҟан азҵаарақәа Багаԥшь «аҭел асра» мацарала ииӡбоз. Лассы-лассы Багаԥшь иоуаз аихьӡарақәа иоппонентцәа «имшьҭа бзиоуп азоуп» ҳәа уи иақәырҵон, аха ишдыру еиԥш, аихьӡарақәа џьабаада изыҟалом».
Ныгәзар Ашәба игәаанагарала, Багаԥшь имҩаԥигоз «аиҭанеиааиратә политикеи», лассы-лассы Москва иаҭаареи иабзоураны, 2006 шықәса инаркны Аԥсны официалла афинанстә цхыраара аиуа иалагеит. Багаԥшь ибзианы еиликаауан, ашә уамысыр ахала ишымаатуа. Анаҩс, ашәқәа аатит: Урыстәыла Багаԥшь даараӡа пату иқәырҵо иалагеит.
Ҩымчыбжь рыла 70 интервиу
Сергеи Уасил-иԥа ианакәзаалак ажурналистцәа аинтервиу рыҭара мап ацәикуамызт, амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа лымкаала дырзыҟан. Убри абзоуралагьы, Урыстәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара маҷк шагыз, аурыс прессаҟны Аԥсны иаиуит адгылара бзиа.
Багаԥшь аус ицуреи, апресса аусзуҩцәа дшырзыҟази атәы игәалаиршәоит ажурналист Алхас Ҷолокәуа, 2005-тәи ашықәс инаркны Аԥсны ахада иҟны иԥҵоу амассатә-информациатә коммуникациақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус зуаз: «Сергеи Уасил-иԥа ибзиаӡаны еиликаауан амассатә-информациатә хархәагақәа ҵакыс ирымоу. Еиҳараӡкгьы уи еилкаахеит, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аиура маҷк шагыз ажурналистцәа рганахьала ҳҳәынҭқарра азҿлымҳара ду анамаз. Аԥсны иаҭаауан ажурналистцәа Европеи Америкеи рҟынтәи, адунеи аҿы аҳаҭыр змоу ателехәаԥшрақәеи аҭыжьымҭақәеи рхаҭарнакцәа. 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан, Сергеи Уасил-иԥа даараӡа деилахан, иааиԥмырҟьаӡакәа аруаа дырԥылон, хаҭала адҵақәа риҭон, арратә хәҭақәа дырҭаауан, адипломатцәа идикылон… Убас ишыҟазгьы иԥшаауан ажурналистцәа рԥыларазы аамҭа, избан акәзар ибзианы еиликаауан аинформациатә еибашьра аҵакы, арратә иааира еиԥш уигьы акыр шаҵанакуаз. Сара хаҭала исыԥхьаӡеит, ҩы-мчыбжь ирҭагӡаны Сергеи Уасил-иԥа 70 раҟара интервиу ажурналистцәа ишриҭаз».
Ахьыԥшымра азхаҵара иазкны азгәаҭарақәак
2008 шықәса, нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит — Аԥсны жәлар зегьы рзы игәырӷьараз ари ахҭыс ҟалеит Сергеи Уасил-иԥа Аԥсны ахадас даныҟаз ашықәсқәа рзы.
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара маҷк шагыз, еиҭеиҳәоит Ныгәзар Ашәба, Аԥсны аиҳабыра рнапаҿы иҟалеит аԥшыхәратә дыррақәа. Урҭ изларҳәоз ала, ақырҭцәа аҳәаа азаигәара рырмчқәа реизырҳара иаҿын, убасгьы агәҭынчымра узцәырнамгар залшомызт ақырҭуа бандиттә еиҿкаарақәа Кәыдрытәи аиҩхааҟны рыҟазаара.
«Дара (ақырҭқәа — аред.) гәҭакыс ирыман Аԥсны аиҩшара, Маҷара аӡиас ала аҳәаа алданы, анаҩс хыхьла Аҟәа абомбақәа ақәыжьра, — еиҭеиҳәоит Ашәба. —2008 шықәса нанҳәамзазы Аахыҵ Уаԥстәыла акәымкәа Аԥсны иақәлап ҳәа акәын. Уи зегьы анеилкааха, Багаԥшь еиқәырццакны Москваҟа дцо далагеит, иагьилшеит Аԥсны аҭышәныртәалаҩцәа рхыԥхьаӡара ҩ-нызқь рҟынтә, х-нызқьҩык рҟынӡа аизырҳара, иара убасгьы иааган аспецназ. Убасҟан ауп Хәаџьали, Арасаӡыхьи рыҟны аԥыԥшырҭақәа анаԥҵахагьы. Ажәакала, аҳәаақәа рӷәӷәан. Аԥсны аҽшарӷәӷәаз ақырҭцәа ианеилыркаа, ажәылара ахырхарҭа рыԥсахит».
2008 шықәсазы Сергеи Багаԥшь иҟаиҵаз адҵала Кәыдрытәи аиҩхаа ахы иақәиҭтәын, иҭарцәын, уи азы иара ианашьан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.
Ныгәзар Ашәба иажәақәа рыла, Кәыдры ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ааԥхьара рыҭан. Уаҟа иҟаҵан ажәалагала Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Рконфедерациа аԥҵаразы, уи азхәыцразгьы ахадацәа аамҭа рыҭан.
«Сергеи игәалаҟазаара даара иҽеимызт, избан акәзар уи аҩыза ажәалагала ҳара иҳазҳадкыломызт, — игәалаиршәоит Ашәба. —Мчыбжьык ашьҭахь, Медведев (Дмитри Медведев — 2008-2012 шықәсқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада — аред.) Шәача иԥсы ахьишьоз Сергеи Багаԥшьи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Какоитыи иҭаауеит. Медведев дразҵаауеит ирыӡбазеи ҳәа, Москва иҟарҵаз ажәадгала аганахьала. Сергеи Уасил-иԥа ус иҳәеит — Едуард Какоитыгьы уи дадгылеит, — ари аҩыза ажәалагала адкылара ҟалашьа амам ҳәа, мап анакәха дшазыхиоу Аҟәаҟа дхынҳәны Аԥсны ахада иуалԥшьақәа рааныжьра. Медведев иазгәеиҭеит, ари аҩыза аҭак дшазыԥшыз, иагьиҳәеит мчыбжьык ашьҭахь Урыстәыла аҩ-ҳәынҭқаррак рхьыԥшымрақәа шазханаҵо атәы».
Мшқәак рышьҭахь, Сергеи Багаԥшьи Аԥсны аиҳабыреи ааԥхьара рыҭан Москваҟа, Урыстәыла Апарламент аҩ-палатаки, Аҳәынҭқарратә думеи, Афедерациа Ахеилаки реилатәара ашҟа. Уаҟа зегьы еицҿакны ирыӡбеит Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи рхьыԥшымра разхаҵара.
«Ари гәырӷьара дуун, — игәалашәоит Ныгәзар Ашәба. Зегьы еицҿакны аӡбара анрыдыркылоз, уаҟа иаҟан Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, ҳаиҩызаратә республикақәа рхаҭарнакцәа. Зегь ҳацгәырӷьон, иҳадырныҳәалон. Исгәалашәоит, 85 шықәса зхыҵуаз, усҟантәи аамҭазы Аахыҵ Уаԥстәыла Жәлар Реизара ахантәаҩы Знаур Гассиев, агылара илымшеит, аха снапы нкыланы ус сеиҳәеит: «Анаџьалбеит, абри сахаанхаҵәҟьама?» ҳәа. Илаӷырӡқәагьы аауан».
«Аԥсны иазеицәахашаз ахаангьы иҟазымҵоз»
2009 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Сергеи Уасил-иԥа аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын. 2010 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә делегациа раԥхьаӡа акәны официалла ирҭааит Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз егьырҭ аҳәынҭқаррақәа — Венесуелеи Никарагуеи.
2011 шықәсазы аԥсуа диаспора иҟанаҵаз ааԥхьарала, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь даҭаауеит Ҭырқәтәыла. Уи аамҭазы Багаԥшь агәамбзиара иоухьан... Аамҭак ашьҭахь, аҳақьымцәа идырҵабыргит Аԥсны ахада ирыԥҳақәа акьыба чымазара шрымаз.
2011 шықәса лаҵарамзазы Сергеи Багаԥшь Москва аоперациа изыҟарҵоит, уи ашьҭахь акома дҭахан, уаҳа дагьзалымҵит.
«Зегьы дреиӷьын ҳәа сҳәар сҭахӡам, зегь реиԥш иаргьы зны-зынла агхақәа ихьлон, — иҳәоит Ныгәзар Ашәба. — Аха усҟан ҳҳәынҭқарра ашьапы ақәгылара ианалагоз аамҭоуп, иаҳзымдыруазгьы рацәан. Иҟалап, усқәак еиҳагьы еиӷьны рыҟаҵара алшоны иҟазҭгьы, аха сара хьаҳәа-ԥаҳәада исҳәар сылшоит, идырны, Аԥсны иаԥырхагахашаз, иазеицәахашаз ахаангьы ишыҟаимҵоз».
Сынтәатәи ашықәс Сергеи Уасил-иԥа изы ииубилеитәуп: иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 70 шықәса. Ари арыцхә иазкны атәылаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа. Аиубилеи амҩаԥгаразы иаԥҵаз акомиссиа иалахәу Ныгәзар Ашәба иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иарбоуп аҭҵаарадырра-практикатә конференциа, уаҟа Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дзыхьӡаз аусқәеи, аихьӡарақәеи зегьы инарҭбааны иаарԥшхоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.