Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа лиубилеи иазку афотоцәыргақәҵа "Время счастливых находок" аартра мҩаԥысит Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны, ԥхынҷкәын 20 рзы.

Саид Барганџьиа

Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа лхатә архив аҟынтә 70 фотосахьа инареиҳаны ицәырган аԥшьаша, ԥхынҷкәын 20 рзы иаартыз афотоцәыргақәҵа «Время счастливых находок» аҟны. Ацәыргақәҵа азкын Софа Хынтрыгә-иԥҳа 80 шықәса лхыҵра аиубилеи, иагьаанарԥшуан актриса лырҿиаратә ԥсҭазаараҿы реиҳа иналукааша ахҭысқәа.

Лыԥсҭазаараҿы ус хаданы илыԥхьаӡо, ҳәарада, атеатр ауп ҳәа азгәалҭеит Агәмааԥҳа, ажурналистцәа дрыҿцәажәауа. Гәаартыла илҳәеит илхәмархьоу арольқәа зегьы лгәаҵа ишҭоу, урҭ зегьы «лхәыҷқәа реиԥш» гәыбылрала дшырзыҟоу.

Ацәыргақәҵа аартраҿы иаԥхьеит Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалара. Атәыла ахада иазгәеиҭеит Софа Агәмаа ллагала шдуу «актиорцәа рабиԥара ҿыц аиҵааӡараҿы, Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿартә театр ашьақәыргылареи, уи асахьркыратә напхгараҭареи рҟны».

Софа Хынтрыгә-иԥҳа иеизаз ирзеиҭалҳәеит напхгара зылҭо Аҿар ртеатр ԥхьаҟатәи гәҭакқәас иамоу. Атеатр иқәнаргылараны иҟоуп аспектакль ҿыцқәа, хаҭалагьы, Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» иалоу афырхацәа асценаҿы «рыԥсы ҭарҵарц» ргәы иҭоуп.

«Ҳагәҭакқәа рацәоуп, Анцәа иҳаиҭар, зегьы ҳрыхьӡоит», – ҳәа агәыӷра аалырԥшит артистка.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рыбжьара иҟан аҿарацәа рацәаҩны, асасцәа шьардаҩык ааит, Аҟәантә мацара акәымкәа, Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәгьы.

«Гәахәара дула сааит арахь. Софа Агәмаа лыспектакльқәа ԥыҭк срыхәаԥшхьеит – еснагь угәаҿы ԥхаррак нрыжьуеит, ҩныҵҟала улашаӡа уҟарҵоит. Аԥсынҵыра ду лзеиӷьасшьоит!» – лҳәеит Гагрантә иааз Милана Шәлымԥҳа.

Ахәылԥаз аҟны Софа Агәмаа лыхьӡала ажәа ҟәандақәа ирҳәоз шьарда ирацәан.

«Зеиԥш дыҟам, иссиру, иблахкыгоу Софа Агәмаа! Амелодрамеи акомедиеи еиҟараны изыцааиуа, аҩ-жанрк рҟны улыршанхартә ахәмарра зылшо артисткоуп», – ҳәа азгәалҭеит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Лана Аԥшьлааԥҳа.

Атеатри акинои рактриса, Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа лкариера хацлыркит Қарҭтәи атеатралтә ҵараиурҭа 1961 шықәсазы далганы данаа ашьҭахь. Усҟан лара иаразнакала дрыдыркылеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр атруппахь. Лырҿиара ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны артистка иаԥылҵеит 70 инареиҳаны ахаҿсахьақәа. Иахьа уажәраанӡагьы аԥсуа публика бзиа дбаны илыхәаԥшуеит. 2014 шықәса нанҳәамза инаркны Софа Агәмаа асахьаркыратә напхгара алҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿартә театр. Ԥхынҷкәын 20 рзы артистка лымшироуп, сынтәа 80 шықәса лхыҵра аиубилеи азгәалҭоит.