Аиурист, аполитик, Кавказ иқәынхо амилаҭкәа рзинхьчаҩ, иналукааша адыгаа рҵеи Иури Калмыков Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуаа рыцхыраараҿы хәы змам алагала ду ҟазҵаз уаҩуп.

Арифа Қапԥҳа

Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы Иури Калмыков диит 1934 шықәса, ажьырныҳәа 1 азы, Черқьесск ақалақь 20 километра рыла иацәыхароу Абазақыҭан. Аофициалтә документқәа рҿы Черқьесск диит ҳәа иануп, усҟантәи ашықәсқәа рзы — Баҭалԥашинск ҳәа изышьҭаз (1934 шықәсанӡа Черқьесск ус иахьӡын — аред.). Иура иани иаби ашкол аҟны рҵаҩцәас аус руан. 13 шықәса шихыҵуаз иан лыдунеи лыԥсахуеит.

Иури еиҳа ицааиуан агуманитартә маҭәарқәа. 15 шықәса анихыҵуаз дҭалоит Черқьессктәи аобласт иатәыз абжьаратә медицинатә школ, дагьалгоит уи афельдшер изанааҭ ала.

Аиурист, арҵаҩы: ламысла зус иазнеиуаз, иҭыԥ аҟны дзыԥсахшаз зааӡоз

18 шықәса анихыҵуаз Калмыков дҭалоит Калинин ихьӡ зху Ленинградтәи азиндырратә институт, 1957 шықәсазы диасуеит Жданов ихьӡ зху Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет ахь. Ауниверситет даналга ашьҭахь Калмыков иҵара иациҵоит: дҭалоит Курски ихьӡ зху Саратовтәи азиндырратә институт аспирантура, иҵара даналга ашьҭахь иара уи аинститут аҟны рҵаҩыс аусура далагоит.

Саратов ақалақь иадҳәалоуп Калмыков акыршықәсатәи ипрофессионалтә усура. Убраҟоуп аиурист иаҳасабала дахьышьақәгылаз, Урыстәыла иналукааша атәылауаҩратә зиндырыҩцәа дырхыԥхьаӡаланы дахьыҟалазгьы. Иазгәаҭатәуп Иури Калмыков дшыԥхьаӡоу Саратовтәи ацивилистикатә (атәылауҩратә зин ҭызҵаауа аҭҵаарадырра — аред.) школ аԥҵаҩыс.

Саратовтәи азиндырратә институт аҟны Иури Калмыков «алегендартә рҵаҩы» ҳәа ахьӡ ихылеит.

Адам Дымов истатиа «Иури Калмыков. Аиаша азин» аҟны абас иҩуеит: «Атәылауаҩратә зин иазку Калмыков иҭҵаарадырратә усумҭақәа ҳтәыла азиндырыҩцәа реилазаара зегьы даара пату рзақәын. Арҵаҩы иаҳасабала Калмыков зегьы бзиа дырбон: арҵаҩцәа — коллегаҵас, астудентцәа — згәы разу, иҟәышу абжьагаҩыс. Астудентцәа зегьы аԥышәарақәа лымкаала иара иҿы иарҭар рҭахын. Аԥышәара адкылараан Калмыков астудент изымдыруа акы сыԥшаандаз ҳәа дыҟамызт, уимоу дицхраауан, иидыруа атемала диацәажәон астудент идыррақәа ахьынӡаҵаулоу еиликаарц. Ламысла иус дазнеиуан, иҭыԥ аҟны дзыԥсахша иааӡон».

Иҿыцу аус: аполитикатә мҩа

Аҭҵаарадырреи азини зҽырзызкыз Калмыков аихьӡарақәа иман инапы злакыз аус аҟны — 34 шықәса анихыҵуаз аҭҵаарадыррақәа ркандидатс дҟалоит, 37 шықәса рзы — аҭҵаарадыррақәа рдокторс. Аха иԥсҭазаараҿы аҭҵаарадырреи арҵаҩреи рыдагьы изыԥшыз рацәан — аполитикеи аҳәынҭқарратә усуреи иҽырзикуеит.

1989 шықәса хәажәкырамзазы Иури Калмыков Асовет Еидгыла жәлар рдепутатс далырхуеит. Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҟны даннеи, идыррақәеи иԥышәеи ихы иархәаны иҽазакит атәыла азакәанԥҵаратә система аиӷьҭәра. Асовет Еидгыла анхабгала ашьҭахьгы, апрофессионалтә иурист Калмыков Москва дынхар рҭаххеит.

1993 шықәсазы идыргалеит Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа аминистрс дҟаларц. Иури Ҳамзаҭ-иԥа уи дазыразхеит. Калмыков министрс даныҟаз аамҭа иҭагӡаны илшеит Урыстәыла Атәылауаҩратә кодекс аиқәыршәара, иара убасгьы активла далахәын Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа аԥҵара. 1994 шықәсазы Калмыков имаҵура аанижьуеит, Урыстәыла раԥхьатәи ахада Борис Ельцин Чечентәыла дызлагаз аибашьра дахьақәшаҳаҭымхаз аҟнытә (1994 шықәса, ԥхынҷкәынмза — аред.).

Ианакәзаалак ихылҵшьҭра ихашҭуамызт

Ҟарачы-Черқьестәыла ибзиаӡаны ирдыруан Иури Калмыков иеихьӡарақәа ртәы, гәадурала илаҽхәон, ҽырԥштәыс дҟарҵон. Иара ихаҭа иакәзар — данқәыԥшыз нахыс иԥсадгьыл аҿы дынхомызт, аха ихылҵшьҭра ианакәзаалак ихашҭуамызт, ижәларгьы ихы рылигомызт.

«Алахьынҵа аҭагәҭасрақәа» ҳәа хьӡыс измоу Иури Ҳамзаҭ-иԥа ииҩыз ишәҟәаҿы абас иҳәоит: «Кавказ сиит, уаҟа шьардаамҭак сынхомызт, аха издыруан абызшәеи аҵасқәеи... убри азхеит смилаҭтә хдырра шьақәгыларц азы. Ҩышықәса, ма хышықәса заҵәык ақыҭаҿы исхызгаз шьаҭас иазыҟалеит сыжәлар рахь исымоу азҿлымҳара ҷыда, сыжәлар рҭоурыхи рлахьынҵеи еснагь гәыҵхас исымоуп. Диашан Баграт Шьынқәба, «ахәыҷра — ауаҩы игәы-иԥсы дацԥашәс иамоуп, ҟазшьалеи лахьынҵалеи иҳалиуаа» ҳәа аниҳәоз», —иҩуеит Калмыков.

Кавказ иадҳәаланы инапы злакыз аусқәа зегьы иԥсҭазаара иизаҟәымҭхо хәҭакны иазыҟалеит: 1991 шықәсазы Жәларбжьаратәи ачерқьестә Ассоциациа аиҳабыс дҟалеит, 1992 шықәсазы — Аҟабарда жәлар Рконгресс ахантәаҩыс.

Аԥсназы, Кавказ ахьӡала

Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аиҿкаарақәеи, хаҭала Иури Калмыкови Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аԥсуаа хәы змам ацхыраара рзыҟарҵеит.

«Аԥсны аибашьра алагеит ҳәа ансаҳа, раԥхьаӡа иргыланы Нальчикҟа аҭел сасны, Жәларбжьаратәи ачерқьестә Ассоциациа ахьӡала адыгақәа (ачерқьесцәа) рахь ааԥхьара ҟасҵеит Аԥсны ацхыраара ацаразы. Анаҩс Ҟабарада-Балкариаҟа сыԥрит, уаҟа хатәгәаԥхарала еибашьра ицоз рсиақәа реиқәыршәара иалагахьан», — ҳәа игәалаиршәоит Калмыков, ишәҟәы «Алахьынҵа аҭагәҭасрақәа» аҟны.

Калмыков иҟаиҵаз ацхыраара Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ахә ҳаракны ишьон, дагьиԥхьаӡон ҩыза гәакьас, згәы разыз, абаҩхатәра ҷыда злаз иашьас.

Абас Арӡынба иҩуан Калмыков изкны: «Реиҳа ианыуадаҩӡаз аамҭазы <…> ҳажәлар рыхьчаразы зегь раԥхьа зыбжьы зыргаз дыруаӡәкын. Ибзианы идыруп уи иахырҟьаны акыраамҭа длаԥшықәҵаны дышрымазгьы».

Аԥсны иҟоу шыҟаҵәҟьоу Калмыков дацәымшәакәа иаартны еиҭеиҳәеит Америка, ақалақь Атланта имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциаҿы иқәгылараан. Аконференциа мҩаԥысуан 1993 шықәсазы, иагьазкын Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа, Калмыков уахь ааԥхьара ирҭеит Картер-центр аҟынтә (1982 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рхада Џьимми Картер иаԥиҵаз икоммерциатәым иҳәынҭқарратәым аиҿкаара — аред.)

Уи аконференциа иалахәыз аҳәынҭқарратә усзуҩы, аполитолог Наҭелла Акаба, Иури Ҳамзаҭ-иԥа иқәгылара лгәаларшәо иазгәалҭеит: «Иқәгылара агәра унаргон. Америка атәылауааи, аконференциа иалахәыз егьырҭгьы зегьы иажәақәа азҿлымҳара рызцәырыргеит. Ҳәарада, анырра ҟанаҵон усҟан азы Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа аминистрс иҟазаара, иара убасгьы зегьы даарылукаартә дахьыҟазгьы. Дуаҩ ҟәышын, аиаша дашьҭан. Иури Ҳамзаҭ-иԥа убас иаартны Аԥсны апроблемеи, Асовет Еидгыла ахабгалара иадҳәалаз атрагедиеи, иӡбамкәа иҟаз аиҿагыларақәеи дрылацәажәон, игәра умгар залшомызт. Сара сгәы иаанагоит, уи иқәгылара Аԥсназы акырӡа аҵанакуан ҳәа».

Калмыков Муҳаммед Кьылба игәалашәарақәа рыла

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Иури Калмыков Аԥсны жәлар ириҭаз адгылара далацәажәауа, Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба иазгәеиҭоит:

«Иури Ҳамзаҭ-иԥа Калмыков ихьӡ аԥсуа-адыга, ачерқьес дунеи аҟны зегьы еицырдыруа, пату зқәу хьӡуп. Иури Калмыкови, москватәи «Адыга хаса» аиҳабы Борис Агбашеви роуп аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳдиаспора зегьы шьҭызхыз, уи ахаҭарнакцәа роуп раԥхьатәи афинанстә цхыраарагьы ҳзаазышьҭыз. Сара издыруеит, аибашьра цонаҵы дара рыҩџьагьы акатер иақәтәаны Адлерынтәи Гәудоуҭанӡа афинанстә цхыраара рыманы ишааз. Хаҭала дара срықәымшәаӡеит, аха Владислав Григори-иԥа уи акырынтә далацәажәахьан».

Муҳаммед Кьылбеи Иури Калмыкови хаҭала еибадырит аибашьра ашьҭахь, Черқьесск ақалақь аҟны. Анаҩс Кьылба зныкымкәа дрылахәын Калмыкови Аԥсны аиҳабыреи реиԥыларақәа.

Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, Иури Ҳамӡаҭ-иԥеи Владислав Арӡынбеи аиҩызара бзиа рыбжьан. Еиҳараӡакгьы ихаҿы инханы иҟоуп «Кавказ аԥацәа нагақәа» хҩык — Баграт Шьынқәбеи, Владислав Арӡынбеи, Иури Калмыкови реиқәшәара. «Ҳәарада, аофициалтә еиқәшәарақәа рышьҭахь, еиҿкаахон итрадициатәу аԥсуа еишәачара, — еиҭеиҳәоит Кьылба, — исгәалашәоит убас еиԥш иҟаз еидтәаларак. Тамадас дыҟан Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа, аха аиԥылара ахырхарҭа хада арҭон Владислав Арӡынбеи, Баграт Шьынқәбеи, Иури Калмыкови. Усҟан сара иџьасшьон, абас еиԥш иҟоу ауаа дуқәа, еиқәтәа-еиқәгыла иҟаз, ахәыҷқәа реиԥш агәырӷьара ахьрылшоз. Ари аигәныҩра ҵаула иаамҭан... Иахьеидтәалаз иргәаламшәоз ҳәа иҟааз!Иаарыкәыршаны гәырӷьаран!».

«Ауаа дуқәа зегь реиԥш, аԥеиԥш абара илшон»

Убас иҟалеит, Калмыков иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, дахьыҟаз аԥхьа инеиқәаз дыруаӡәкхеит Муҳаммед Кьылба. 1997 шықәса, ажьырныҳәамзазы Иури Ҳамзаҭ-иԥа дзықәтәаз аҳаирплан аҳаирбаӷәаза «Минеральные воды» аҟны итәеит, уаантәи Черқьессқ имҩаԥысраны иҟаз Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа аизарахь дцарц игәы иҭан. Кьылба Черқьесск днеихьан, Калмыков аҳаирбаӷәаза ахыбраҿы иаалырҟьаны иԥсҭазаара дшалҵыз азы ажәабжь аниаҳа.

«Аԥсышьҭаҵарҭаҿ дыҟоуп ҳәа анҳаҳа, иаразнак уахь ҳдәықәлеит. Исгәалашәоит, уи аҽны ԥсшьарамшын, уаантәи иара игарагьы мариамызт, иаҭахын еиуеиԥшым ашәҟәқәа. Аха урҭ азҵаарақәа зегьы ирласны иӡбан. Сара сыруаӡәкын Иури Ҳамзаҭ-иԥа аԥсышьҭаҵарҭаҟнытә дыҩнызгоз», – игәалашәоит Муҳаммед Кьылба.

Калмыков анышә данарҭоз аҽны ажәлар еизеит, дызҭаз акәыба рнапы иқәыргыланы Черқьесск ақалақь иалганы идгьыл гәакьа Абазақыҭ абжьаларҭа аҟынӡа инаргеит. Ҳаҭырқәҵарала анышә дамардеит.

«Аамҭак ашьҭахь Калмыков иԥшәмаԥҳәыс Октиабрина Калмыкова лҟынтә исаҳаит, Иури Ҳамзаҭ-иԥа иԥсра хәыҷык шагыз еиԥш, инапала инышәынҭра аескиз шҭиххьаз. Дуаҩ дуун, ауаҩ дуқәа зегь реиԥшгьы аԥхьаҟа изыԥшу абара илшон», – ҳәа азгәеиҭеит Кьылба.

2008 шықәсазы Черқьесск иргылан Иури Калмыков ибаҟа. Аҟәа амҩадуқәа руак ихьӡ ахыуп. Иури Ҳамзаҭ-иԥа изы ииубилеитәу ари ашықәс азы Аԥсны еиҿкаахоит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, ҳтәыла аҩыза ду, Кавказ аҵеи лаша игәалашәара иазкны.

Аматериал архиараан ахархәара рыҭан абарҭ ахыҵхырҭақәа:

  • Адам Дымов. «Иури Калмыков. Аиаша азин»
  • Адокументалтә фильм «Алахьынҵа аҭагәҭасрақәа», Черқьесск ателехәаԥшра
  • Ателехәаԥшратә фильм «Кавказ анамыс. Иури Калмыков», Аԥсуа Телехәаԥшра
  • Иури Агирбов. «Ихьӡ иацу агәадуреи, агәыӷреи. Ачерқьес жәлар Рыпрометеи»