Аԥсуа ҭҵаарадырра зыда ухаҿы иузаамго иналукааша аҵарауаҩ ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шьалуа Инал-Иԥа ҩынҩажәижәаба шықәса инеиԥынкыланы аҭҵаара аус инапы алакын, Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, алитературеи рыҭҵаараҿы хәы змаӡам илагала ду ҟаиҵеит.

Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа – ажәытәӡантә иаауа аԥсуа ҭауад жәла Инал-Иԥацәа дырхылҵшьҭроуп. Иара ихаҭа ижәла абас акәын ишиҩуаз: аҩ-хәҭакгьы нбан дула, уи дыршаҳаҭуеит ихьӡ зну адокументқәа зегьы. Абасҵәҟьагьы акәын XIX ашәышықәсазы абри ажәла шанҵаз, Урыстәылатәи аимпериатә еилазаара Инал-Иԥацәа ргерб анышьақәдырӷәӷәоз: убасҟангьы ажәла Инал-Иԥа анырҵеит адефис бжьаҵаны, аҩ-ажәакгьы нбан дула. Шьалуа Инал-Иԥа иҭаацәа иалоу зегьы иара ус ауп рыжәла шырыҩуа иахьа уажәраанӡагьы. 

Шьалуа Денис-иԥа диит жьҭаара 20, 1916 шықәсазы (ашәҟәқәа рҿы ииашамкәа иарбоуп 1914 шықәса ҳәа) Гәыԥ ақыҭан. Абжьыуаа рган Инал-Иԥацәа ҭоурыхла изқәынхоз дгьылқәамызт. Абри атәы еиҭалҳәоит Шьалуа Инал-Иԥа иԥҳа Арда, зҭаацәа рҭоурыхи, заб иԥсҭазаара иадҳәалоу хәы змаӡам агәалашәарақәеи гәыбылрала еиқәырханы измоу.

«Ҳара ҳабашьҭрагьы, ҳажәла зегь реиԥш, аханатә иахьынхоз Бзыԥ аганахь ақәын. Аха саб иабду Гьаргь Инал-Иԥа иашьа Нарџьхьоуи иареи ахьынхоз Калдахәареи Пицундеи рџьынџь дгьылқәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит, избан акәзар аинрал Горчаков инапаҵаҟа аҟалара зынӡаск ирҭахӡамызт. Убас ҳара ҳабиԥара Абжьыуаҟа иианагеит, раԥхьа Река ақыҭан итәеит, нас Гәыԥ нхара ииасит, иара уоуп Шьалуа Денис-иԥагьы дахьииз. Иани иаби заа иԥхеит, иааӡараҿы рџьабаа рацәоуп Аҭәмаа рҭаацәара, иара убасгьы Аԥсны зыхьӡ адыруа арккаҩы Пиотр Ҷараиа», – ҳәа еиҭалҳәоит Арда Иналԥҳа.

Ашьхарыуаа рышкол аҟны    

1922 шықәсзы аб данрыԥха аамышьҭахь, Шьалуеи егьырҭ ахәыҷқәеи ран лымацара илааӡон. Акырӡа зҵазкуаны, илахьынҵаӡбагахаз хҭысны Шьалуа Денис-иԥа ихаҭа иԥхьаӡон Аҟәатәи иҿырԥшыгоу ашьхарыуаа рышкол аҭалара (иахьа – Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол № 10 – аред.). Аҟәатәи акомиссиа иара далнакааит аҟыбаҩ змоу ҵаҩык иаҳасабала, алагарҭатә школ аҟынтә Ашьхарыуаа рышкол ахь ииагарагьы иахаҵгылеит. Шьалуа хәыҷы даара деигәырӷьон аҵаратә ԥсҭазаара ахьеилашуаз аилазаара дахьахәҭакхаз. Ашкол данҭалоз урысшәала ажәак-ҩажәак мацара шракәызгьы иидыруаз, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашколаҿы иреиӷьу аҵаҩцәа дыруаӡәкхеит. "Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩцәа анырра ду ҟарҵеит иара ишьақәгылараҿы. Ирҵаҩцәа аӡәырҩы рыхьӡқәа ҳхәыҷаахыс иаҳдыруан», – ҳәа лгәалалыршәоит Арда.

Ашкол данҭазтәи аамҭазы иҟалаз хҭыск даара ибзианы иаанарԥшуеит Шьалуа Инал-Иԥа ихаҭара зеиԥшраз. Ашьхарыуаа рышкол ахь даниарга, зҟыбаҩ бзиаз иара иҩызак алагараҭатә школ аҿы дахьаанхаз ҭаха инаҭомызт. Шьалуа хәыҷы ашкол адиректор Кондрат Фиодор-иԥа Ӡиӡариа иҟынӡа анеира илыршаны, иҩыза иӡбахә изеиҭеиҳәеит. Кондрат Фиодор-иԥа аҷкәын иажәақәа рыгәра игеит, ҩымшгьы аамҭа ииҭеит иҩыза ашкол ахь дааигаразы. «Шәазхәыц ишыцәгьаз, закә шәарҭаразгьы иацыз усҟантәи аамҭазы ҷкәына хбыџк имацара Аҟәантә Гәыԥ ицара, аха Шьалуа Денис-иԥа илшеит, – ҳәа еиҭалҳәоит Арда Иналԥҳа. – Дара аҩыџьагь ашкол еицалгеит ахьтәы медалқәа рыманы. Рыцҳарас иҟалаз, иҩыза дышқәыԥшыз аибашьра адәаҿы дҭахеит (Асовет Еидгылеи Финлиандиеи реибашьра абҵара 30, 1939 – хәажәкыра 13, 1940 шш. рыбжьара имҩаԥысуаз ауп зыӡбахә ҳәоу – аред.).

«Жәлар раӷа» диашьоуп ҳәа ихҳәаареи ауниверситетқәеи

Сталин ирепрессиа ашықәсқәа Инал-Иԥа иҭаацәара ааха ӷәӷәа арҭеит. Аԥҳьа, 1937 шықәсазы дҭаркит, нас иеихсны дыршьит иашьа Илларион, «дытроцкиступ» ҳәа (атроцкистцәа ҳәа рзырҳәон Лев Троцки амарксизм атеориа азнеишьас иаиҭаз адгылаҩцәа – аред.). Анаҩс Петроград ақалақь аҟны «Киров иус» дадҳәалоуп ҳәа (1934 шықәсазы асовет политик Киров ишьра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны Асовет Еидгыла зегь аҿы арепрессиақәа ирылагеит – аред.) дҭаркит Шьалуа иашьеиҳаб Ипполит, уи усҟан даспирантын, академик Николаи Вавилов напхгаҩыс диман. Абарҭқәа лгәы иазымычҳакәа, Шьалуа иан лыԥсҭазаара далҵуеит, иара ашкол далганы аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа аниҭиуаз амшқәа рзыҵәҟьа.

Ателехәаԥшра иаиҭоз аинтервиуқәа руак аҿы Шьалуа Инал-Иԥа еиҭеиҳәоит ашкол даналгоз амаҭәарқәа жәпакы рҟны еиԥшны аихьӡара бзиақәа шимаз, анаҩс хырхарҭак алхра ицәыуадаҩхо аҟынӡа ҳәа, аха аҵыхәтәан афилософиа алихуеит. Москва дцаны дҭалоит Чернышевски ихьӡ зху, афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи Москватәи ринститут, афилососфиатә факультет. Аха «жәлар раӷа» диашьоуп ҳәа уаҟа аҵараҵаха ирымҭеит. 

1938 шықәсазы Инал-Иԥа дҭалоит Либкхнет ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аҭоурыхтә факультет. Аха ари аҵараиурҭагьы алгаха имоуит излагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра ду амшала. Иара афронт ахь дцеит, Десна аӡиас ахықәан атанкқәа рҽацәыхьчаратә цәаҳәақәа рыргылара далахәын. Аха уа дыҟанаҵ ӷәӷәала дычмазаҩхан, иԥсадгьыл Аԥсныҟа аара иқәшәеит. Иҵара иациҵеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет аҟны, хара имгакәа уи далгеит диплом ҟаԥшьыла.

1943 шықәсазы Шьалуа Инал-иԥа Қырҭтәылатәи АССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭоурыхтә институт аҟны даспирантхоит, ҷыдала аетнографиа аҭҵаара иҽазикуеит. Раԥхьатәи ҭҵаарадырратә темас ишьҭихит аԥсуаа рҟны аҭаацәаратә институт традициала аиҿкаашьа. 

1946 шықәсазы Шьалуа Денис-иԥа аҭҵаарадырратә усзуҩ иаҳасабала дрыдыркылеит академик Марр ихьӡ зхыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт ахь. Араҟа уи аус иуит 1988 шықәсанӡа, дагьынаӡеит аетнографиа аҟәша аиҳабыи, аҭҵаарадырра аҟәша знапы иану аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩи рмаҵурақәа рҟынӡа. Шьалуа Инал-Иԥа қәҿиарала еилеигӡон аҭҵаарадырреи, арҵаҩреи, Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҟны аусуреи. 

Аҭҵаарадырратә интересқәа

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Анчабаӡе аҵарауаҩ Шьалуа Инал-Иԥа изкны ииҩыз аочерк аҟны иазгәеиҭеит, уи иҭҵаарадырратә усура дшалагаз иаспирантра ашықәсқәа раан. Аԥсны араинқәеи ақыҭақәеи рахь аекспедициақәа рымҩаԥгараан Инал-Иԥа хәыц-хәыц еизганы, афиксациа рзиуан абарҭ ҩ-темак рыла аматериалқәа: аԥсуа нарҭтә епос аҳәамҭақәеи, Аԥсны атопонимикеи, анаҩс уи аматериал аҭҵаареи аклассификациа азуреи рзын. Адиссертациа аус адулараан азҿлымҳара ҷыда аиҭон аԥсуаа рҭаацәаратә бзазашьеи, руаажәларратә ԥсҭазаашьеи ирыдҳәалаз аҵас-қьабзқәа ранҵара. 

Инал-Иԥа иҭҵаарадырратә интерес аиҳарак иахьыҟаз аетногенез (ажәлар рхылҵшьҭра – аред.) азҵаарақәеи, аԥсуа жәлар ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи рҟноуп.

«Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа ҷыдала азҿлымҳара аиҭон аԥсуааи урҭ рыиашьара жәларқәеи – ашәуааи, адыгааи, иара убас еиҳарак аинтерес ду изцәырызгоз аубыхқәеи – дареи рыбжьара иҟаз аҭоурыхтә еимадарақәа зеиԥшраз, лҵшәақәас иҟарҵаз аилкаара», – ҳәа иҩуеит Анчабаӡе.

Аҵарауаҩ хықәкыла дыззааҭгылоз темоуп – аԥсуа бызшәа. 1960 шықәсазы Мушьни Аҳашбеи иареи аԥсуа терминологиатә жәар аиқәыршәареи, аредакциа азуреи рнапы алакын. 1980-тәи ашықәсқәа рзы атәыла аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵареи аҭҵаареи иахылаԥшуа акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан.

Шьалуа Инал-Иԥа афольклор аҭҵаараҿгьы илшамҭақәа рацәоуп: аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, ҳаҭалагьы Нарҭаа репос иналукааша аҭҵааҩцәа дыруаӡәкуп. Хәыхәыт Бӷажәбеи иареи рыхьӡқәа еицырҳәоит аԥсуаҭҵаараҿы алитературатә критика ажанр хацзыркыз раҳасабала. Шьалуа Инал-Иԥа шьаҭанкылатәи иусумҭа ду «Абхазы», ихарҭәааны 1965 шықәсазы иҭыҵыз, Иури Анчабаӡе иажәақәа рыла, аԥсуаа ретногенези, рмилаҭ аҿиара аҭоурыхи, аԥсуа доуҳатә, материалтә культурақәеи ирызку адыррақәа еидызкыло енциклопедиоуп ҳәа иуԥхьаӡар ҟалоит.

Аимакқәа зхылҿиааз ашәҟәи, хәы змаӡамыз архив ацәыӡреи

1976 шықәсазы акьыԥхь абоит амонографиа «Аԥсуаа ретно-культуратә ҭоурых азҵаарақәа». Ари аусумҭа Инал-Иԥа аԥсуа жәлар ретногенез аганахьала иҭҵаарақәа акрызҵазкуа аихшьала рзыҟанаҵоит. «Иазгәаҭатәуп, – иҳәоит Анчабаӡе, – аетногенези аетникатә ҭоурыхи ургәылаланы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара усҟан лассы-лассы ашәарҭара зцыз акакәны ишыҟаз. Ажәларқәа рхылҵшьҭра, аетникатә теориақәа реизыҟазаашьа, аҭыԥантәи ауааԥсыра равтохтонтәреи, мамзаргьы џьарантә арахь рықәнагалареи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа, ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи иргәылсны аҭоурых ахь ухьазырԥшуаз, еснагь аполитикатә ҟазшьа ҵары шьҭырхуан, убри аҟнытә аидеологиатә, ахылаԥшратә усбарҭақәа еснагь рылаԥш ааихымсыхьӡакәа ирышьклаԥшуан». Ашәҟәы ианыз ақырҭқәа даара иргәамԥхеит, Шьалуа Инал-Иԥа ҵарауаҩк иаҳасабала ҭаха ирымҭо иалагеит, днационалиступ ҳәа ахара идырҵон, «аԥсуааи ақырҭқәеи еичирчарц даҿуп» рҳәон.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Шьалуа Инал-Иԥеи уи иԥәшәмаԥҳәыс Мира Константин-иԥҳа Хотелашьвили аӷацәа иааныркылаз Аҟәа иалаханы иҟан. 1992 шықәса, жьҭаара 22 рзы ақырҭуа гвардиауаа Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт – аред.) гьангьашрала ианырблы, уи амца иалаблит Шьалуа Инал-Иԥа иусумҭақәеи, инапылаҩырақәеи реиҳараӡак, аҭыжьра иазырхианы иҟазгьы уахь иналаҵаны. Ари даара иааха ӷәӷәахеит аҵарауаҩ изы, уи иԥҳа лажәақәа рыла, иԥсы ахьынӡаҭазгьы аҵыхәтәанынӡа дзалымҵыцкәа дыҟан. Убри абылра аныҟала ашьҭахь, уаҳа иуаҭах дагьыҩнымҵит, ианамухгьы аҩны иҟоу сархив сыхьчап ҳәа, уи иуалԥшьас иԥхьаӡон, уагьы хәы змаӡам адыррақәа еидкылан, ҳәарада. 

Иҭаацәеи иҩызцәеи рзааигәара

Арда Иналԥҳа лажәақәа рыла, Шьалуа Денис-иԥа абык иаҳасабала даара дыгәцаракын, дгәыбылҩын. «Иара илшон хаала, аха ухшыҩ азцаратәы, еицырдыруа ауаа рыԥсҭазаарақәа рҟынтә, ма иара ихатә ԥсҭазаара аҿынтә аҿырԥштәқәа ааганы, ауаҩы ишьақәгылара зыда иҟамло апринцип ӷәӷәақәа ҳалааӡара. Ауаа аус бзиақәак рыла рҽалыркаазар, убри алкаашьа, алагәырӷьашьа дақәшәон, убри алагьы иаҳирҵон, аамысҭашәареи, агәымшәареи, агәыҳалалреи, агәадуреи пату рықәҵашьа, ҳаргьы еснагь убас ҳаҟазарц ҳгәаԥхартә еиԥш… Ихы данақәиҭыз аамҭа даара имаҷны иман, аха аԥсшьарамшқәа рааны, анаукатә, ма ауаажәларратә усқәа дырҿымкәа дыҟазар, зегь ҳаиманы ҳшынҭаацәоу Аӡыҩбжьаҟа ҳцон, иашьеиҳаб Ипполит иҭаацәеи иареи ахьынхоз аҩнаҭахьы. Абарҭ ҳцарақәа рааны, ҭаацәашәалатәи ҳаибабара еиӷьу аамҭак ыҟамзар ҟаларын. Ажәытәӡатәи Аԥсныи, аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи, асовет аамҭа афырхацәеи ахҭысқәеи уҳәа ирыдҳәалаз ажәабжьқәа реиҳараӡак, иара убасгьы ҳажәла Инал-Иԥацәа рхылҵшьҭра иазку аҭоурыхқәеи раԥхьаӡа акәны иахьҳаҳаз убри аӡыҩбжьатәи аҩнаҭаҿоуп. Лассы-лассы ҳаб ҳаигалон археологиатә жрақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рахьгьы, аҭоурыхтә баҟақәа ҳирбон».

Шьалуа Инал-Иԥа иԥеи иԥҳаи Адгәыри Ардеи раб иҟынтә ишқәыԥшқәаз ирдыруан Аԥсны аҭоурых иашаҵәҟьа аҭҵаара иацыз ауадаҩрақәа. Аҵарауаҩ ихәыҷқәа ианрызҳа, иԥсадгьыл алахьынҵазы имаз агәҭынчымрақәеи ахьаақәеи рыцеиҩишон. Аха уи адагьы, иара лымкаала иԥсы зыҿҳәараз Аԥснытәи ашьхақәа ргәыбылра диркит ихәыҷқәагьы. Адгәыр Инал-Иԥа убри аҟара ашьханыҟәара игәаԥхеит, дагьазҟазахеит, Ельбрус ашьха ақәцәагьы дхалартә аҟынӡа. Шьалуа Инал-Иԥа аҽықәтәарагьы даара бзиа ибон аҟнытә иԥҳа Ардагьы илгәаирԥхеит.

Шьалуа Инал-Иԥа, жәаҳәарада, иԥеи иԥҳаи рзы зегь рыла дҿырԥшыган. «Сара даара сеигәырӷьон Москва аҵара анысҵоз, саб дансзаауаз, – ҳәа лгәалалыршәоит Арда Иналԥҳа, – урҭ амшқәа еснагь иҭәын аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәеи, амузеиқәеи атеатрқәеи рҭааралеи рыла. Шьалуа Денис-иԥа есымша дҳалабжьон адунеи ҳҽаҟәыҭханы ҳаанымхарц, аурыси адунеитәи акультурақәа иахьынӡауа иҵауланы реилкааразы лшарас иҟоу зегьы ҳхы иаҳархәаларц».

Атопонимика ашьҭашәарыцареи, аныҳәаҿақәа рҳәара азҟазареи

Хҭысла ибеиаз аҵарауаҩ иԥсҭазаара аҟынтә иԥҳа иалылкаауеит Шьалуа Инал-Иԥа раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәыла иаҭаауаз аԥсуа делегациа дахәҭакны аԥсуа диаспора дырԥыланы, дрыҿцәажәаны даныхынҳәуаз амш, уа имҩаԥысит хашҭшьа зқәым аиқәшәарақәа. Убасгьы лгәалашәараҿы иаанхеит лаби лареи Шәача акәша-мыкәша рныҟәарақәа, уа иара ианиҵон макьаназы еиқәханы иҟаз аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа, хьаас иҟаҵангьы еиҭеиҳәон XIX-тәи ашәышықәсазы арҭ аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуаз ишьаарҵәыраз ахҭыс хьанҭақәа рыӡбахә. 

Инал-Иԥацәа рыҩнаҭа ахаангьы асасцәа агхомызт. «Москвантә, Ленинградынтә асасцәа ҳзаауан, саб иҩызцәеи иколлегацәеи ҳҭаауан, урҭ зегь иналукааша хаҭарақәан, – ҳәа еиҭалҳәоит Арда Иналԥҳа. – Аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәа ҳаман есымша. Насгьы, Шьалуа Инал-Иԥа астол амҩаԥгашьа даараӡа ибзианы идыруан, аныҳәаҿақәа рышьҭыхраҿы дҟазан, асасцәа еснагь зҿлымҳара дула изыӡырҩуан. Иҩызцәа зегьы реиқәыԥхьаӡара уадаҩуп, уи даара ауаа дырзааигәан, аҩызцәа-адырцәа рацәаҩӡаны иман. Аҭҵаарадырреи, алитературеи рҟны аџьабаа збоз, аԥсуа жәлар рлахьынҵа хьаас измаз иҩызцәеи иареи ешьарак реиԥш еизааигәахеит, убри аҟнытә урҭ зегьы реиқәыԥхьаӡара салагар, аӡәы машәырла дысцәыбжьахар ҳәа сшәоит. Рыхьӡ сҳәоит ихәыҷра шықәсқәа инадыркны иԥсы ахьынӡаҭаз абзиеи-ацәгьеи рҿы ивагылаз, иара иеиԥш Гәыԥ ақыҭа иалҵыз иҩызцәа хҩык рыхьӡқәа: Езыгә Габелиа, Алықьса Гәарамиа, Лев Гармелиа».

Шьалуа Инал-Иԥа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан хнырҳәышьа змамыз ацәыӡ дуқәа дрыниеит. Иуникалтәыз иархив абылра иинаҭаз ааха изхымгацкәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ахыркәшамҭаз, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәраан дҭахоит иара иԥазаҵә Адгәыр Инал-Иԥа – аҵарауаҩ қәыԥш, афизик, Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа ринститут аусзуҩ. Ари аныҟала ашьҭахь аби аҭаацәеи ирыԥсҭазаашьахаз ахаҿы аагара уадаҩуп. 

Шьалуа Денис-Иԥа иҷкәын заҵә даниԥха ашьҭахь даҽа ҩышықәса роуп иниҵыз: иԥсҭазаара далҵит 1995 шықәсазы.

Аҵарауаҩ ду иаҳзынижьыз аҭҵаарадырратә ҭынха даараӡа амҽхак дууп: уи аҭҵааразы мацара аспециалистцәа ԥыҭҩык адыԥхьаланы акыр аџьабаа абара аҭаххоит. Иусумҭақәа интересуп аетнографцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, алитератураҭҵааҩцәеи рзыҳәан еиԥш, аԥсуаа ажәытәтәи рыбзазашьеи, рҟазшьақәеи, рҵасқәеи, рқьабзқәеи инарҭбааны еилызкаарц зҭаху зегьы рзы.