2019 шықәсазы лиубилеи азгәалҭоит «аԥсуа кәашара аҳкәажәс» иазхаҵоу Аԥсны жәлар рартистка Маиа Гьерзмааԥҳа.

Арифа Қапԥҳа

Зыԥшӡарала убла хызкуа ашьха қыҭа Дәрыԥшь инхоз, музикада зыԥсҭазаара зымбоз аҭаацәараҿы 1949 шықәса, ԥхынҷкәын 22 рзы диит аӡӷаб хәыҷы Маиа – заԥхьаҟа жәлар рартискас, «аԥсуа кәашара аҳкәажәс» иҟалараны иҟаз. Маиа Гьерзмаа аҭаацәараҿы быжьҩык ахшара дыруаӡәкын. Лаб Џьгәаҭ Гьерзмаа, абыргцәа рхор «Нарҭаа» аҟны ашәа иҳәон, лан Вера Анқәабԥҳа – иссирны, деихышәашәо дкәашон.

«Бааи ҳаицыкәашап!»

Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа илгәалашәоит, аҭаацәараҿы ахәыҷқәа акәашара атмосфера ишалааӡаз.

«Ҳаныхәыҷыз нахыс иаҳбон акәашареи, ашәаҳәареи, агәырӷьареи, ҳаҩнаҭа еснагь асасцәа аҭааны иҟан, урҭгьы акәашареи ашәаҳәареи бзиа ирбон. Убас ала, амузикахь исымоу агәыбылра имузикалтәыз сҭаацәара рҟынтә иаауеит», - лҳәоит артистка, иагьеиҭалҳәеит лашьцәаа руаӡәк – Леуарса Гьерзмаа (Аԥсныи Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа лаб – аред.) «уамакала бзиа ишибоз ԥсыуала акәашара», ачарақәа рахь данцозгьы, лассы-лассы иаҳәшьа диманы дцон «баала, ҳаицыкәашап» ҳәа лаҳәаны.

Лқыҭа гәакьаҟны ашкол даналга ашьҭахь, Маиа дазхәыцуа далагеит Аԥсны ашәаҳәаратә, акәашаратә ҳәынҭқарратә ансамбль алалара. «Ансамбль аҟны саҳәшьеи сымаҳәи ашәа рҳәон, саргьы лассы-лассы урҭ рконцертқәа рахь сныҟәон, - ҳәа илгәалалыршәоит Гьерзмаа. – Сара даараӡа исгәаԥхон аҭыԥҳацәа шыкәашоз ахәаԥшра, урҭ реиҳараҩык қырҭцәан, аха рыбжьара дыҟан ԥсыуа ҭыԥхакгьы, иуникалтәыз акәашаҩ Сусанна Џьниаԥҳа – лара слыхәаԥшуа есқьынагьы сазхәыцуан, абас иссирны акәашашьа шԥалылшои ҳәа. Ҳәарада, гәаҳәарасгьы исыман убри ансамбль алалара».

Лгәаҳәара анагӡаразы, аҭыԥҳа илылшоз зегь ҟалҵон, лхықәкы дацәхьаҵуамызт. Дышқәыԥшыз нхара ҳәа диасуеит Аҟәа иҟаз лаҳәшьа лахь, уаҟа лара дҭалоит ахореографиатә ҵараиурҭа. Хара имгакәа, аус лҽазҵәылхреи лхьамҵреи ирыбзоураны ансамбль ахь амҩахыҵра лылшеит: артистцәеи ахореографцәеи аӡӷаб илыхәаԥшны ирыӡбар акәын, уи аколлектив ахь лгара алшо, иалымшо.

«Иаасыхәаԥшын ус рҳәеит: лоура ыҟоуп, лыԥшрагьы ыҟоуп, аритм шылныруа убоит, ллымҳагьы ҵаруп. Даҳгоит рҳәеит. Шәхаҿгьы ишәзаагарым убасҟан сара исоуз ацәаныррақәа, сара сыԥсҭазаараҿы уи амш зегьы реиҳа инасыԥыз акәын! Уи аҽны сара сныҟәомызт, сԥыруан», - еиҭалҳәоит артистка.

Убас, жәаф шықәсагьы нагӡаны изхымҵцыз Маиа Гьерзмаа, хьӡи-ԥшеи змоу Аԥсны ашәаҳәаратә, акәашаратә ҳәынҭқарратә ансамбль дақәшәоит. Аха, аколлектив дахәҭакҵәҟьаны дҟалаанӡа, насгьы асолистка лыстатус лоуаанӡа макьана акыр бжьан… уи анахысгьы, лколлегацәа дазхарҵо дҟалаанӡагьы макьана акраҭахын.

«Наҟ дықәыжәга, уи ахаангьы дкәашаҩны дзыҟалом»

Маиа «аԥсуа кәашара аҳкәажә» ҳәа атитул аиурахь ихаз лымҩа зынӡагьы имариамызт, уарҳалла ихҟьаны, ма шәҭыла иҭалаҳаны иҟамызт. Илыԥгылаз рацәан.

Аҳәынҭансамбль ахь Маиа даннеиуаз аамҭақәа рзы еиҳарак икәашоз ақырҭуа ҭыԥҳацәа ракәын. Аԥсуа ҭыԥҳа ԥшӡа лааира, артистка ибзианы излалгәалашәо ала, зынӡагьы иамеигәырӷьеит.

Урҭ рахьтә аӡәы лҟынтә адгылара, ма абжьгарак лоуа ҳәа аӡбахәгьы ыҟамызт, лҳәоит Гьерзмаа. Уи моу, лышьҭахьҟа игыланы ирҳәақәоз лаҳауан «Наҟ дықәыжәга, уи ахаангьы дзыкәашаҩхом» ҳәа. Маиа урҭқәа хьаас илымкуашәа ҟалҵон, аха ҩнуҵҟала даара игәнылгон, аҩны данааилак дҵәыуон. Аха ус шакәызгьы, акәаша акажьра зныкгьы лхаҿы имааит. Ақырҭуа кәашацәа дахьатәарымбоз амшала еиҳагьы лҽақәкны илкит акәашара, «Егьа сцәагаргьы скәашаҩхароуп, аӡәы сиеицәахом, зегь сылшоит!» ҳәа лыӡбеит.

Убри лыгәҭакы – зегьы иреиҳаз лгәахәтәы анагӡаразы лҿаԥхьа иқәлыргылеит ахықәкы, иахьа иҟаҵатәу, уаҵәы иҟаҵатәу ҳәа еизыршәшәа дазхәыцны. Раԥхьаӡа инаргыланы, акәашаратә

ҟазара уҵарц азы аиҭаҵшьақәа зегь шҵатәу еилылкаауан азы, Гьерзмааԥҳа иреиӷьу арҵаҩцәа рҿы лҽазыҟалҵо далагеит. Ансамбль ахореограф Фазлыбеи Ҟуруа иҿы лҽазыҟалҵон, иара уи аамҭазгьы Акультпросветучилишье аҟны ахореографиа арҵаҩцәа рахь дныҟәон. Аха Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа излалҳәо ала, зегь иреиҳау рҵаҩыс дылзыҟалеит ақырҭуа хореограф Гиви Вашакиӡе. «Даара илеишәа цәгьан, – еиҭалҳәоит Гьерзмаа. – Сара сиҳәеит сазыҟаиҵарц, акыраамҭа мап икуан сҟазшьа бзышьҭыхӡом, наҟ баҟәыҵыр иаҳа еиӷьуп ҳәа сеиҳәон. Аха сара агәра исыргеит ҵаҩыс сигар, ак шсылҵуа».

«Иҿаҳау» акәашаҩ «ицәажәо» ицәеижь

Вашакиӡе ирҵаҩратә стиль ҷыдарас иаман абри аҩыза азнеишьа: акәашара аелементқәа абас ауп ҳәа рынагӡашьа нҭырҳәцааны иуирбомызт, иҵаҩцәа ирыдиҵон амузыка иазыӡырҩны ҩнуҵҟала ргәы ишрыҵанаҳәо ала икәашарц, иаадырԥшырц.

«Лассы-лассы ус иҳәалон: «Ҩнуҵҟала ибнырроуп абри амузика ишацкәашатәу. Сара исҭахӡам напыла иҟаҵатәу аӡәы биҿыԥшны ибҵар, бнапқәа «цәажәалароуп». Ажәларқәа рыкәашарақәа анаҳҵоз, урҭ рынхашьа-бзазашьа, рҭоурых иазку ашәҟәқәа рыԥхьара сыдиҵон, изакә уаау, ирҟазшьоу еилыскаарц азы», – ҳәа еиҭалҳәоит Маиа Гьерзмаа лырҵаҩы изкны.

Абарҭ аҽазыҟаҵарақәа ирыбзоураны Маиа еилылкааит: акәашаҩ асценаҿы «дҿаҳауп», аха акәашаҩ бзиа ицәеижьхәҭақәа аус рулароуп, «ицәеижьхәҭақәа роуп ахәаԥшҩы иацәажәаша».

«Ажәада, пластикала мацара ахәаԥшҩы иҟынӡа иноугароуп асцена иқәу уперсонаж ихаҿсахьа. Абри ауп ихадароу, аха убри ауп зегь реиҳа иуадаҩугьы. Атеатр аҿы уцәажәар ҟалоит, акәашараҿы зегьы ажәада имҩаԥысроуп. Убасҟан ахәаԥшҩы дузҿлымҳаны, угәцаракны дышухәаԥшуа гәауҭазар, убри улшеит ауп иаанаго», - ҳәа азгәалҭеит Гьерзмаа.

Арҵаҩы бзиа иԥшаараҿы мацара акәым акәашаҩ қәыԥш иахьлықәҿиаз. Ихадоу мҩанызас илзыҟалеит лҟазшьа. Уахи-ҽни аҩны даныҟазгьы, азал аҿы даныҟазгьы, ааԥсарада лхы аус адылулон, лыкәашаратә ҟазара еизлырҳауан, аиҭаҵшьақәа акакала илцәуан. Абри зегьы, ҳәара аҭахума, иаарласны алҵшәақәа ҟанаҵеит: хара имгакәа Маиа лколлегацәа зегьы идлырбеит акәашара шлылшо.

Анаҩс, Аҳәынҭансамбь акадртә политика анырыԥсах ашьҭахь, аԥсуа ҭыԥҳацәа еиҳаны иааиуа ианалага, Маиа лакәхеит ансамбль асолистка хадас иҟалаз. Зны убас ҟалеит, ансамбль ахьықәгылоз ныҳәак аҿы, Гьерзмаа лакәын асоло назыгӡоз, азал аҿы итәан уаанӡа ансамбль иалаз ақырҭуа ҭыԥҳацәа рацәаҩны. Ақәгылара аамышьҭыхь урҭ рахьтә аӡәы, уаанӡа исолистказ, Маиа даалыдгыланы убас лалҳәеит: «Аиаша басҳәап Маиа, ашьхеи амшыни рҭыԥқәа рыԥсахит ҳәа сарҳәар агәра згар ҟаларын, аха абри бара бнапқәа абасҟак апластика рылоуп, абас акәашашьа бҵоит ҳәа сарҳәар ахаангьы агәра сызгомызт, иахьа абра лабҿаба изымбазҭгьы. Молодец бара!».

Апартниор ижәҩахыр

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны Маиа Гьерзмаа 37 шықәса аус луит. Гәыбылрала илгәалалыршәоит дызцыкәашоз апартниорцәа зегьы. Урҭ ргәаларшәара ҩаԥхьа дархынҳәуеит лкариера раԥхьатәи ашьаҿақәа аныҟалҵоз аамҭахь, иагьҳзеиҭалҳәоит зынӡа данқәыԥшӡаз зны асоло анагӡара шлаҭәаршьаз. Ари ԥышәарак иаҩызан. Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа лхаҭа излалыԥхьаӡо ала, лхы лырԥхашьоит ҳәа иазыԥшын, акгьы лзеиҿкааӡом ҳәа агәра ганы иҟан, нас убри ҿыҵгас иҟаҵаны аколлектив аанлыжьыр акәхон. Усҟан лара длыцхрааит лырҵаҩы иашьа гәакьа Аивенго Вашакиӡе.

«Даасыдгылан убас сеиҳәеит: «Бымшәан, сара бсыхәаԥшла, сахьцо бцала, ибдыруа шыбдыруа еиԥш бкәашала. Бареи сареи абри асоло ишақәнагоу еиԥш инаҳагӡоит. Убасҟан иара иажәақәа даара исыхәеит», - ҳәа лгәы азыбылуа илгәалалыршәоит артистка.

Убасҟан Маиа раԥхьаӡа акәны илнырит зыгәра уго апартниор ижәҩахыр закәу. Лаԥхьаҟа асценаҿы иреиӷьӡоу акәашаҩцәа дрыцкәашараны дыҟан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы – Владимир Кәарҷиа, Кандиди Арвелоди Ҭараа, Руслан Чамагәуа, Рауф Дасаниа, Вионор Ҭарба, Акаки Малиа, Владимир Гәыблиа уҳәа убас егьырҭгьы.

Иҟан зны лара лхаҭагьы акәашаҩцәа руаӡәк изы мҩақәҵаҩыс данықәгыла.

Абри ахҭыс убас иҟалеит. Ансамбль ахь дааит Валери Ҭаниа, уи иаразнак ҟазарала икәашоз дырхыԥхьаӡалахеит, аиашазы иара даараӡа ибзианы дкәашон, аха аҭыԥҳа лыцкәашашьа издыруамызт.

«Иара дкәашаҩ ссирӡан, аха ахала кәашараҿы акәын. Иара исеиҳәеит апартниорша ахаангьы дышлыцымкәашац. Сара шықәсык иназынаԥшуа аицыкәашашьа ирҵара саҿын. Иареи сареи ҳаицыкәашара аус адаҳулон. Абри зегьы иалҵшәаны ҳҩыџьагьы «Нарҭааи» Ауаԥсаа рыкәашареи еицынаҳагӡеит. Иара нас зегьы иреиҳәон: Маиа лоуп апартниорра закәу сзырҵаз», - ҳәа лгәалалыршәоит Гьерзмаа.

Маиа Гьерзмаа иналыгӡахьоу акәашарақәа зегьы рҟынтә лара иалылкаауеит «Нарҭаа» рыкәашара. Лара уаҟа шәҩык аишьцәа Нарҭаа ран Саҭанеи-Гәашьа лроль налыгӡон.

«Саҭанеи-ӷәашьа, алегенда излаҳәо ала, лыԥшӡарала ашьхеи амшыни лырлашон, мрашәа дкаԥхон, мзашәа дкаҷҷон, абри аҳкәажә лхаҿсахьа насыгӡеит сара. Абри акәашара сара сзы иԥшьоу акы акәын, иахьа уажәраанӡагьы ианысгәалашәо схәажьы гылоит», - лҳәоит артистка.

Агастрольқәа рҟынтә аҭоурыхқәа

Маиа Гьерзмаа ансамбль дацны еиуеиԥшым атәылақәа рахь агастрольқәа дрылахәын: Франциа, Чехословакиа, ФРГ, Аргентина, Африка атәылақәа.

Еиҳарак лгәалашәараҿы иаанхеит Польшаҟа рцара. Уаҟа дара ирԥылеит абас еиԥш аҩыра ду зныз абаннер кны «Бзиала шәаабеит, Аԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи назыгӡо ақырҭуа ансамбль!» ҳәа.

«Ҳделегациа аиҳабы, акультура аминистр Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын ари аниба, даара игәы ԥжәеит, апресс-конференциа еиҿикаан зегьы ирзеиҭеиҳәеит ҳара ақырҭуа коллектив шҳакәым, ҳшаԥсыуаау, ҳмилаҭтә литературеи, ҳкультуреи шҳамоу, ҳаԥсадгьыл аӡбахә еиҭеиҳәеит. Адырҩашықәсазы, ҩаԥхьа ҳанырҭаа аҭыԥантәи апресса Аԥснытәи артистцәа раҳасабала иҳахцәажәон», - ҳәа еиҭалҳәоит Гьерзмаа.

Польшатәи ақалақь Сопот аҭаара Маиа излалгәалашәо даҽа хҭыскгьы ыҟоуп. Уаҟа рықәгылараан ансамбль иалаз лара лхаҵа – акәашаҩ Руслан Чамагәуа машәырла аҟама ишьапы иалеиҵеит, аха иаразнакала, акгьы инмырԥшӡакәа, ишьапы ашьа шаауаз иалхны, икәашара иациҵеит. Ахәаԥшцәа ари ирбаз еиланагеит, адырҩаҽны иҭыҵыз польшатәи агазеҭқәа убас рнын «Аԥсуа џьнышқәа Сопот асцена иқәлеит» ҳәа.

Акәашаҩ асценаҿы ичҳара ӷәӷәазароуп, уи аӡәгьы имырдырӡакәа, ахәаԥшцәа ирызгәамҭартә еиԥш. Абри аганахьала артистка илгәалашәоит агастрольқәа ирыдҳәалоу даҽа хҭыскгьы. Ансамбль иалаз акәашаҩ Рауф Дасаниа усҟан ауаԥс кәашара наигӡон ишьап-ԥынҵақәа дрықәгыланы, уаҩԥсыкгьы издыруамызт, ишьапы шәны иахьыҟаз азы иааузымчҳауаз ахьаа бааԥс шимаз. «Агастрольқәа рахь ицоз ауаа ԥхьаӡаны иҟан, ҳзыԥсахуаз ҳәа уаҩ дыҟамызт, убри аҟнытә иҟалалакгьы, иҳахьуазаалакгьы асцена ҳақәлар акәын. Аҭакԥхықәра дуӡӡа шҳадыз еилаҳкаауан, избан акәзар раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны акультуреи ҳмилаҭи рхаҿра ааҳарԥшуан азы. Убри азыҳәан ҳхы арԥхашьара азин ҳамамызт», – лҳәоит Гьерзмаа.

«Акәашара уазыԥыруеит»

Маиа Гьерзмаа зегь рыла насыԥ змоу ԥҳәысны лхы лыԥхьаӡоит: лзанааҭ аҿгьы, лҭаацәараҿгьы дшьақәгылеит. Акызаҵәык лгәы лзырхьуа – лхаҵа, зегь раасҭагьы илзааигәаз лҩыза Руслан Чамагәуа заа иԥсҭазаара дахьалҵыз ауп. Аха Маиа дрылагәырӷьоит лара илааӡаз лхәыҷқәа – лыԥха Макеи, лыҷкәын Мераби. Лара ԥшьҩык амоҭацәа драндууп.

Маиа Гьерзмаа лгәаанагарала, рҵаҩык лаҳасабала илылшоз рацәахон. Ансамбль азы асолистка ҿыццәа азыҟалҵар рылшон. Аха ари аганахьала аус ауха лмоуит, убарҭ лдыррақәа аԥсҭазаара иаларҵәамкәа иаанхеит ҳәа лыԥхьаӡоит, аха егь ус акәзаргьы артистка инагӡаны илнырит акәашара ахаҭа иаҵоу ацәаныррақәеи, асцена бзиа иабо, иалнакаауа шьоукы-шьоукы ирнаҭои зегьы.

«Сара сзы асцена ԥсҭазаароуп! Схатәы ԥсҭазаара аԥхьагьы иара сыргылон. Уи даҽа планетоуп, даҽа дунеиуеп. Уа уаныҟоу абри акәашара, абри аҭоурых уазыԥыруеит, усҟан сара Маиа сакәӡам, ахореограф исыдиҵаз аперсонаж сакәхоит. Убри ауаа рҟынӡа иназгароуп, сара сзы уи насыԥын. Асцена – насыԥуп», - ҳәа лажәа хлыркәшеит Маиа Гьерзмаа. Абарҭ ажәақәа зеиӷьыҟам ала «аԥсуа кәашара аҳкәажә» лхаҭара аадырԥшуеит.

Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа, шәиубилеи шәыдаҳныҳәалоит, ҽааныбзиала шәнеиааит, амш лашақәа рацәаны шәаԥхьаҟа ишәзыԥшызааит, аԥсынҵра ду шәоуааит, ҭаацәала аманшәаларақәа шәыцзааит!