Аԥсны ақалақьқәа рҿы имҩаԥысуеит акциа «Ашьамаҟа», ари акциа мҩаԥгахоит иара убасгьы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рыбжьара.

Аԥсны ақалақьқәеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рыбжьара имҩаԥысуеит АААК еиҿнакааз акциа «Ашьамаҟа», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ишахоит ацахаԥҟақәа – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы.

Агәаларшәагатә цаха 2016 шықәсазы иаԥҵан. Уи амакет ҭихит Аԥсныи Урыстәылеи асахьаҭыхыҩцәа реидгылақәа рылахәыла, Адыгатәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Леон» иорден занашьоу Баҭал Џьапуа.

Ацаха агәы иагәылсуа ақәҵара – аромб асахьала иԥаны ихырҷоуп – уи аԥсуа цәашьы Ашьамаҟа аиҿыртәышьа аанарԥшуеит. Амца асахьеи 1864 арыцхәи – аҭоурых аҿы амҳаџьырра ҳәа зыхьӡ аанхаз, мчыла зыԥсадгьыл иахгаз Кавказ ажәларқәа рыхҵәара (1864-1887шш.) иалаӡыз рыхьӡала иаркыз ашьамаҟоуп иаанарԥшуа. Ацаха ахьыԥшшәылара иугәаланаршәоит ацәа аԥшшәи амца еиқәу аԥшшәи, аиқәаҵәа – ашәы иасимволуп, иара убасгьы ахҵәара иалаӡыз зықьҩыла ауаа ирызкны ирбылуаз ацәашьқәа рыццышәи, рылҩеи ирсимволуп.

Ацаха арымарахьала умаҭәа иадуҷаблар ҟалоит, мамзаргьы унапы иадҿауҳәалар.

АААК Аҳәса Рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа лажәақәа рыла, «Ашьамаҟа» акциа есышықәса имҩаԥгалахоит.

«Агәаларшәагатә цаха ауаажәларратә еизыразра иасимволхоит, Аԥсны атәылауааи аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуааи реидкылара иазынархоуп. Акциа амҽхак ҭбаахоит ҳәа ҳазхәыцуеит, ажәлар зегьы алаҳархәырц ҳгәы иҭоуп, уажәнатә Ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа уи рхы аладырхәуа иалагахьеит. Уажәшьҭа ҳгәы иҭоуп амҽхак иаҳагьы арҭбаара, Иорданиа, Египет, Нхыҵ Кавказ атәылақәа рҿы иҟоу ҳдиаспора разхьарԥшра, Ҟарачы-Черқьестәыла раԥхьа инаргыланы», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Аџьабара амш лаҵарамза 21 рзы азгәаҭара машәырым. Ари аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы (иахьазы Урыстәыла иахәҭаку Краснаиа Полиана – аред.) арратә парад мҩаԥысит шәышықәсабжак ицоз Кавказтәи аибашьра анҵәара ахьӡала. Шәнызқьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыра рлахьынҵа аӡбеит ари аибашьра. Наџьнатә аахыс изқәынхоз ршьам дгьылқәа ныжьны Османтәи аимпериахь ихҵәар акәхеит, уантәи адунеи ду иԥсаҟьаны иалаԥсоуп.