Ажәлар бзиа еицырбо ашәақәа равтор, Аԥсны Афырхаҵа Валери Багаҭелиа сынтәа ихыҵуазаарын 60 шықәса.

Арифа Қапԥҳа

Еицырдыруа амузикант Валери Багаҭелиа диит 1959 шықәса, абҵара 28 рзы, Иасон Багаҭелиеи Зоиа Гадлиаԥҳаи рҭаацәараҿы. Аҭаацәараҿы ирызҳауан ԥшьҩык ахшара. Хылҵшьҭрала дара Пицунда ақалақь азааигәара иҟоу ақыҭа Лӡаа иатәуп, аха Валера Аҟәа диит, Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны аҵара иҵон. Ашкол даналга ашьҭахь, урыстәылатәи ақалақь Севастополь иҟаз амшынтә флот аҿы аррамаҵура дахысуан.

Амузикантцәа раамҭа

Валери амузикахь абзиабара имаз ишколтә шықәсқәа рҟынтә иаауеит. Амузикатә ҵара имамызт, «зхала изҵаз» ҳәа ззырҳәо дреиуан: афортепиано, адаулқәа, агитара – абарҭ амузикатә инструментқәа зегьы Валери ҟазарала иаирҳәон, иара убасгьы ашәа иҳәон, амузика аԥиҵон. Ҳәарада, ари баша амузика азгәыбылра еиҳан, амузикатә баҩхатәра ду илан – абас еиԥш агәаанагара рымоуп иҩызцәеи, апрофессионалтә музикантцәеи.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, илегендартәу авокалтә-инстурменталтә ансамбль «Аԥсны-67» алахәҩы Нодар Саӷариа Валери ибзиаӡаны дидыруан, 1970-тәи ашықәсқәа инадыркны аиҩызара рыбжьан. Усҟантәи аамҭазы аҽазыҟаҵарақәа ахьеицымҩаԥыргоз ахыбраҿы иахьа иҟоуп Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи.

Ҳәарада, Валери амузика дагәыланахаланы дахьыҟаз – «усҟантәи аамҭа иадырган», ҳәа иԥхьаӡоит Саӷариа. Усҟан, 60-тәи, 70-тәи ашықәсқәа раан хыԥхьаӡара рацәала ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа, амузика иазҟазаз зегьы рхатә коллектив аизгара иашьҭан. Убас еиԥш иҟаз аколлектив Багаҭелиагьы еизигеит, хьӡысгьы иеиҭеит «Абраскьыл».

«Валери лассы-лассы ҳрепетициақәа дырҭаауан, еицакра зқәымыз аиҩызара ҳабжьан, - игәалашәоит Нодар Саӷариа, - иашәақәа рызгьы аранжировкақәа ҟасҵалон». Валери иҩыза, иколлега иажәақәа рыла, Багаҭелиа амузика атәы ихала иҵаны дшыҟазгьы, амузикатә гьама бзиаӡа иман, усҟантәи аамҭақәа рзы зхаҭабзиара ҳаракыз амузика аԥиҵон, «имузика иалаз, гармониала еинаалоз аиасрақәаҵәҟьа зыԥсази».

Нодар Саӷариа аранжировка ззиуыз Багаҭелиа иашәақәа ируакуп – «Ҳара ҳаруаа реиҳабы». Ари акомпозициа лассы-лассы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) аамҭа иадырҳәалоит. Уи моу, аӡәырҩы агәра ганы иҟоуп, ари ашәа аԥсуа ар рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба изкуп ҳәа. Ари аҩыза агәаанагара ацәырҵра уамашәа иубаратәы иҟам, избан акәзар иҟоуп аибашьратә кадрқәа Валери Багаҭелиеи, уи иҩыза гәакьа, ашәаҳәаҩ Резо Чачхалиеи, аԥсуа еибашьцәеи еидтәаланы «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» ахьырҳәо.

Нодар Саӷариа иажәақәа рыла, ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, ашәа «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» Валери Багаҭелиа иҩит аибашьра акыр шагыз, 80-тәи ашықәсқәа рзы. Анаҩс, ишырҳәо еиԥш, аамҭа иақәшәеит, иҷыдоу аҵакгьы аанахәеит.

Амала аибашьра алагара Валери Багаҭелиа иԥсҭазаара зегьы шьаҭанкыла иаԥсахит, аҵыхәтәан ихаҭагьы дагеит, аха уи аԥхьа дызлаԥшыз ахлымӡаахреи уаанӡатәи иԥсҭазаареи зынӡаск иузеидкыломызт: аӡиас аҩ-ҟәараки, ашкәакәеи аиқәаҵәеи, алашареи алашьцареи, абзиареи ацәгьареи реиԥш. Убас еиԥшымызт, аибашьра алагаанӡа имази анаҩс изынхази.

«Аибашьра ҟалаанӡатәи» аԥсҭазаара

Иԥшӡаз, абаҩхатәра злаз, амузика зшьа иалаз Валери Багаҭелиа аспортгьы дазҟазан. Дшыхәыҷызнатә аӡы алаԥалара иҽазыҟаиҵон, 15 шықәса анихыҵуаз аспорт азҟаза ҳәа дҟалеит, ахәыҷқәа азыҟаиҵон, анаҩс Ешыратәи аспорттә базаҟны аус иуан. Насгьы, аспорт аҟны имаз аихьӡарақәа изныкымкәа акино аҿы ахархәара роухьан: ароль хәыҷқәа наигӡон, акаскадиортә сценақәа рҟны акиносахьа афырхаҵа хада ихаҭыԥан дублиорс дҟалахьан.

Аррамаҵура данахыс ашьҭахь, Валери дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, абаҩрҵәыра афакультет. Уаҟа, аҵараҵара апроцес анаҩсгьы иара активла далахәын астуденттә ԥсҭазаара – аконцертқәеи ахәылԥазқәеи реиҿкаара. Убасала, астудентцәа ирызкыз ныҳәак азыҟаҵарақәа раан иара длабадыруеит иаԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Инна Ҭыжәԥҳа – апедагогикатә факультет аҩбатәи акурс астудент. Инна ублаҿы иааиуаз ҭыԥҳан, насгьы ауниверситет аҿы Кандид Ҭарба иаԥиҵаз ансамбль аҟны дкәашон.

«Аҽазыҟаҵарақәа раан ҳаибадырит, доусы ҳфакультетқәа рыхьӡала ҳақәгылон, Валери иансамбль дацын. Иареи сареи ашәак еицаҳҳәеит, анаҩс убас иҟалеит, 1982 шықәсазы ҳаибагеит, аҭаацәара аԥаҳҵеит», - ҳәа илгәалалыршәоит Инна Ҭыжәԥҳа.

Музикала еидҳәалаз

Амузика еиднаҳәалеит ҳәа ззуҳәар ҟалоз аҭаацәара ирхылҵит ҩыџьа аԥҳацәа: Радеи Ренатеи Багаҭелиаа. Шьыжьла амра ашәахәақәа ауада ишыҩнаԥхо еиԥш, аӡӷабцәа рыԥсҭазаара иатәыз акы акәны иалалеит амузика.

Ателехәаԥшратә интервиуқәа руак аҟны, Инна Ҭыжәԥҳа илгәалалыршәон, лхаҵеи лареи лассы-лассы апианино шадырҳәалоз, зны-зынла еицырдыруа музикатә аԥҵамҭак адырҳәон, даҽазны даргьы акы рхы иҭырҳәаауан. Убас еиԥш иҟаз амшқәа руак азы, рыԥхаиҳабы Рада, апианино иадтәалаз лани лаби днарыхәаԥшны ус лҳәеит: «Шаҟа насыԥ шәымоузеи уажәы!» ҳәа.

Инна Ҭыжәԥҳа изныкымкәа лыԥшәма ашәақәа ицаԥылҵахьан: иара агәра лиргеит, иаԥиҵаз амузика иацнеиуа ажәеинраалқәа рыҩра шлылшо. «Убас, ашәақәа «Бабаду», «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» – иареи сареи еицаԥаҳҵаз композициақәоуп. Иара иҩит амузыка, сара – ажәақәа. Ислышоит ҳәа иԥхьаӡаны уи аус садигалеит. Сара споетӡам, сзылгазгьы аурыс школ ауп, аха иара иҭаххеит ажәақәа зыҩырц, убасала абарҭ аҩ-ашәак аԥаҳҵеит», - ҳәа еиҭалҳәоит Инна.

Аӡӷабцәа ашкол ахь иныҟәон, амузикала рҽызыҟарҵон, арҿиареи амузикеи ззы акраҵанакуаз рани раби дареи ирыбжьаз абзиабареи аилибакаареи рныруан. Рыҩны ҭынчран. Зегьы рҿеиԥш зҵаарқәак, ма уадаҩрақәак цәырҵуазаргьы, урҭ зегьы Валери ҭынч, ццакырада иӡбон.

Анаҩс – еибашьрахеит

Уаҩы дшазыԥшӡамыз, 1992 шықәса, нанҳәа 14 рзы иалагеит аибашьра.

Рыԥҳа Рада уи аамҭазы Кындыӷ ақыҭан (Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа) дыҟан – ландуи лабдуи рҿы, егьырҭ аҭаацәара зегьы Аҟәа иҟан. Аибашьра раԥхьатәи асааҭқәа рзы, Валери «иҟоу-иану еилыскаауеит» ҳәа иҭаацәа инараҳәаны, Аҟәа узлалҵуаз амҩа иангылаз аибашьцәа днарыцлеит. Иҭаацәара иашьа инапы ианиҵеит, анаҩсгьы иашьа иоуп Валери иԥшәмаԥҳәыси иԥҳаи Аҟәа иалганы Пицундаҟа изгаз.

Уи ашьҭахь, Валери иԥҳа Ренатеи иԥшәмаԥҳәыс Иннеи акыраамҭа имбакәа дыҟан, абзиараз ҳәа раҳәара заҵәык дахьӡеит мшынла Маиҟәаԥҟа ианыргоз. Уи амш Инна абас еиԥш илгәалашәоит: «Усҟан иара илшеит, сааҭыбжак ҳәа иусқәа ныжьны, ҳахьыҟаз анеира, ихы-иҿы аужьын, армаҭәак ишәын ҳнаскьагаразы данаа».

Валереи «Чачхали»

Валери Багаҭелиеи, уи иҩыза гәакьа, амузикант, «Чачхал» ҳәа изышьҭаз Резо Чачхалиеи иареи еивагыланы аибашьра зегьы иалсит. Дареи, ирыцеибашьуаз аҷкәынцәеи ргәыԥ иофициалтәымкәа «Бабаду» ҳәа иашьҭан (зегьы еицырдыруаз Валера иашәа «Бабаду» иахаршаланы), иара Валера ихаҭагьы уи агәыԥ акомандаҟаҵаҩыс далхын.

Нодар Саӷариа игәалашәоит, аибашьра ацара ианаҿыз, Аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа Славик Сақаниеи Ахра Акабеи дрыцны Аҩадатәи Ешыра итәаз аибашьцәа рҿы ишнеилоз, уаҟа Валери Багаҭелиеи Резо Чачхалиеи шырбахьазгьы.

Гагра ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь, Нодар Саӷариеи уи иҩызцәа амузыкантцәеи еиԥылоит аӡиас Ԥсоу ала иҟоу аҳәааҿы. «Иареи, сареи, Русҭам Кәанџьариеи, Резо Чачхалиеи Ԥсоу ҳаиқәшәеит, убраҟа иагьеицаҳҳәеит «Ахрашәа», убри зегь авидеокамерала иҭихуан аоператор Астик Саӡба, уи анҵамҭагьы аҳәынҭқарратә телехәаԥшра архив аҟны иҵәахуп», - ҳәа еиҭеиҳәоит Саӷариа.

Нодар Саӷариа аҵыхәтәан Валереи «Чачхали» ибеит Гәдоуҭа, Марттәи ажәылара (1993 ш.) мчыбжьык шагыз. Уаҳа ишеиқәымшәоз ицәа ианырызшәа, Саӷариа иҽадцаланы

аҷкәынцәа дрыҳәеит архив азы ашәақәак еицҭарыҩырц азы, уеизгьы-уеизгьы ателехәаԥшра аресурсқәа зегьы дара ахьыҟаз Гәдоуҭа акәын иахьеизгаз.

«Усҟан сара ус расҳәеит: аибашьра еибашьроуп, аха аригьы иаҭаху усуп, шәааи ҳҩыхәнаны ашәақәак ҭаҳаҩып. Еилыскаауеит акырзҵазкуа аусқәа шәзыԥшуп, аха маҷк шәааҭгыл, ҳлатәап, сааҭк-ҩ-сааҭк аус аауп ҳәа. Аха аанхара иақәшаҳаҭхартә исзыҟамҵеит», - игәалашәоит Саӷариа.

«Ашьоура ианысҵоит аҭоуба…»

Усҟан Валера инкылара аӡәгьы илшарымызт. Иара идыруан, ақырҭқәа Кындыӷ иалаланы абџьар зкымыз иабхәеи, ианхәеи, иԥҳа Радеи шыршьыз. Аӡәыр идыруама, ари ажәабжь хлымӡаах заҳаз аб игәы иҭажьыз… Валера иԥҳа илызкны ииҩыз ашәа «Рада» аҟны «сԥааимбар хәыҷы» ҳәа лзиҳәоит, агәрагьы лиргоит лшьа шиуа…

Иҟалаз арыцҳара ашьҭахь, Валери Багаҭели иашьа Џьон Ӡиӡариа диманы Маиҟәаԥҟа дцоит, иԥҳеиҵбы Ренатеи иԥшәмаԥҳәыс Иннеи ахьыҟаз.

«Иара ида аӡәгьы изыгәаӷьуамызт иҟалаз саҳәара, - илгәалалыршәоит Инна. – Иҽникылон, игәы ҭызыблааз ахьаа ду иҵәахуан, сара исеиҳәаз саб дшыԥсыз атәоуп, уаҳа акгьы, аха нас илаӷырӡ изнымкылеит… Ашьҭахь иара Шәачанӡа ҳааигеит, уаҟа зҭаацәара зманы иҟаз саҳәшьа лҿы саанхеит. Сара ус иасҳәеит, сыԥҳа Рада дысзааигаанӡа, ллакҭа сҭаԥшаанӡа Аԥсныҟа схынҳәӡом ҳәа. Уажәшьҭа шәазхәыц иара иҩныҵҟа ихҭигоз, дышбылуаз… Ус сеиҳәеит, хара имгакәа Очамчыра ахақәиҭтәразы абаржа цараны иҟоуп, иара убри ашьҭахьгьы Рада лалгара илшар ҟалап ҳәа. Ажәакала, излаилшоз ала ацәажәара даҽакахьы ииаигон, зыгәра згаша ак ихәыцуан».

«Анацәа зегьы рыҷкәынцәа рмышьҭыр»

Аамҭак ашьҭахь Иннеи Ренатеи Аԥсныҟа ихынҳәуеит. Рада уаҳа дшыҟам атәы Инна Валера иҟынтә акәӡам ишлаҳаз. Зны-зынла афронт аҟнытә зҭаацәа рахь иаауаз Валера, ауада ашәа аркны, хәыҷы-хәыҷла ашәа аус адиулон. Ҽнак зны, лхаҵа ибжьы ныҵакны ииҳәоз ашәа рыԥҳа Рада лыхьӡ шалаз анлаҳа, Инна зегьы еилылкаауеит…

Инна гәаартыла еиҭалҳәоит, изықәшәаз арыцҳара ашьҭахь лхаҵа дышиҳәоз уаҳа афронт ахь дымхынҳәырц, агәра илыргон, афронтаҿ адагьы даҽа џьара дахәартә дшыҟоу. Усҟан Валери абас аҭак лиҭеит: «Анацәа зегьы рыҷкәынцәа рмышьҭыр, аҳәсақәа рхацәа рмышьҭыр, аиаҳәшьа лашьа дылмышьҭыр, Аԥсны ықәыӡӡауеит» ҳәа.

Марттәи ажәылара Валера Багаҭелиеи, уи иҩыза гәакьа Резо Чачхалиеи рзы иҵыхәтәантәихеит. Аҩыџьагьы хабарда ибжьаӡны иҟаз ирхыԥхьаӡалан, Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа уажә ихьгылоу аҭыԥ азааигәара аибашьра анеилга ашьҭахь рыԥсыбаҩқәа рыԥшаанӡа.

Валери Багаҭелиа аибашьраан иикыз иавтомат ашьхәаҿы иагәылаԥҟан х-нбанк «Рад…», иԥҳа лыхьӡ аниҵарц азы аҵыхәтәантәи анбан «а» агәылаԥҟара дахьымӡеит, убас хыԥхьаӡара рацәала ашәақәеи аусқәеи дшырхьымӡаз еиԥш… урҭ зегьы аибашьра иҿахнаҵәеит.Валери Багаҭелиа иаамышьҭахь, иашәақәа лҳәоит абаҩхатәра злоу иԥҳа Рената Багаҭелиаԥҳа.

Урҭ ашәақәа зегьы аҭаацәара рҩыза, амузикант Артур Лакрба ицхыраарала альбомны иҭыжьын. Валери иаԥиҵаз акомпозициақәа убасгьы инарыгӡон иара еидикылаз ансамбль «Абраскьыл» амузикантцәа. Аԥсуа естрадаҿы зегьы реиҳа иԥшӡоу, угәаҟнынӡа инеиуа ирхыԥхьаӡалоуп Валери Багаҭелиа иашәақәа, иахьагьы аԥсуа шәаҳәаҩцәа аӡәырҩы асценаҿы инарыгӡоит. Ашәақәа стильла еиуеиԥшым, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп алирикатә ҟазшьа змоу – «Бзиа избо сылбаӡом», мамзаргьы «Ҽаанбзиала», иара убас ашәа «Рада» еиԥш иҟоу ихатә гәыхь зцу, атрагедиатә ашәақәа. Арҭ амузикатә композициақәа, ҳәарада, зегьы иреиӷьу гәаларшәагоуп Аԥсны Афырхаҵа Валера Багаҭелиа изы.