АААК аинфопортал аҟны иаҳкьыԥхьуеит илегендартәу жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» аҭоурыхи, нас уи аҭоурых зыдҳәалоу, зыдагьы иҟамлоз ансамбль аԥҵаҩы Кандид Ҭарбеи ирызку аочерк. 2019-тәи ашықәс иубилеитәхон ааигәа зыдунеи зыԥсахыз Кандид изгьы, ансамбль «Кавказ» азыҳәангьы.

Саид Барганџьиа

Лаҵарамза 13 рзы 75 ихыҵуазаарын жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» ашьаҭаркҩы, Асовет Еидгыла жәлар рартист Кандид Ҭарба. Иџьашьатәуп, аха иара ансамбль «Кавказ» ахаҭагьы сынтәа 25 шықәса ахыҵуеит.

Ари аҩыза абаҩхатәра гәаумҭар залшомызт

2014 шықәсазы иҭыҵит зыхьӡ нагоу аԥсуа журналист Заира Ҵәыџьԥҳа лышәҟәы «Ԥсҭазаарак иаҩсуа акәашара». Уи адаҟьақәа рҿы лара дазааҭгылоит аҟазара ду злаз акәашаҩ илахьынҵа, насгьы уи иара иаԥиҵаз акәашаратә коллектив иузаҟәымҭхо ишадҳәалаз атәы. Зыӡбахә ҳәоу Кандид Ҭарбеи аҳәынҭқарратә, жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавкази» роуп. Ашәҟәы аҭыҵра азкын ԥыхьатәи урҭ реициубилеи: усҟан Кандид 70 шықәса ихыҵуан, «Кавказ» – 20.

Кандид Ҭарба диит 1944 шықәсазы Очамчыра араион, Мықә ақыҭан.

Заира Ҵәыџьԥҳа лышәҟәаҿы еиҭалҳәоит аиҵбыратә классқәа рҿы дантәаз нахыс Тҟәарчал арҿиаратә хаԥшьгаратә кружокқәа дышрылахәыз, усҟан иара иаҳәшьа Мери лҟын дынхон, иара уа ашкол ахьгьы дныҟәон. Убра Тҟәарчал ауп ахәыҷы дахьгәеиҭаз жәлар рартист Гьаргь Шьакаиа, ақалақь аҿы акәашареи ашәаҳәареи рансамбль напхгара азҭоз. Ари ҟалеит 1961 шықәсазы, даҽа шықәсык ааҵуаны Ражьден Гәымба ихаҭа (Аԥсны жәлар рартист, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ихьӡ ахуп – аред.) Кандид ааԥхьара ииҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә, ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль ахь.

Шықәсқәак рышьҭахь, кавказтәи акәашарақәа виртуозла рынагӡаразы 19 шықәса заҵәык зхыҵуаз Кандид Ҭарба Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихырҵеит. Акыршықәса рышьҭахь ажурналистцәа ириҭоз аинтервиуқәа руак аҿы артист гәаартыла иҳәеит абас дышқәыԥшыз ахьӡ ҳаракы аиура дшазыԥшӡамыз.

Жәлар рартистка Виолетта Маан Кандид иқәыԥшра аахыс дылдыруан, даара иԥханы, акыргьы дхьааганы дылгәалалыршәоит.

«Уажәыгьы иуадаҩуп дышҳацым агәрагара», – лҳәоит лара. Ҭарба, ҳәара аҭахума, дҟаза дуун, аха уи анахысгьы дҩыза бзиан, лҳәеит лара, аамҭақәак рышьҭахь дара агьеиуацәахеит.

«Сыԥшәма иашьа иԥҳа Нонна Ҟәыруа ԥҳәысс дигеит, уи нахыс ҭаацәакны ҳаибабо ҳалагеит», – ҳәа еиҭалҳәоит артистка.

Кандиди Виолеттеи реиҩызара ахы акит 1967 шықәсазы Прибалтика имҩаԥысуаз, аҩыџьагьы злахәыз агастрольқәа раамышьҭахь. Лара усҟан ааԥхьара лырҭеит Кандид дахьыкәашоз аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерттә программа амҩаԥгаҩыс.

«Сара уи аԥхьагьы иӡбахә саҳахьан, аха ҳаиҩызцәаны ҳаныҟала убарҭ агастрольқәа раамышьҭахь ауп. Арепетициақәа анынҵәалакгьы азал аҿы даангылон, даҽазныкгьы аномер зегь ықәыргыланы, аиҭаҵшьақәа иаҳа иеиӷьитәырц. Кандид иԥсы зегь ақәҵаны дкәашон», – ҳәа еиҭалҳәоит Виолетта Маан.

Лара илгәалашәоит, Кандид илаз абаҩхатәра умбар залшомызт ҳәа. 1968 шықәсазы Ҭарба дахырыԥхьаӡалеит Қырҭтәыла жәлар рыкәашаразы аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль, Асовет Еидгыла Жәлар рартистцәа Нино Рамишвили и Илико Сухашвили сахьаркыратә напхгаҩцәас иахьыҟаз.

«Ари аколлектив аҿы акәашара зегь зызгәышьуаз акакәын, иара ахьӡ ду аман, Асовет Еидгыла анҭыҵгьы ахьӡ-аԥша аманы иҟан. Ҳара ҳ-Кандид даԥсаны убри ансамбль дахәҭакхеит, иара дацны адунеи абжа дагьахысит», – ҳәа еиҭалҳәоит Маан.

Абаҩхатәра адагьы иара даараӡа ихы аџьабаа адибалон, даашьаӡомызт, еснагь аизҳара амҩа данын. Сахьаркыратә ажәала иаҳҳәозар, Кандид акәашараҿы иҟаиҵоз шьаҿацыԥхьаӡа хәыҷы-хәыҷла «Кавказ» ахь днанагон – иреиҳаӡоу акаҵәарахь, иԥсҭазаараҿы иус хаданы иҟалаз.

«Уалага!»

Иахьа «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу Кандид иашьа гәакьа Арвелод Ҭарба игәалашәоит, иашьа ихатә ансамбль аԥҵара гәҭакыс имазижьҭеи акырӡа шҵуаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан инарҵауланы дазхәыцит Кавказ зегь аҟынтә иреиӷьӡоу акәашацәа еидызкылаша аколлектив аԥҵара.

Аибашьра анеилга мызкы ааҵуаны Кандид игәҭакы изеиҭеиҳәеит Кавказ жәларқәа рконфедерациа ахада Мусса Шанибов, уи иаҳаз даараӡа игәаԥхеит, дадгылеит. Уажәшьҭа Владислав Арӡынба ииҳәоз акәын ихадараз – усҟан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы, анаҩс Аԥсны раԥхьатәи ахадас иҟалаз. Иара иахь дагьнеит Кандид, насӡа ириҭаз аинтервиуқәа руак аҟны ишазгәеиҭаз еиԥш, «рацәакгьы дымлакҩаккәа».

«Сажәа салгаанӡа дысзыӡырҩит, нас даасыхәаԥшын дҿаԥха-ҿаччо, сгәы ааирӷәӷәеит: «Уалага!» ҳәа», – игәалаиршәон уи ахҭыс атәы Кандид Ҭарба.

Ҳәара аҭахума, «Кавказ» аԥҵара иаԥхьанеиуан аусура ду, аиқәшәарақәа, аилацәажәарақәа, зегь реиҳа ихадаразгьы – акәашацәа рыԥшаара. Арвелод Ҭарба ишеиҭеиҳәо ала, Владислав Арӡынба аидеиа данақәшаҳаҭха ашьҭахь, Кандид акәашацәа иԥшаарц азы Нхыҵ Кавказҟа амҩа дықәлеит.

«Абри аидеиа акәын (Кавказ аидкылара – аред.) усҟан иара хәыцырҭас имаз, иԥсҭазаараҿы хықәкы хадас иҟаз. Уи ала иԥсы ҭан. Уахгьы-ҽынгьы ансамбль акәын дзызхәыцуаз», – ҳәа еиҭеиҳәоит Арвелод, иагьациҵоит иашьа «Кавказ» ахь иаразнакала ааԥхьара шииҭаз усҟан зхыԥша духахьаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи акәашаҩ Нодар Плиев.

«Ҳколлектив зынӡа 25-ҩык ауаа алан, Аԥснынтә иҟаз сара аӡәзаҵәык сакәын», – ҳәа дыччо иазгәеиҭеит Арвелод Ҭарба.

Ансамбль иалан зынӡа иқәыԥшқәаз акәашацәа реиԥш, еицырдыруа иҟалахьаз артистцәагьы. Урҭ иреиуан адыга кәашацәа Руслан Абдокови, Марина Хацуковеи. Балетмеистерс аҟалара дазыразхеит Мурадин Хаджаев, уигьы Адыгатәыла иатәыз кәашаҩын, аха Кавказ зегьы деицырдыруа дҟалахьан. Мурадин иԥа Аслан Хаджаев иоуп иахьа Адыгатәыла аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рыкәашара ансамбль «Нальмес» асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу, Аслангьы уаанӡа «Кавказ» аҿы дкәашон.

Уаҩ изымдыруаз ансамбль атриумф

Ажәакала, ансамбль еидкылан. Аусура иалагеит, арепетициақәа сааҭла имҩаԥысуан: зегьы еибадырыр акәын, еизааигәахар акәын, раԥхьаҟа хырхарҭас ишьҭырхша еилыркаарц азы. Абар иааит ахәаԥшцәа рахь ианҵәырҵшаз раԥхьаӡатәи рықәгылара амш. Ҳәарада, уи аамышьҭахьгьы «Кавказ» ақәгылара хамышҭыхәқәеи, аконцерт дуқәеи рацәаӡаны иаман, Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы, инымҵәаӡо аовациақәа рыла ианынаскьаргоз, аха убри раԥхьаӡатәи рықәгылара «кавказаа» ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит.

1994 шықәсазы акәын. Аԥсны аибашьра иазыннажьыз ахәрақәа мӷьаӡацызт, иҭахаз аҵеицәа хьаанагон, акала агәшәа ҳәатәын, аԥсҭазаарахь ихьазырԥшыша, агәыӷреи агәырӷьареи злыжжуа ҿамҩак аӡыхь аржәтәын – убри аӡыхьра ауит убасҟан «Кавказ» имҩаԥнагаз аконцерт.

«Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаҳгаз аиааира шықәсык ахыҵуан, 1994 шықәса, цәыббра 30 – раԥхьаӡатәи Аиааира амшныҳәа. Раԥхьаӡатәи ҳара ҳақәгылара. Даара ҳгәы хыҭ-хыҭуан, ҳхы ахьаҳхгара ҳаздыруамызт, ҳашрыдыркыло ҳаздыруамызт. Усҟан ҳаӡбахә уаҩы имаҳацызт, убригьы иаҳагьы ҳаруаҭыруан. Аконцерт мҩаԥысит Ареспубликатә стадион аҟны, Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа ирылхыз апопурри наҳагӡеит. Қәҿиара дуӡӡала ҳақәгылеит. Ауаа ргәы иҭҵәомызт», – ҳәа дазгәдуны игәалаиршәоит Арвелод Ҭарба.

Ҭырқәтәылантәи х-нызқь метра аба

Ҳәара аҭахума, «Кавказ» ақәгылара ианалагоз, акостиумқәа рыԥшаара даараӡа иуадаҩын. Ансамбль анапхгара акәашацәа костиумла реиқәыршәаразы ана-ара алшарақәа ирышьҭан. Арвелод Ҭарба еиҭеиҳәеит, Владислав Арӡынба ицхыраарала Кандид Ҭырқәтәылаҟа дышцаз, акостиумқәа рыӡахразы уантә аба ааигарц.

«Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора даара иҳацхрааит, хаҭалагьы Ирфан Аргәын, Џьемалаҭҭин Арӡынба, Маҳинур Папԥҳа. Кандид усҟан ӷбала иааигеит х-нызқь метра аба, 25 нызқь доллар инареиҳаны аԥара агеит уи. Исгәалашәоит, аидара анҭаҳгоз, ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт», – ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭарба.

Кандид Ҭарба Ҭырқәтәыла дахьынӡаҟаз, усҟан Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа ансамбль аҳәынҭқарратә статус аиҭеит. Иара аԥҵазижьҭеи шықәсык акәын иҵуаз!

Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа…

«Кавказ» раԥхьатәи атәыла анҭыҵтәи агастрольқәагьы Ҭырқәтәыла имҩаԥысраны иҟан. Зегь еибырҳәахьан, аконцерт арыцхә алхын жьҭаара 22, 1995 шықәса, аколлектив рҽазыҟаҵаны иҟан ахәаԥшцәа ргәы хырхырц, аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны.

Ашьыжь асааҭ 10 рзы ҳаӷба Риҵа (Аҟәеи Трабзони ирыбжьаз апассаџьыртә ӷба – аред.) амшын ихылараны иҟан, аха иалымҵит. Ҳгастрольқәа ртәы ақырҭқәа иаараҳан, ҳапланқәа ԥхасҭартәит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Арвелод Ҭарба.

Убасҟан ихабгалаз агастрольқәа раамышьҭахь «Кавказ» даҽа ԥшьышықәса џьарагьы изымцеит, аха Аԥсны аҩнуҵҟа арепетициақәа еиԥҟьарада имҩаԥысуан, аконцертқәа ҟалон. Ашықәсқәа анца ашьҭахь ансамбль изныкымкәа Ҭырқәтәылаҟа ицеит, апрограмма ду аманы: раԥхьатәи рцара ахьамуз иахҟьаны «акәашацәа амалахазгьы шьҭахьҟа ихьамҵит» ҳәа гәаартыла иҳәеит Арвелод Ҭарба.

1999 шықәсазы ансамбль қәҿиарала иқәгылеит Москва еицырдыруа азалқәа ируаку – Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал ду аҟны. «Кавказ» аконцерт ахь иааит Урыстәыла акультура аминистрра ахаҭарнакцәа, Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Тарас Шамба (1992-2017 шықәсақәа раан Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза милаҭ рассоциациа ахадас иҟаз – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи ахьӡ - аред.) раԥхьа днаргыланы.

Иара уи ашықәсан «Кавказ» ааԥхьара арҭеит европатәи атәылақәа рфольклортә кәашарақәа ирызку жәларбжьаратәи афестиваль ахь, уи мҩаԥысуан Германиа, ақалақь Балинген.

«Уахь ҳазцоит ҳәагьы ҳаҟамызт, аха ацхыраара ҳаиҭеит Александр Анқәаб (аԥсуа ҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Аԥсны ахԥатәи ахада – аред.). Усҟан иҳамаз асовет паспортқәа ракәын, иара Асовет Еидгыла еилаҳахьан аха. Ус шакәызгьы, Анқәаб апаспортқәа рызҵаара ӡбашьак аиҭеит, ҳаргьы ари афестиваль ҳхы алаҳархәит», – ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Арвелод Ҭарба.

Убарҭ раԥхьатәи аконцертқәа ирызку агәалашәарақәа лымкаала дшырзыҟоу, игәаҵа иԥхаӡа ишҭоу атәы иҳәеит иара. Аамҭа цацыԥхьаӡа, акәашаратә конкурс дуқәа ирылахәхо, аколлектив ахьӡ-аԥша ду аиуит, аконцертқәа аманы адунеи абжа иалсит.

«Акәашара – уԥсы ахьынӡаҭоу иуцу акоуп»

Кандид Ҭарба идунеи иԥсахит хышықәса раԥхьа – 2016 шықәса, лаҵарамзазы. Аԥсны Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» аԥҵаҩы, асахьаркыратә напхгаҩы, аорден «Ахьӡ-Аԥша» аҩбатәи аҩаӡара занашьаз, Ажәларқәа реиҩызаразы урыстәылатәи аорден акавалер ишьҭахь акультуратә ҭынха дуӡӡа аанижьит, уи иахьа иазирҳауеит иашьеиҵбы.

Ансамбль «Кавказ», уи аԥҵаҩи раԥхьатәи акәашацәеи зышьаҭа ркыз атрадициақәа иахьагьы ирыцнаҵоит. Уи арепертуар аҿы иҟоуп акәашара ссирқәа рацәаӡаны, урҭ реиҳарак – ԥсҭазаарак иаҩсуеит. Иахьа уажәраанӡагьы ахәаԥшцәа лымкаала бзиа ирбо акәашарақәа рахь иаҵанакуеит ахацәа инарыгӡо «Аҟама кәашара». Ансамбль есымшатәи апрограмма иалоу акәашарақәа ируакуп «Ашьхарыуаа рыкәашара», «Кавказ» уҳәа егьырҭгьы.

«Кавказ» аконцертқәа раамышьҭахь ахәаԥшцәа акыраамҭа агәалаҟара бзиа рыманы иаанхоит. Еицырдыруа артистцәа аӡәырҩы, ансамбль ақәгыларақәа збахьоу, иазгәарҭоит кәашацәа ирылоу артистизми, реиҭаҵшьа аилыххареи, ашьахәреи. Кавказ жәларқәа рыкәашара назыгӡо иреиӷьӡоу ансамбльны иҟан, ус иагьаанхоит «Кавказ».

Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа иаԥҵаз ансамбль ажәлар ргәы шьҭнахит, агәыӷра рынаҭеит, аԥсҭазаареи акәашареи рныҳәа ҟаларц шалшо аршаҳаҭит. «Кавказ» арҿиараҿы ахаангьы акәаԥ амаргылацт, уи аҭоурых абӷьыцқәа еихнаршәшәоит, иреиӷьу акәашацәа рабиԥарак аамышьҭахь аҿыц абиԥара ааӡоит.

«Агастрольқәа ирыцаҳҵоит. Аҿарацәа рыбла амца хуп, ҳара ҳанқәыпшқәаз ҳшыҟаз еиԥш. Акәашара знык уаналага, уԥсы ахьынӡаҭоу иуцу акоуп», – ҳәа гәахәарала иазгәеиҭеит Арвелод Ҭарба.

Хара имгакәа акәашаратә ансамбль ҩаԥхьа аҳаракыра ҿыцқәа иреиҩаӡо иалагоит. Аколлектив ирзыԥшуп Ростов, Краснодар, Владикавказ ақалақьқәа рҿы. «Кавказ» Аԥсны иқәгылоит ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы, аиубилеитә программа ду аманы, уи иалоуп ахәаԥшцәа бзиа еицырбо акәашара жәытәқәа реиԥш аҿыцқәагьы, урҭгьы, ҳәарада, еснагь еиԥш зегьы ргәы иҭымҵәо иаанхоит.