Ԥхынҷкәын 1 азы лиубилеи азгәалҭоит Ҟарачы-Черқьессктәи Аресупблика агәабзиарахьчара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аҳақьым Роза Чкату. Уи лыԥсҭазааратә мҩеи, лзанааҭтә усуреи иазкны АААК аинформациатә портал иазнархеит аочерк.

Лиудмила Аисанова

Ҟарачы-Черқьессктәи Аресупблика агәабзиарахьчара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Черқьесск ақалақь агигиенеи аепидемиологиеи рцентр анапхагҩы. Абри зегьы лыхҳәаауп аҳақьым Роза Чкату. Лџьатә шәҟәы аҟны иану анҵамҭа заҵәык оуп: «Ақалақь Черқьесск асанитартә-епидемиологиатә станциахь дадкылоуп, асанитартә ҟәша еиҳабыс» ҳәа.  

Амедицинатә усбарҭа, уажәшьҭа лара лзы игәакьахаз, акырынтә ахьӡ, астатус, аусура ахырхарҭагьы аԥсаххьан, аха Роза Чкату лусура еиԥлырҟьомызт, абар шьҭа 40 шықәса ирықәуп. 

Аибадырра 

Роза Умар-иԥҳаи сареи ҭелла ҳаигәныҩны, лыпрофессионалтә маҵура иазкны аочерк аҩра сгәы ишҭоу ианласҳәа, азныказ иааҿымҭрахеит. Аҳакьым дааԥхашьан ус лҳәеит, сыӡбахә анырҳәо, ма иансылацәажәо сгәы еихьнашьоит ҳәа. Аха анаҩс, АААК аинформациатә портал азоуп ҳәа анласҳәа, гәахәарала илыдкылан, илҳәеит дшазыхиоу лыԥсҭазаара аҟны зегь реиҳа акрызҵазкуа ахҭысқәа ргәаларшәара.

Хаицәажәара хацҳаркит иҭбааҭыцәӡа иҟаз лкабинет аҿы. Уи акыр ишыҭбаазгьы аҩнымаҭәа рацәамызт, ихарҟьаны акгьы ҩнагыламызт. Лассы-лассы аиҳабыраҿы иҟоу ркабинетқәа рҿы ишуԥыло еиԥш, аҭӡамц аҳаҭыртә бӷьыцқәеи апортретқәеи кыдӡамызт.

«Ицқьа-шәқьаӡа иҟоуп, аҳақьым ишлыҳәҭоу еиԥш…» - ҳәа саазхәыцит сара.

Роза Умар-иԥҳа абаза бызшәала дцәажәоит, ибзиаӡаны лхатәы бызшәа лдыруеит, аха лцәажәашьаҿы ашәуаа ирҟазшьам акцент аарлаҳәа иуаҳаратә иҟоуп. Уи зыхҟьазгьы аҭак иаарласны исалҳәеит: «Сара сыԥсадгьыл ахь  санааи 1987 шықәсазоуп…» ҳәа.

Лхәыҷра шықәсқәа атәым жәҩан аҵаҟа

Роза лани лаби рыԥсҭазаара насыԥла ишҭәызгьы, арыцҳарагьы маҷымкәа иацын. Лара лаб Умар Ибрагим-иԥа Урчыҟәа, Инџьықь-Ҷкәын ақыҭан диит, лан – Сакьанаҭ Хәыта-иԥҳа Лоупҳа иахьатәи Гәымлоуқыҭ иалҵыз ҭыԥҳан. Арҭ реиԥш иҟоу рзы ирҳәоит – «адгьыл ԥсыс иахоуп» ҳәа, жәларык рыхьӡи рыламыси ныҟәызго ауаа, урҭ ирҿырԥшны иуҩыр алшоит «ауаҩытәыҩса дзеиԥшразар ахәҭоу» ҳәа аповест. Аҩыџьагьы рҭаацәарақәа Сталинтәи арепрессиақәа рыцрасит, убас иагьнанагеит Узбекситан адгьыл цәҳәырақәа рыҟны.

1936 шықәсазы, ирымоу зегь рымхны, рыҩнқәа ирдәылганы, егьырҭ аӡәырҩы реиԥш, атауар вагонқәа ирҭартәаны ирышьҭит Сырдариатәи аобласт ахь иаҵанакуа Биауттәи араион иатәу аиланхарҭа Биаут-3 ахь. Иахгаз рахьтә ирацәаҩуп уаанӡа изымнеизгьы: амҩахь иԥсит амлакреи, ачымазареи ирыхҟьаны. Иаанхаз агәыӷра рыман џьара акала еиқәхап ҳәа атәам дгьылқәа рҟны. 

Аџьамыӷәа цәгьеи амамзаареи рыла иҭәыз ашықәсқәа атәым жҩан аҵаҟа гәаҟран. Аиҳабацәа аҿар ргәы дырӷәӷәарц иаҿын, аԥсҭазаарахь агәыбылра рцәымӡырц, зынӡаск ргәы камҳарц. Аиланхарҭаҿы милаҭрацәала ауаа уԥылон. Иҟан ачерқьесцәа, аҟарачқәа уҳәа убас егьырҭгьы. Егьа уадаҩра ирықәшәозаргьы, зегьы рҽазыршәон еицхыраарц, еивагыланы аус руан, рыжәҩахыр еибыҭан. 

Ашәуаа хықәкыла хатәы бызшәала еицәажәон ахәыҷқәа рбызшәа рхамшҭырц. Убри аамҭазы аузбек бызшәагьы рҵо иалагеит, аҭыԥантәи ажәлар ирыҿцааларҵ. Рыбзазара хәыҷы-хәыҷла излауаз ала еиҿыркаауан. Ауаҩы ус иҟазшьоуп, дзықәшәаз аҽанраалашьа иҵоит, доуҳалеи, махәҿылеи дыӷәӷәазар. 

Есааира, иахгаз ауааԥсыра ирылоу аадырԥшуа иалагеит, акрыура иацәаашьомызт, аџьабаа рбон, русқәа бзианы еиҿыркаауан, ахаԥшьгара рылан. Аԥсҭазаара хәыҷы-хәыҷла ашьара иқәло иалагеит. Иҟалалон агәырӷьара хәыҷқәеи, агәырӷьара дуқәеи. Аҭаацәара ҿыцқәа аԥырҵо иалагеит. Убраҟа иаԥҵаз аҭаацәарақәа ируакын Роза лани лаби рҭаацәарагьы.

Арԥыси аҭыԥҳаи шеибабаз еиԥшҵәҟьа игәаԥхеибашьеит, рынасыԥқәагьы реилаҵара хара ирымгеит. Лоуаа – Роза ланшьцәа, рыҭауад ҟазшьақәа акыр ишыџьбаразгьы. Аха агәымшәареи аилҟьареи злаз арԥыс акрыураҿгьы зегь раԥхьа игылаз, адгьылқәаарыхраҿы зеиԥш ыҟамыз арекордқәа змаз Умар Урчыҟәа зегьы акоуп «даиааит», игәы иалнахыз аҭыԥҳагьы дааигеит. Урҭ ахәыҷқәа роуит: ԥшьҩык аԥацәеи, рыԥҳазаҵә – иахьатәи ҳфырԥҳәыс Розеи. 

«Атәымдгьылқәа рыҟны ҳаԥсҭазаара акырӡа ауадаҩрақәа шацызгьы, сара схәыҷреи сқәыԥшреи игәырӷьараз аамҭан, сгәалашәараҿы ихааӡа инханы иҟоуп, - ҳәа еиҭалҳәоит Роза Умар-иԥҳа. – Пшьҩык аишьцәа еиҳабацәа сымамзи, убарҭ сырбон, исыхӡыӡаауан, исхылаԥшуан, анаӡара ак сыхьыр ҳәа ишәаны».

Иааџьоушьаратә, ашкол бзиа гылан ҳаиланхарҭа аҿы. Уаҟа аус руан ззаанаҭ гәыкала иазыҟаз, адырра ҵаулақәа змаз аурыс рҵаҩцәа. Аҭаацәа рхәыҷқәа зегьы аҵара бзиаӡаны ирҵалар рҭахын, ашәҟәыԥхьара иадырцалон, ахәҩыкгьы аҵара змоу ауаа ракәны ирызҳарц. Рааԥсара баша ибжьамӡит, ахәҩыкгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит: Муҳаммади Муҳадини – ақыҭанхамҩа ахырхарҭала, Муҳарби – аргылара иҽазикит, аԥшьбатәи рашьа Муҳаб дышқәыԥшыз иԥсҭазаара далҵгәышьеит.

Азанааҭ алхра 

Аԥхьаҩ дазҵаар алшоит «Занааҭс иалылхзеи Роза?» ҳәа. Ан есымша илҭахын лыԥҳазаҵә Роза дҳақьымхарц. Розагьы ан лгәазыҳәара аҳаҭыр баны Ташкенттәи амедицинатә институт дҭалоит. Иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз, аха акыр илахҿыхыз ашәуа ҭыԥҳа ԥшӡа Роза, аурысшәа цқьаны изҳәоз, иаразнак ала аинститут арҵаҩцәеи астудентцәеи рыблаҿы дааит. 

«Сҩыза анемец ҭыԥҳа Лида Боксбергери сареи азеиԥшнхарҭа ауаҭах аҿы ҳаицынхон. Уаҟа сынхаларц азы аусқәа еиҿикааит сашьа Муҳарби, уи есҽны дааны ҳшыҟаз ибон, ицәырҵуаз азҵаарақәа зегь иӡбон. Сара аҵара ада уаҳа акгьы сазхәыцӡомызт уи аамҭазы, синтересқәа зегьы аҵара иадҳәалан, астипендиа соурц сҭахын схала схы ныҟәызгаларц, сани саби хәыҷык иадымхаргьы харџьк рҟәыскырц, иагьсылшеит уи», - лгәалалыршәоит Роза.  

Аиланхарҭаҿы аԥсҭазаара цәгьам-бзиам иахьҭышәынтәалази, еиҳаракгьы ахәыҷқәа зегьы Ташкент аҵарақәа ахьырҵози иахҟьаны, ахгара аҿҳәара анынҵәа аамышьҭыхьгьы аҭаацәа ирыӡбеит иаразнак ала рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иахымццакырц. Нас ахь ииаргеит. Уаанӡа, Умар Урчыҟәа знык оуп иԥсадгьыл ахь данца иаҳәшьа лхыҷқәеи лареи ааигарц азы: Аџьынџьтәалатәи Еибашьра Ду аамышьҭыхь лара дыԥҳәыс еибаны даанхеит. 

Урчыҟәаа иҿырԥшыгаз рҭаацәа зегьы иџьаршьон, аҭаацәа реиҳабы ихаҵареи, имаашьареи, иҟазшьа ӷәӷәеи, ихьамҵреи, иабдуцәа рҵас-қьабызқәа рықәныҟәареи  азгәаҭауа.

1978 шықәсазы, Роза Умар-иԥҳа қәҿиарала далгоит Ташкенттәи амедицинатә ҵараиурҭа, аусурагьы далагоит шықәсык ҳәа дахьырышьҭыз Сырдариатә асанитартә-епидемиологиатә станциа аҿы. Ҩышықәса уи аԥхьаҟа лани лаби рыԥсадгьы ахь игежьын, Черқьесск ақалақь иазааигәоу Ԥсыж ақыҭан анхара иалагоит. 

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра

Иара уи ашықәсан Роза Умар-иԥҳа лыԥсшьара аамҭа иалагӡаны лҭаацәа рахь даауеит, раԥхьаӡа акәны лыԥсадгьыл Абазашҭа лыблалагьы илбоит. 

«Ҳшьамдгьыл аԥсабара аԥшӡареи, анхамҩеи, абзазареи сдыршанхеит ишызбаз еиԥшҵәҟьа. Акыраамҭа сзашьцыломызт араатәи ҳауаажәлар ргәыблышьа, зегьы сыгәцаракны исызнеиуан, гәыразла исзыҟан», - ҳәа раԥхьатәи лцәаныррақәа лгәалалыршәоит Роза.  
Акыр ирласны агәылацәеи азлацәеи хыԥхьаӡара рацәала ауацәеи аҭынхацәеи дрышьцылеит.

Урҭ еснагь аинтерес рыман атәым дгьыл аҿы аҭаацәа ирыԥсҭазаашьаз, раԥхьаҟагьы гәҭакқәас ирымаз. Дызҳәарц зҭахыз арԥысцәа агәара иакуамызт.  

«Убас сгәы иабон усҟан, иаасыкәыршан иҟаз ауаа зегьы сара заҵәык исызҿлымҳазшәа», - дааԥышәарччан илҳәеит Роза Умар-иԥҳа. 

Аԥсшьара аамҭагьы нықәҳа ицеит, Узбекистанҟа аусурахь игьежьтәын. Убасҟан лашьа Муҳарби илабжьигеит, иара абраҟа Черқьесск, лҭаацәа рзааигәара аиԥш-зеиԥшу аусурҭахь диасырц. 

40 шықәса ҭыԥк аҟны 

Абас ала Роза Умар-иԥҳа зынӡа ҳәа лыԥсадгьыл ахь дгьежьит, уиижьҭеи иахьа уажәраанӡа 40 шықәса раахыс аԥхьа дахьааиз аҭыԥ аҿы ауаа рымаҵ луеит. 

Лара даара иԥханы дылгәалалыршәоит аԥышәа ду змаз лнапхгаҩы, ақалақьтә санепидстанциа аҳақьым хада Александр Дмитри-иԥа Корченкин, иаразнак ала лусутә ҟазшьақәеи, луснагӡашьеи гәаҭаны асанитартә ҟәша аиҳабы лмаҵура лыдызгалаз, аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ иуалԥшьақәа рынагӡарагьы ацны. Уи игәрагара даара пату ақәылҵон, дылмырԥхашьарцгьы дашьҭан, иааиҳәоз зегьы ишахәҭоу еиԥш иналыгӡон. Анаҩс урҭ акыршықәса еиҩызцәа бзиақәаны иҟан. Корчемкин ибзоуралоуп, Роза Чкату лажәақәа рыла, аԥсҭазаареи азанааҭи рахь амҩаду данызҵаз.  

Ари аусбарҭа ахырхарҭақәа ҭбаан: араҟа ашәҟәы иҭаргалон аинфекицатә, ма апрофессионалтә чмазарақәас иҟаз, иҽеим аԥсабаратә нырра иахҟьаз иинфекциатәым амассатә чмазарақәа, атәыла ауааԥсыра рсанитартә-епидемиологиатә маншәалара аиқәыршәараҿы астатистикатә гәаҭарақәа мҩаԥыргон, ахархәаҩ изинқәа рыхьчара ахырхарҭа аҟны, иара убасгьы амониторинг амҩаԥгареи, адыррақәа ахьеидкылоу аинформациатә банк ашьақәыргылара рнапы ианын. 

2005 шықәсазы дарҭеит Черқьесск ақалақь аҟны агигиенеи аепидемиологиеи Рцентр анапхгаҩыс. 

Қәҿиаралатәи лзанааҭтә усура анагӡара анахысгьы, Роза Умар-иԥҳа ауаажәларратә усқәагьы лҽырхьылгӡон. Черқьесск ақалақь амуниципалтә еиҿкаара адепутатс ҩынтә далырххьеит. Адепутатцәа рхеилак аҟны асоциалтә зҵаарақәа рзы есымшатәи акомиссиа амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, уи амаҵураҿы дыҟанаҵ иаԥшьылгеит ақлақь аҟны агәабзиарахьчареи, аепидемиологиатә хылаԥшреи еиӷьызтәыша, иара убас заагарҭа маҷу аҭаацәарақәеи, социалла ихьчам ауааԥсыреи, аинвалидцәеи ацхыраара рыҭара иазынархаз аусмҩаԥгатәқәа жәпакыи. Лара лыцхыраарала ирыхәаԥшын иагьыӡбан алхыҩцәа ҩышәҩык рызҵаарақәеи разыҳәарақәеи.

«Сара сзы еснагь ихадаран, раԥхьаӡа иргыланы, сахьҳақьыму. Ауааԥсыреи сколлегацәеи рҿаԥхьа исыду аҭакԥхықәра еилкаауа, еснагь сҽазысшәон уи исыднаҵо ауалԥшьа анагӡара. Сусура еснагь сгәы шьҭнахуан, сгәы ҟанаҵон, сыԥсҭазаара иарада схаҿы исзаагом», – лҳәоит Роза Умар-иԥҳа.

Лколлегацәа еснагь ажәа ҟәандала илыхцәажәоит. Роза Умар-иԥҳа зегьы пату лықәырҵоит, ларгьы лгәы аартуп, дҩыза бзиоуп, длахҿыхуп. 

Зегьы иреиӷьу абаӷәаза

Аха Роза Умар-иԥҳа лықәҿиарақәеи лаҳаҭыртә хьыӡқәа дзыԥсахахьоуи зегьы уи аҟара аҵакы роуамызт, лҭаацәара ԥшӡа лыҵагыламызҭгьы – аԥсҭазаараҿы зегьы иреиӷьу, иҭынчроу баӷәазас иҟоу уи ауп.

Лхәыҷра шықәсқәа раахыс илызгәакьоу рахьтә зыԥсы ҭаны инхаз лашьа Муҳарби Урчыҟәа иоуп, уигьы изанааҭ аҟны аихьӡара дуқәа иоуит. Ҟарачы-Черқьессиа аиԥш уи анҭыҵгьы ихьӡ бзианы ирдыруеит. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан аргыларатә наплакқәа реиҳабыс, аҩныргыларатә комбинат адиректорс, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс. Иахьа уи дынхоит, аус иуеит Москва ақалақь аҟны. Иаҳәшьеи иареи еснагь еиԥш агәыблыра рыбжьоуп.

Ҳәара аҭахума, Роза иаалыкәыршаны иҟоуп зыда лыԥсҭазаара лхаҿы илзаамго ауаа, раԥхьаӡа иргыланы, – лыԥшәма Рамазан Чкату, аамҭак азы аҳақьым қәыԥш лгәы ақәшәара зылшаз, арӷьажәҩас иаалываглаз. Рамазан акрызлоу уаҩуп, еснагь аус дацәаашьомызт, акыршықәса инеиԥынкыланы аус иуит асовхоз ду «Юбилейный» аҟны агрономс. Уи иҩны, игәараҭа знык иадымхаргьы инҭаԥшыз иаразнакала игәеиҭоит ари ахәышҭаара насыԥ змоу шакәу.

Роза Умар-иԥҳа лиубилеи лыдырныҳәаларц иааиуеит лԥазаҵә Рента иҭаацәа: иара ихаҭа, Роза лҭаца Нарсана, нас урҭ рыҷкәын – Роза лаб иаҳаҭыраз Умар ҳәа зыхьӡырҵаз. 
Дара ҳаҽрылакны Роза Умар-иԥҳа илзеиӷьаҳшьоит иреиҳау апрофессионалтә қәҿиарақәеи, агәырӷьареи, бзиарас иҟоу зегьы!