Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны инхо арепатриантцәа фатәы-жәтәыла реиқәыршәараҿы ирыцхрааит.

АААК акоронавирустә пандемиа иахҟьаз аҭагылазаашьаҿы ауадаҩрақәа зызцәырҵыз арепатриантцәа рҭаацәарақәа фатәы-жәтәыла ирыцхрааит. Иааидкыланы ацхыраара рырҭеит 126-ҩык ауаа, урҭ рахьтә гәыԥҩык Аконгресс аҟынтә ацхыраара аиуразы уаанӡа аҳәара ҟарҵахьан.

Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит аԥхьанатә АААК ишадҵаалаз Гәылрыԥшь араион, Агәӡера аҳаблан инхо арепатриантцәа, анаҩс ацхыраара зҭаху рсиа иҵегь ихарҭәааны ишьақәыргылан ҳәа. Ауаа ацхыраара рҭаххартә еиԥш аҭагылазаашьа рзыҟалеит Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа инарыдҳәаланы.

«Иҟарҵаз ари аҳәара ҳалацәажәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь далархәны, иара иаразнакала ҳнапы ианиҵеит абри азҵаара аус адуланы, ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭара ахьынӡаҳалшо ҳазхәыцырц. Абри ашьҭахь [М. Ҳ. Егзакь иҟынтә] афатә аахәаразы иаҭаххашаз аԥара аашьҭын», – иҳәеит Гыцба.

Иара иажәақәа рыла, пакетцыԥхьаӡа 18 хкы рҟынӡа еиуеиԥшым афатә аалыҵқәа ҭоуп. Уахь иаҵанакуеит ачашыла, ахрыӷ, ашьаҳариа, ашьақар, ахш рыжәпа, аманка, аҟәыд, атомат, амаионез, азеҭ, ачаи, акартош. Инар Гыцба иациҵеит, абарҭ афатәқәа рынахысгьы ишҭарҵаз уаанӡа Москватәи аԥсуа диаспора иаарышьҭхьаз аԥрынџьи акынҵлышьи. АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Аконгресс ахьӡала иҭабуп ҳәа раиҳәеит афирма «Ауараш адунеи» ахаҭарнакцәа Резо Занҭариеи Ручес Арӡынбеи агуманитартә цхыраара даҽа ҩ-позициак рыла иахьеиздырҳаз азы.

Ари аус аҿы ацхыраара ҟанаҵеит Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, ацхыраара зҭаху арепатриантцәа рсиа ахарҭәаарала. Абасала, аҵыхәтәантәи асиа ианылеит Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, аешьаратә Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи рҟынтә иааз арепатриантцәа.

«Зегьы ираҳҭо ацхыраара еиԥшуп, аха ааҭаацәа заҟароу еиԥш ашәагаагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, фҩык-быжьҩык ахьыҟоу аҭаацәарақәа ирзаҳкыз афатәгьы еиҳауп. Хазы иалкааны иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз», ацхыраара аҳасабала фатәқәас иаахәатәу ахьҳарҳәаз азы. Убри асиа шьаҭас иҟаҳҵан, ҳаргьы даҽа акык-ҩбак ацаҳҵан, ауаа излаҳалшоз ала ҳрыцхрааит», – иҳәеит Гыцба.

Ацхыраара зауз аҭаацәарақәа иҭабуп ҳәа азаарыцҳаит АААК, хаҭалагьы Мусса Егзакь.

«Ҳара Шьамтәылантә ҳааит. 14 ҭаацәара ҳаҟоуп. Абра Агәӡера ҳанхоит. Ҳара аԥсуаа, адыгаа, абазақәа иахьа иҳацхрааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. Ҳара зегь ҳаишьцәоуп. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи! Анцәа ҳиҳәоит амч-алша шәиҭарц, шәирманшәаларц шәгәы иҭақәоу аусқәа зегь рынагӡараҿы. Аконгресс аҩнуҵҟа аԥсуааи, абазақәеи, адыгааи зегь рҽеидыркыло Анцәа иҳәааит! Ари амзазы амсылманцәа зегьы ачгара иҵоуп, ара Аԥснеиԥш Шьамтәылагьы. Уаҟа ус иаԥуп – ацхыраара зҭаху зегьы ирыцхраауеит. Шәаргьы убас ҳашәхамшҭит. Иҭабуп даара! Анцәа илԥха шәымазааит! Шәеиқәшәааит зегь рыла!» – иҳәеит Шьамтәылантә иааз арепатриант Мамун Иаган (Маан).

Аҭабура ажәақәа иҳәеит убасгьы Шьамтәылантә иааз арепатриант Фадель Лышәбагьы.

«Абри имариам аамҭазы ацхыраара ҳазҭаз зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Уи ҳара даара пату ақәаҳҵоит, абри аус иахаҵгылазгьы зегьы ҳшәаҭабуеит. Убас еиԥш аамҭак ҳҭагылеит, аишьцәа шеицхыраауа лабҿаба иаҳбартә еиԥш ҳҟазҵаз. Ара ажәада зегь еилкаауп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит Аконгресс ахантәаҩи [Мусса Егзакь] уи аус ицызуеи зегьы», – иҳәеит арепатриант.

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи  «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.