Абаза ҳәызбақәа ирызку адокументалтә фильм ала иацҵахоит аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха иазку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» рыпроект «Амазара».

Аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха иазку апроект «Амазара» авидео ҿыц ҭыҵит. ИАЕ «Алашара» амчала иҭыхуп абаза ҳәызбақәа рыҟаҵашьа инарҭбааны иузырбо адокументалтә фильм.

Аилазаара «Алашара» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Мураҭ Гьедыгәа иазгәеиҭеит абри аҩыза афильм аҭыхра иазхәыциижьҭеи акыр шааҵуаз, уи ҭырхырц ргәы ишҭаз ҞЧА амилаҭқәа рминистрра ацхырааралагьы, аха усҟан еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны уи залымшеит. Ашьҭахь Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси «Алашареи», Мусса Егзакь иаԥшьгарала, ихацдыркит Аԥсназгьы Ҟарачы-Черқьестәылазгьы иҿыцӡоу апроект – ҳажәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара аганахьала, убри аҟнытә абаза ҳәызбақәа ирызку афильм аҭыхра алыршахеит апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Акрааҵуеит аинтерес ду зҵоу ҳкультура абри аелемент аарԥшра ҳгәы иҭазиижьҭеи, уи уажәшьҭа знапы алаку маҷӡоуп. Мусса Ҳабал-иԥа ибзоурала, еиҭарҿыцын, еиҳа-еиҳагьы амҽхак аҽарҭбаауеит. Иара ҟазак адгылара ииҭеит. Ҳара иахәҭаз амаҭәахәқәа ааҳхәеит, аҟазарҭа еиҿаҳкааит, нас иара аҵаҩцәа идиԥхьалеит. Иахьазы иҟазара иҿызҵаауа быжьҩык аҵаҩцәа имоуп», – иҳәеит Гьедыгәа.

Иара иажәақәа рыла, абазақәа рыҳәызбаҟаҵашьа амырӡра шалыршахазгьы, аҟазацәагьы рхыԥхьаӡара ацлара ишаҿугьы, адунеи зегьы иазеиҭаҳәатәын ари аус закәу, ишыҟарҵо.

«Абаза жәлар ари рҟазарахкы иазкуп авидеоролик, уи аишьеи аҿиашьеи шыҟалаз, ҳажәлар аиха аус шадырулоз, аҳәызба хархәашьақәас иарҭоз уҳәа, иара убас дара хкқәас иҟоу, аҳәызба уаанӡа ишырхуаз, аҳәызбаҭрақәа шыҟарҵоз, адамыӷқәа шанырҵоз», – ҳәа афильм еиҭанаҳәо дазааҭгылеит «Алашара» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

Гьедыгәа иазгәеиҭеит убасгьы адокументалтә фильм аҟны ишазааҭгылоу алабашьа аҭоурых.

«Алашара» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, аҭыхрақәа хымз инарзынаԥшуа имҩаԥысуан ақалақь Черқьесск, иара убас ақыҭақәа Ельбырӷан, Ҟара-Пагәа, Ԥсыж рҟны. Асценари заа иҩны ишыҟазгьы аҭыхрақәа раан еиҭаркуаз ыҟан, адокументалтә фильм архиаранн лассы-лассы ишыҟалало еиԥш.

«Акыр иуадаҩын аматериал зегь аидкылара. Афильм быжьҩык аекспертцәа алахәуп, жәаҩык актиорцәеи. Уи аус адырулон еицырдыруа абаза композиторцәа, ашәаҳәаҩцәа, амырзаканарҳәҩцәа, иааидкыланы 25-ҩык ауааԥсыра», – иҳәеит Мураҭ Гьедыгәа.

Иагьациҵеит адокументалтә фильм асахьаркыратә киносценақәагьы шалагалоу, усҟантәи аамҭа ацәаҩа еиҳагьы иунырырц, уагәылархаларц азы. Мураҭ Гьедыгәа ишиҳәаз ала, абарҭ асценақәа рҭыхра акәхеит зегь реиҳа аџьабаа зцыз.

Аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха иазку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» рыпроект «Амазара» ԥхьаҟа иацҵахоит ахатәы бызшәеи алитературеи, амилаҭтә ҟазарахкқәеи, ажәытә қьабзқәеи ирызку авидеороликқәа рыла.