Амаҭәа ԥха акомплектқәеи, ашьаҵақәеи, ахызақәеи рызшахоит социалла иуашәшәыроу аҭаацәарақәа рҟны изызҳауа ахәыҷқәа, АААК агәыҳалалратә акциа "Агәы аԥхарра" аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

Аӡынтәи аԥхамаҭәақәеи ахызақәеи аазгаз аӷба Аҟәатәи амшынбаӷәаза иаҭааит ашәахьа ашьыжь, жәабран 4 рзы, АААК агәыҳалалратә акциа "Агәы ахарра" иацҵауа. Иаашьҭу агуманитартә цхыраара еихшахоит Аԥсны заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рыбжьара.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеихәеит, акциа аҩбатәи аетап иалагӡаны Аԥсныҟа ишаашьҭу 1120 комплект аӡынтәи акурткақәеи арезинкьаҿқәеи, 1008 цыра аколготкақәеи ақалпадқәеи, иара убас 200 хыза. 

«Иахьа иҳауит агуманитартә еидара даҽа хәҭакгьы, ҳазҭоу амза нҵәаанӡа уи зегь еихшаны, уаанӡа иазҳархиахьаз асиақәа инарықәыршәаны, ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рыбжьара иаҳшоит», - иҳәеит ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.

АААК акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡынтәи ашьаҵа ԥхақәа 30 рыҭан иара убас Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа ахәыҷқәа.

АААК Аҿар рхеилак анапхгаҩы Леван Торчуа иазгәеиҭеит абас еиԥш акциақәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу.

«Аԥсны ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рацәоуп, амаҭәа ԥхақәеи ашьаҵақәеиҵәҟьа змам, убри иахҟьаны аӡынразы ашкол ахь изныҟәом, еиҳаракгьы ақыҭақәа рҿы. Ҳара ҳзы еиҳау гәырӷьара ыҟаӡам, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи гәахәарыла ари ацхыраара шрыдыркыло анаҳбалак», - ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит Леван Торчуа.

Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҟны асоциалтә усуразы аспециалист Ирма Абыхәба иазгәалҭеит Аконгресс аҟынтә ари аҩыза ацхыраара уаанӡагьы ишроухьоу.

«Ахәыҷқәа рзыҳәан ари ацхыраара - ҳамҭа дууп. Рҭаацәа ракәзаргьы даара ргәы аладууп иахьырхамшҭуа, ацхыраара ахьрырҭо азы, урҭ аӡәырҩы ахәыҷқәа рааӡараҿы акыр ауадаҩрақәа рбоит», – ҳәа азгәалҭеит Абыхәба.

АААК агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» актәи аетап хацыркын Ашықәс ҿыц аламҭалазы апроект иаҵанкыз аҭаацәарақәа агуманитартә цхыраара рыҭарала. Ашьаҵа ҿыцқәа рызшан акциа аиҿкааҩцәа - АААК, ИАЕ "Алашара", Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа - иаздырхиаз асиақәа рҟны иарбаз аҭаацәарақәа, уи аус аҟны ацхыраара ҟарҵеит - Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аминистрра, Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра араионтә усбарҭақәа, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз», Аџьар ҟаԥшь.

Уаанӡа, 2018 шықәса цәыббрамзазы Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа еидкыланы Аԥсныҟа иаарышьҭит аҳәсеи ахацәеи рзы амаҭәа ԥхақәа 1200 комплект.