Ҭырқәтәылатәи Ареспублика агәыҳалалратә, ауаажәларратә еиҿкаарақәа АААК имҩаԥнагаз акциа «Агәы аԥхарра» иаҿыԥшны Аԥсны заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа ирыцхрааит аусмҩаԥгатә «Ргәаҿынӡа ҳнаӡап» анагӡарала.

Саид Барганџьиа

Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә, ауаажәларратә еиҿкаарақәа «Аԥсуареи» «Абазамреи» Ҟаисери ақалақь аҟны еиҿкаау Кавказтәи акультуратә центр рыдгыланы, агәыҳалалратә фонд «Кьараз» нарываргыланы имҩаԥыргеит акциа «Ргәаҿынӡа ҳнаӡап» ҳәа хьӡыс изауз, заагарҭа маҷу Аԥснытәи аҭаацәарақәа рыцхыраара иазынархоу.

Абри атәы АААК аинформациатә портал иазааицҳаит агәыԥ «Аԥсуара» аҳәаақәҵаҩ Сельчықә Сымсым.

Иара иазгәеиҭеит акциа иалҵшәаны ишеидкылаз хәыҷи-дуи рзы амаҭәа ԥхақәеи, аканцелиартә тауарқәеи, ахәмаргақәеи – иааидкыланы «еидара машьынак азна» ҟалеит.

«Ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәеи ахәыҷқәеи рхыԥхьаӡара шырацәоу анеилаҳкаа, рфотосахьақәа анаҳба, даара ҳгәы ҳахьит. Абарҭ афотосахьақәа збаз аӡәырҩы шарҵәыуоз гәасҭеит. Ҳаргьы ари апроблема ҳзавымсит. Иаарласны ҳҽеидаҳкылан абри акциа хацҳаркырц ҳаӡбеит», – иҳәеит Сымсым.

Мызкы иназынаԥшуа ауаажәларратә, агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи, Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭақәа рҿы инхо, мамзаргьы хазы иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәеи амаҭәақәа еидыркылон рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо рашьцәа рзаашьҭразы.

«Кавказ жәларқәа ирхылҵшьҭрамгьы аӡәырҩы ари акциа иадгылеит. Еидаҳкылаз ацхыраара зегьы Аԥсны иҟоу агәыҳалалратә фонд «Кьараз» ахь иҳашьҭхьеит», – иҳәеит акциа аҳәаақәҵаҩ.

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рзы акампаниа «Ргәаҿынӡа ҳнаӡап» – раԥхьатәи цхыраарам. Ҳазҭоу амзазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, аиҿкаара «Алашареи», Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи ихацдыркит акциа «Агәы аԥхарра». Уаанӡа, 2018 шықәса цәыббрамзазы Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа еидкыланы Аԥсныҟа иаарышьҭхьан 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа.