Саид Барганџьиа

Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» хацыркхеит апроект иаҵанакыз жәаҩыла ауааԥсыра агуманитартә цхыраара рыҭарала. Аимаа ҿыцқәа рызшан акциа аиҿкааҩцәас иҟоу – Аконгресси, аиҿкаара «Алашараеи», Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи – иаздырхиаз асиаҟны иарбоу аҭаацәарақәа.

АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит, уажәазы имҩаԥгаз ашьаҵақәа рыҭара – акциа раԥхьатәи етапны ишыҟоу. Иахьа-уаҵәы иазыԥшуп аӡынтәи амаҭәа ԥхақәа раара: акурткақәа, арезина кьаҿқәа, аколготкақәа, ашьалқәа.

«Аидара аҩбатәи ахәҭа анҳаулак, хымԥада, амаҭәа ԥхақәа рзаҳгоит уаанӡа ашьаҵақәа ззаҳшахьаз аҭаацәарақәа», – иҳәеит Гыцба.

Иара иазгәеиҭеит акциа аиҿкааҩцәа зызнеиуа аҭаацәарақәа гәахәарала ишрыдыркыло.

«Еиҳаракгьы Ашықәс ҿыц аламҭалазы аныҳәатә гәалаҟара зегьы амҽханакуеит. Арҭ амаҭәақәа уажәы ирҭахыҵәҟьаз ауп», – иҳәеит Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.

Агуманитартә цхыраара зауз аҭаацәарақәа руак ахаҭарнак, хәҩык ахшара ран Асмаҭ Какалиа иҭабуп ҳәа ралҳәеит акциа аиҿкааҩцәа зегьы. Лара иазгәалҭеит лҭаацәа ишроуз зыда ԥсыхә рымамыз амаҭәақәа, ашьаҵақәа ракәзар, урҭ шҿыцу атәы лҳәеит.

Ари ашықәсҿыцазтәи аҳамҭа лымкаала деигәырӷьеит ашьапылампыл асҩы қәыԥш Дамир Гиробелиӡе.

«Даара иҭабуп. Ҳгәы иахәеит», – иҳәеит аҷкәын.

Иааидкыланы агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» иалагӡаны ргәы иҭоуп 1060 комплект амаҭәа ԥхақәеи ашьаҵақәеи ршара. Акциа мҩаԥыргоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Иавтономтәу Икоммерциатәым Аиҿкаара «Алашареи», Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи. Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора ари аҩыза ацхыраара иҟарҵо раԥхьатәиим. Уаанӡа, 2018 шықәса цәыббрамзазы Ҭырқәтәыла еидкыланы Аԥсныҟа иаашьҭын амаҭәа ԥхақәа 1200 комплект.