Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра 25 шықәса рыҩныҵҟала изнысыз амҩеи, аусураҟны ицәырҵуаз ауадаҩрақәеи, имҩаԥнагахьоу апроектқәеи, ԥхьаҟатәи ахықәкқәеи ртәы еиҭарҳәоит еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Ахаҭарнакра аиҳабацәас иҟаз.
Саид Барганџьиа
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, 25 шықәса раԥхьа Сҭампыл ақалақь аҟны аусура иалагеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра. Уи аиҳабыс дҟаҵан Владимир Аҩӡба.
Ахаҭарнакра раԥхьатәи аиҳабы — раԥхьатәи аусурамшы иазкны
Ари аҭыԥ аҟны 20 шықәса инареиҳаны аџьабаа збаз Владимир Аҩӡба изы Ахаҭарнакра аусура – иԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа хәҭа дуны иазыҟалеит.
Уи аамҭа иара ихаҭа абас игәалашәоит: «26 шықәса раԥхьа, Ахаҭарнакра аартра шықәсык шагыз, Владислав Арӡынба сааԥхьаны исеиҳәеит, абри аҭакԥхықәра ду зцу аус снапы ианиҵарц шиҭаху. Уи аамҭазы Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи сареи аимадара бзиа ҳабжьалахьан, сгәанала, убри азоуп ари аҭыԥгьы зсыдигалаз».
Ҭырқәтәыла аус иуанаҵы, Владимир Аҩӡба есыҽны ихаирҭәаауан амшынҵа, уи абзоурала, Аԥсны Ахаҭарнакра Сҭамԥыл аартреи, уи ахҭыс дшазыҟази атәы ибзиаӡаны игәалашәоит.
«Иарбанзаалак аус ахацыркра уадаҩуп, аҭакԥхықәра дугьы ацуп. Аха сара сҩызцәа реиԥш, егьысгьы ауаа рацәа адгылара сырҭеит. Уи аамҭазы еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәызгахьан, уаҟа исоуз аԥышәа акыр исыхәеит ҳәа сҳәар сылшоит. Ҳәарада, схәыцырҭақәа рацәан, аха ус шакәызгьы, ари аус анапыркра сара сзы гәахәара дуун. Раԥхьаӡа иргыланы, хықәкы хадас исыман Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рхьарԥшра. Уи азы имҩаԥган аусқәеи, аиԥыларақәа рацәаӡаны», – игәалаиршәоит Аҩӡба.
«Ацҳаражәҳәарҭақәа зегьы Анкара иҟоуп, аха аԥсуаа реиҳараҩык Сҭамԥыл инхоит»
Аԥсны Ахаҭарнакра Сҭампыл аартра машәырны иҟамлаӡеит: ус иӡбеит Владислав Арӡынба ихаҭа. Аҩӡба иажәақәа рыла, Арӡынба иааигеит иузамамкуаз аргумент: «Еилкаауп, ацҳаражәҳәарҭақәа зегьы Анкара ишыҟоу, аха аԥсуаа реиҳараҩык Сҭамԥыл инхоит». Иахьа уажәраанӡагьы Ахаҭарнакра Сҭампыл ауп иахьыҟоу.
2014 шықәсазы Владимир Аҩӡба имаҵураҿы диԥсахуеит Инар Гыцба – Ахаҭарнакраҿы иаԥҵаз атрадициақәа патуқәҵарала ирыцызҵаз арԥыс.
«Сара сҿаԥхьа хықәкы хадас иқәгылан, зхыԥхьаӡара рацәоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи, рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, иара убасгьы Аԥсны адәныҟаполитикатә интересқәа раларҵәара. Арҭ ахықәкқәа Ахаҭарнакра аусура ианалага аҽны инаркны иқәыргылақәаз роуп, урҭ иахьазгьы актуалра рымоуп», – иҳәеит Гыцба.
Акыршықәстәи аус: ауадаҩрақәеи алҵшәақәеи
Ахаҭарнакра акыршықәса еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥнагоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа: акультуратәи, агуманитартәи ахырхарҭақәа змоу.
«Еиҿаҳкаауан ҳарҿиаратә коллективқәа алархәны еиуеиԥшым аҩаӡара змаз ақәгыларақәеи ахәылԥазқәеи, – еиҭеиҳәоит Гыцба. – Азинмчранагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнакра аусура ашықәсқәа ирылагӡаны Аԥсныи Ҭырқәтәылеи рықалақьқәак аишьаратә еимадара рыбжьаҵан. Иара убасгьы, азҿлымҳара ҷыда рыман аҵарадырратә проектқәа: иахьазы аԥсуа хәыҷқәа ирымоуп алшара Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа рҟны аҵара рҵарц.
Гыцба убасгьы иазгәеиҭеит иуадаҩыз аамҭақәа шыҟаз. Раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны Ахаҭарнакра еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рылахәра аҿагыларазы Ҭырқәтәыла иҟоу Қарҭ Ацҳаражәҳәарҭа иаԥнаҵоз ауадаҩрақәа роуп зыӡбахә имоу. Аха ус шакәызгьы, Гыцба иусура ахҳәаа ҟаҵо иазгәеиҭеит, Аԥсны Ахаҭарнакра Ҭырқәтәыла қәҿиарала аус ауеит, «иҟанаҵахьоу рацәоуп, агәҭакқәа еиҳагьы еиҳауп» ҳәа.
Аимадара арӷәӷәара, Аԥсны аинтересқәа раларҵәара
2018 шықәса, ԥхынгәымзазы Инар Гыцба иҭыԥ аҟны дааиуеит Вадим Ҳаразиа, иахьа уажәраанӡагьы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра еиҳабыс иҟоу.
25 шықәса раԥхьа еиԥш иахьагьы Ахаҭарнакра аҿаԥхьа ихадоу хықәкқәас иқәгылоуп ҩба: Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора амадара арӷәӷәареи, Аԥсны адәныҟаполитикатә интересқәа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы раларҵәареи.
Вадим Ҳаразиа иажәақәа рыла, иахьазы Ҭырқәтәыла инхоит 500 нызқьҩык инареиҳаны аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, убри азы акырзҵазкуа акакәны иҟоуп рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадаразы активла аусура. Уи аганахьала имҩаԥгахьоу апроектқәагьы рацәоуп.
«Ҳәарада, иҟоуп ауадаҩрақәагьы, аха иҭышәынтәалахьоу ҳԥозициеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Ҭырқәтәылатәи Апарламент аҟны аус зуа ҳҩызцәеи рыбзоурала аус ҳуеит, апроектқәа наҳагӡоит, иҿыцу ахықәкқәа ҳҿаԥхьа иқәҳаргылоит», – иҳәеит Ҳаразиа.
Аконгресси Аԥсуафеди аус рыцура далацәажәо, Ҳаразиа иазгәеиҭеит, уажәааигәа, раԥхьаӡакәны ишымҩаԥысыз Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа аԥылара. Уи аиқәшәара аҳәаақәа ирҭагӡаны акрызҵазкуаз аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылан, иара убасгьы иалацәажәеит ԥхьаҟатәи русеицура.
Ахаҭарнакра иахьазы имҩаԥнаго аусқәа дырзааҭгыло, уи аиҳабы еиҭеиҳәеит аҵарадырра аганахь ала ирымоу апроект ала, Аԥсны ашкол иалгаз ахәыҷқәа алшара шрымоу Анатолиатәи ауниверситет (Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу ауниверсит — аред.) аҟны рҵара ацҵара. Ҳаразиа иажәақәа рыла, «аҵариурҭа аиҳабыра азыхиоуп ауниверситет афилиал Аԥсны аартра, уи азҵаара Аԥсны аиҳабыра рахь инашьҭуп, хара имгакәагьы рҭак ҳазыԥшуп».
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра анаԥҵаз аҽны инаркны еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирхысхьеит, еиҳаракгьы раԥхьатәи ашықәсқәа рзы — иара аԥҵан 1994 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь шықәсык ааҵуаны. Акгьы иазхьамԥшкәа иахьа уажәраанӡа активла аусура иаҿуп, Ахаҭарнакра аԥҵара аԥшьызгаз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәыӷрақәеи игәазыҳәарақәеи аԥсҭазаара иаларҵәо.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.