Аедыгьтәылатәи аҳәынҭқарратә университет азыҳәаҩ Мариана Кармова қәҿиарала илыхьчеит “Абаза бызшәа абызшәарацәаратә ҭагылазаашьаҿы: асоциолингвистикатәи алингвокультуратәи аспектқәа” зыхьӡыз адиссертациа. 

Есма Гәаланӡиаҧҳа

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат иҩаӡара аиуразы Мариана Кармова лдиссертациа ахьчара мҩаҧысит Аедыгьтәылатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. 

Адиссертациатә хеилак алахәцәа еицҿакны иадгылеит адунеи аҿы ижәытәӡатәиу, иуадаҩу ҳәа иҧхьаӡоу абаза бызшәа иазкыз аҭҵаарадырратә усумҭа. Ари - АААК ИА ахантәаҩы, автономтә икоммерциатәым аиҿкаара “Алашара” ахада Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз, аҧсуа-абаза бызшәа арҿиареи аиқәырхареи рзы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ихьчоу раҧхьатәи диссертациоуп. 

Мариана Кармова еиҭалҳәеит лыҭҵааратә нысымҩа зеиҧшраз. 

“Афинанстә университет аҟны, англыз бызшәеи азанааҭтә еимадареи ркафедраҿы аус шызуаз 2017 шықәсазы сҭалеит Москватәи ақалақьтә арҵаҩратә университет аспирантура. Гәаныла иаразнак исыӡбеит стема абаза бызшәа ишадҳәалазаауа. Аинтернет аҿы исымоу адаҟьа “Abaza history” аус анадызулоз еилыскааит абаза ҭоурых иазку усумҭақәак ыҟазаргьы, абызшәа иазку адыррақәа даара ишмаҷу. 2020 шықәсазы аспирантураҿы аҵара хсыркәшан арҵаҩы-аҭҵааҩы идиплом соуит. Уи ашьҭахь, адиссертациа аус адулара иацсҵеит. Ҩышықәса анҵы, аҭҵаарадырратә усумҭа ахьчаразы Аедыгьтәылатәи аҳәынҭқарратә университет садырҵеит”. 

Мариана Кармова лусумҭаҿы иазгәалҭоит ҳазҭагылоу аамҭазы аҭыҧ змоу абызшәарацәаратә ҭагылазаашьаҿы абаза бызшәа аиқәырхара аҵак ду шамоу. Уи аҳасабтә аӡбаразы ажәалагалақәак ҟалҵоит - арҵагатә материалқәа реиқәыршәара, абызшәатә курсқәа реиҿкаара, акультуратә усмҩаҧгатәқәеи, акультурабжьаратә еимдарақәеи, апрограммақәеи рымҩаҧгара, абаза бызшәа аларҵәара иахәаша аонлаин-ресурсқәа рхархәара. 

“Аҭҵаарадырратә напхгаҩыс дсыман афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, зус бзиаӡаны издыруа, зҵаҩцәа ирзааигәоу анапхгаҩы, ауаҩы замана Заинета Руслан-иҧҳа Хачмафова. Аоппонентс дықәгылан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Харатокова Мариат Губед-иҧҳа. Уи лусумҭақәа - абаза бызшәа иазкны иҩу академиатә хәҭа арҿиараҿы лагала дууп. Аҭҵаамҭа иазкны иҩыз ахҳәаақәа зегьы аусумҭа иақәшаҳаҭын. Ахьчара анымҩаҧысуаз адиссертациатә хеилак алахәцәа иазгәарҭеит иахьатәи аамҭазы абаза бызшәа аиқәырхара атема актуалра ду шацу”. 

Адиссертациатә усумҭа еиқәыршәоуп аҧсуа-абаза бызшәа арҿиареи аиқәырхареи рзы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз аусмҩаҧгатәқәа ралыршара азгәаҭоуп 2020-2026 шықәса ирыҵаркуа аамҭазы. Уахь иаҵанакуеит арҵаҩцәеи аҭҵааратә усзуҩцәеи разыҟаҵара, реиҭазыҟаҵара, еиуеиҧшым алитература аҭыжьра, аҧсшәеи абаза бызшәеи рыҭҵаара, уҳәа егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа. 

“Аҭҵаарадырра-теориатә усумҭа аҩра абзоурала апрактикатә усура аҿиара аҩаӡарагьы иацлеит. Сара авторс срымоуп анаҩстәи апроектқәа: “Абаза бызшәа аҭҵааразы аонлаин-курсқәа”, Абаза бызшәа авиртуалтә школа Абаза Ажва”. Иара убасгьы иалыршоуп абарҭ апроектқәа: Б. Тхаицуков авторс дызмоу «Аудиошәҟәы «Нашв Нап|ык|», абаза жәлар рашәақәеи рмелодиақәеи ранҵамҭа. Мусса Хабал-иҧа Егзакь иҭабуп ҳәа иасҳәоит хыхь зыӡбахә ҳәоу апроектқәа зегьы адгылара ахьриҭаз азы. Хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит Кан Ҭаниеи Зарема Хабекировеи. Иара убасгьы иҭабуп ҳәа расҳәоит иааиҧмырҟьаӡакәа ацхыраара сызҭоз сҭаацәа. Сусумҭа рзыскуеит зыдунеи зыҧсаххьоу, аха сылшарақәа рыгәра згоз саб Шенкао Ризон Рашид-иҧеи, сашьа Шенкао Рамазан Ризон-иҧеи”. 

Абаза бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи реиқәырхареи рырҿиареи ирызку аплан шәахәаҧшыр ҟалоит автономтә икоммерциатәым аиҿкаара “Алашара” аофициалтә саит аҿы: http://alashara.org/documents/56.pdf