Аԥсуа бызшәа аиқәырхашьа амҩақәеи, арепатриациа азнеишьеи, аԥсуа диаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реизыҟазаашьақәеи ртәы еиҭеиҳәеит АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны Москватәи аԥсуа диаспора ахада, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрба.
- Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихадароу ахықәкқәа ируакуп – адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа реидкылара. Имариам абри аус анагӡаразы иарбан шьаҿақәоу иҟаҵатәу, шәгәанала? МАД (Москватәи аԥсуа диаспора – аред.) аа-шықәса раахыс имҩаԥнаго асистематә усура аԥышәа абри азҵаараҟны хархәара ауҭар ҟалома?
- Адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа зегь реидкылара ахықәкы, сгәанала – еснагь аус здаҳулаша хырхарҭоуп. Уи амҩа ҳанызароуп. Избанзар, ҳҿаԥхьа ахыдҵа анықәҳаргыло, уи заҟароу еилаҳкаауазароуп. Иаҳҳәап, зегьы-зегь реидкылара, ма рыбжаҩык ирыдымхаргьы уҳәа убас иҵегь. [Аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реидкылара] – уи еиҳарак ахаҭабзиара аганахьала инагӡалатәу хықәкуп, иааиԥмырҟьаӡакәа аус ҳаулар, алҵшәақәагьы ҟалоит.
Аиаша уҳәозар, ажәлар аӡәыкны ианеидгылаҵәҟьо, шәарҭара дук ианҭагылоу ауп, иаҳҳәап агеноцид, ма аетноцид реиԥш иҟоу. Ицәгьам аҭагылазаашьаҿы зыԥсҭазаара зхызго адиаспорақәа рҽеидыркылоит рмилаҭтә хаҿра рцәымӡырц азы. Ари шәарҭароуп милаҭк еиднакыло ауаа рзы, убри аҟнытә дара уи анырныруа, рҽырыхьчарц азы, рмилаҭтә хаҿра еиқәдырхарц азы рҽеидыркылоит. Убас иҟоу ауаа адиаспора агәыцә шьақәдыргылоит. Ишԥарыхьчои рмилаҭтә хаҿра? Лассы-лассы еибабоит, аетнокультуратә усмҩаԥгатәқәа еиҿаркаауеит. [Арҭ аусмҩаԥгатәқәа] адиаспорақәа рнапхгаҩцәа имҩаԥыргоит, ажәлар иахьынӡауа ирацәаҩны ралархәразы.
Абраҟа зегь реиҳа акрызҵазкуа иагьыуадаҩу акоуп: дара убарҭ аусмҩаԥгатәқәа еиуеиԥшым ақәратә, асоциалтә категориақәа ирыҵаркуа ауаа, ахацәеи-аҳәсеи уҳәа зегьы еицырзеиԥшны аинтерес аҵаны имҩаԥысуазароуп. Аусмҩаԥгатәқәа шьоукы ахацәа иаҳа ргәы иақәшәоит, егьырҭ – иаҳа аҳәса иргәаԥхоит. Ҳара иҳамоу аԥышәала иаҳҳәар ҳалшоит, зегь реиҳа аинтерес зҵоу усмҩаԥгатәқәоуп ҳәа иаарту адәаҿы, аҟьаҟьараҿы имҩаԥысуа. [Уаҟа] ҳара иҳалшоит доусы ргьама иақәшәаша, хкы-хкыла еиуеиԥшым аусхкқәа рынагӡара.
- Шәара АААК Иреиҳаӡоу ахеилак шәалоуп Москватәи аԥсуа диаспорагьы хадара азыжәуеит. Адиаспора ахаҭарнакцәа Аконгресс ралархәразы усура ҳәа акыр мҩаԥыжәгома?
- Аиаша шәҭахызар, сара сгәы иаанагаӡом, аиҿкаара формалла алахәреи, уи [зырҵабыргуа] анҵамҭақәеи идыршаҳаҭуеит ҳәа иара иамоу асоциалтә ҵакы, ма ауаҩ иԥсҭазаараҿы акраанаго аҟазаара. Иҟалап, уи зыхҟьо акомсомол саналазтәи аамҭа исзыннажьыз ацәанырра акәзар, акомсомол алахәра даара иформалтәын ҳәа исыԥхьаӡон. Сара сгәы излаанаго ала, аиҿкаара иалоу ауаа рхыԥхьаӡара акәӡам уи алаҵәара аиура зыбзоуроу, аиҿкаара имҩаԥнаго аусқәа шаҟаҩ ауаа рацәа рхы аладырхәыр рҭаху, инанагӡо ахықәкы гәыкала иахьынӡақәҿырҭуа – убри ауп ихадароу.
- Иарбанқәоу, шәгәанала, реиҳа ихырҳагоу мҩақәоу аԥсуа ҳәынҭқарра зықәныҟәаша адиаспореи иареи реимадара аус аҿы? Ишԥамҩаԥысуа иааидкыланы уи аимадара [адиаспореи аҳәынҭқарреи рыбжьара]?
- Москватәи аԥсуа диаспора ахадас саналырхуаз, сықәгылараан убас сҳәеит: сҳәашьа акалашәа иҟаларгьы ҟалап, аха Москватәи аԥсуа диаспора ахыԥхьаӡара иагханы, Аԥсны инхо рхыԥхьаӡара иацлар даара сеигәырӷьон ҳәа. Сгәы иаанагоит, ганкахьала Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессгьы хыдҵас иамоу уи ауп ҳәа. Еиуеиԥшым адиаспорақәа еиуеиԥшым ахықәкқәа рымоуп. Уи еиҳарак изыдҳәалоу [аҭоурыхтә] ԥсадгьыл ауп. Ҳара ҳтагылазаашьа уникалтәуп. Сара уи атәы изныкымкәа исҳәахьеит еиуеиԥшым аудиториақәа рҟны, иара убас аинтервиуқәа рҟны.
Аибашьраҿы аиааира ахьаҳгаз абзоурала (Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра – аред.), ахақәиҭразы ҳақәԥара иабзоураны, иҳауит [ҳҳәынҭқарра] ахьыԥшымра азхаҵара Урыстәылеи егьырҭ атәылақәаки рҟынтә. Ари иуникалтәу хҭысуп. Иҟоуп ажәлар дуқәа зхатә ҳәынҭқаррақәа змам. Убри аҟнытә, ҳәарада, Аԥсуа ҳәынҭқарра, Аԥсынтәыла захьӡу апроект анагӡара – дарбанзаалак аԥсуа, дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ зегь иреиҳау хықәкыс имазароуп. Ари ахықәкы акыр уззааԥсаша акоуп, апатриоттә хәыцра змоу Аԥсны атәылауаа зегьы рымчқәа еиларҵароуп уи анагӡаразы. Ҳхаҭақәа ҳхәыцшьа ҳарҿыцроуп, ҳҳәынҭқарра ҳарҿыцроуп, уи иахьа уажәраанӡагьы ажәытә совет аамҭазы иҟаз азнеишьақәа аныԥшуеит. Ажәытә ҿырԥштәқәа рыла аусура иаҿу атәыла анапхгаратә системеи егьырҭ аусбарҭақәеи иахьазы – зынӡа ихахьеит. Убри азоуп реффективрагьы абас изылаҟәӡоу.
Аха иарбан диаспоразаалак, ма иарбан конгрессзаалак ари азҵаара рхала ирзыӡбаӡом, избан акәзар ари апроект аҟны аԥызара ауазар оуп Аԥсны ахаҭа, уи аиҳабыра. Аха Аԥсны азхаҵара аиуижьҭеи жәашықәса ирылагӡаны шьаҭанакыла изызхәыцу, ишьақәыргылоу, ма излагахьоу программак [абри аганахьала] сара изымбацт.[Апрограммақәа] амчратә системеи, азинхьчаратә усбарҭақәеи реиҭашьақәырглара иазку, акоррупциеи акриминалитети ирҿагыланы ақәԥара иазку, аекономика аҿиара иазку. Арҭ атемақәа уажәы реиҳа излацәажәо роуп. Сара аиҳабыра акритика рзызуа схы рхысыԥхьаӡалар сылшоит ҳәа сҳәар ҟалоит. Акртикахь иаҵанакуеит инҭырҳәцааны изызхәыцу арепатриациатә политика аҟамзаареи, адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли рыбжьара аимадара ахьысҳареи. [Иҟазароуп] шьаҭанкылатәи арепатриациатә политика: ҳара еилаҳкаауазароуп ҳмилаҭ рхаҭарнакцәа рҟынтә зыԥсадгьыл ахь зырхынҳәра ҳҭаху азусҭцәоу, иахьынҳархо абыкәу, усурҭа ҭыԥқәас ирыдаҳгало закәу.
Адиаспорақәа рыӡбахә ҳҳәозар – уаҟа ирацәоуп қәҿиарала инхо-инҵуа ауаа, доусы рнапы злаку аусқәа рҿы аихьӡарақәа заухьоу, зҭоурыхтә ԥсадгьыл акала иахәарц зылшо. Убарҭ ииашаны рызнеишьа ҳақәшәароуп, арахь ихьаҳарԥшроуп , ахынҳәра иазхианы иҟазар, иагьҳархынҳәлароуп. Абарҭқәа акгьы збаӡом сара иахьа, аха еиқәысыԥхьаӡаз зегьы ихымԥадатәу зҵаарақәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ажәакала, абри ауп Аконгресс раԥхьаӡа иргыланы хықәкыс иамоу: апроект Аԥсуа ҳәынҭқарра анагӡара. Уи еиҳау даҽа зҵаарак адиаспора иӡбатәны иамаӡам.
- Изеиԥшразар акәи шәгәанала Аԥсуа ҳәынҭқарра аидеологиа ҳазҭагылоу аамҭазы?
- Иарбан уажәларратә еиҿкаароу ҳара иаԥаҳҵарц ҳгәы иҭоу? Уи азы аидеологиа аҭахуп. Атәыла анапхгара абасгьы-абасгьы имҩаԥаҳгоит ҳәа ҳҳәаанӡа, ҳазхәыцроуп ҳаԥсҭазаара ҳбарц шаҳҭаху. Ҳашԥанхало? Идеологиас иҳамоузеи? Аӷарцәеи амалуааи рҳәынҭқарроума иҳамоу, мамзаргьы асоциалтә хырхарҭа змоу ҳәынҭқарроу? Аԥсуа, ма аԥсуа-абаза милаҭтә ҳәынҭқарра ҳаргылома, мамзаргьы атәылауаа зегь зинла иахьеиҟароу адемократиатә ҳәынҭқарра акәу?
Иаҳҳәап, усҟан аԥсуа милаҭ ԥыжәарас ирымазаауа абызшәа арҿиареи адемографиеи рызҵаарақәа рыла абиуџьеттә программақәа рыҟазаара мацара акәзаауеит. Ҳара ҳпозициа абас ишиашоу иҟоуп, зегьы еилыркаауа иҟоуп ҳәагьы сгәы иаанагоит. Сара сгәы излаанаго ала, иарбанзаалак ԥсыцқьарала иҟоу, иаарту, еилкаау апозициа егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа рыбжьарагьы ақәшаҳаҭра, азыразра аиуеит. Урҭ уажәы иҟоу-иану рыздыруам, убри аҟнытә рҭагылазаашьа рацәак иманшәалам, избан акәзар урҭ ирныруеит анационалисттә ҟазшьа змоу ааԥхьарақәак шыҟоу. Апроблемақәа рацәоуп. Избан сыздыруам аха, ҳара еснагь урҭ ҳрыцәцар ҳҭахуп.
Рыцәцара аҭахӡам, апроблемақәа урцәымшәакәа гәышԥыла урԥылароуп, убас ауп дара шыӡбатәу. Раԥхьаӡа иргыланы, аидеологиа ахырхарҭала, ҳәарада. Ажәлар, амилаҭ рԥызацәа атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шырбо анеиликаалак ауаҩы, аԥсҭазаара игәы азыҳәо дҟалоит, ак ҟаиҵарц агәаҳәара иоуеит, агәамч изҭалоит. Инагӡаны аилымкаареи, ашәарақәеи, апреспективақәа рыҟамзаареи шаҟа ирацәоу аҟара, ауаҩы ихы дақәиҭны, игәы бзиа, ихы бзиа, аԥсҭазаара деигәырӷьо – иҟалара уадҩхоит. Убас ауп ишыҟоу ҳәа сгәы иаанагоит.
- Арепатриациа аполитика ашьақәыргылараан, иарбан аспектқәоу азҿлымҳара ҷыда зҭатәу?
- Ҳмилаҭтә ҟазшьа ашьақәгылара иара ахатә ҭоурых амоуп уҳәар ауеит. Уи шьаҭас иамоуп аԥсуаа ирызҷыдароу [иалкаау] ирадикалтәым аконсерватизм, даҽакала иаҳҳәозар – аԥсуара. Уахь иаҵанакуеит шәышықәсала иаауа аԥҟарақәа рықәныҟәара уҳәа убас ирацәаны. Насгьы ҳара ҳуаажәларра адин иачычаны иҟамызт ахаан. Аха убри аан араҟа иаԥуп еиуеиԥшым адинхаҵаратә конфессиақәа. Аконфессиақәа руакы аԥыжәара аманы иҟамзароуп. Урҭ зегь еиҟаразароуп. Аха егьа ус акәзаргьы, арҭ азҵаарақәа даара ишәаны-изаны ҳрызнеилароуп, хыхь зыӡбахә сҳәаз: адин иаҵагылам ауаажәларреи ирадикалтәым аконсерватизми рыбжьара аибакапанра еиқәҳархарц азы. [Абри аконсерватизм] еиҳарак изызҷыдароу ашьхара иахьаԥну аҭыԥқәа рҟны инхо ауаа роуп. Амшын агаҿахь инхо рҟны уи иаҳа иԥсыҽуп, иара убри аганахьалагьы ҳкультура уникалтәуп уҳәар ҟалоит.
Ҳәарада, ишьақәҳаргылароуп ҳхатәы ԥҟарақәа, иалкаау «ауасиаҭқәеи» азакәанқәеи, арахьа иаауа ауаа зықәныҟәаша, ирыдыркылаша. Убас ҳхатә ԥҟара ӷәаӷәақәа ҳмоур, арахь иаауа ауаа рхаҭақәа урҭ шьақәдыргыло иалагоит, аилазаара азы уи даара ишәарҭоуп: адинхаҵаратә, акультуратә еиҿкаашьа аԥсахрахь иианагоит. Хаҭала сара исҭаххарымызт мышкызны ус ҟалар. Ҳара зегь ҳамоуп, иаҳхатәу, ҽаӡәы итәы еиԥшым, иунаклтәу.
Аха иҳәатәуп, ҽеила аус зуа аҳәынҭқарратә институтқәа рыҟамзаара иахҟьаны, шәышықәсала ишьақәгылоз ҳморалтә-етикатә ԥҟарақәа рыгәрамгара иахҟьаны, аҵыхәтәантәи аамҭазы убри зыӡбахә сҳәаз ҳуникалра аӡра ишаҿу. Ианамуӡахгьы уи иацәынхаз ҳахьчароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟнытә ауаажәларратә еилазаара ҿыц аԥҵара, еиуеиԥшым ахәыцшьақәа змоу ауаа реилаҵара, ус анакәха – арепатриациа азҵаара даара ишәаны-изаны изызнеитәу зҵаароуп, заа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рыла. Уара ухатә ԥҟарақәа анумоу, даҽаӡәы [урҭ рықәныҟәарахь] даауԥхьар – уигьы урҭ аԥҟарақәа идикылоит, урҭ рыла анхара далагоит.
- Иахьа Аԥсны жәлар рҿаԥхьа, атәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы, даара иҵарны иқәгылоуп аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаара. Москватәи аԥсуа диаспора уи аӡбара ишԥацхраауеи? Аконгресс иарбан шьаҿақәоу иҟанаҵаша аԥсшәеи абаза бызшәеи реиқәырхаразы?
- Ҳара ари апроблема аӡбара ҳҽазаҳшәоит Москватәи акәашаратә ансамбль аҟны аԥсуа бызшәа ашколқәеи акружокқәеи раԥҵарала. Аха сгәанала, ари аҩыза азнеишьа ҽеишәа аус ауртә изыҟалаӡом, избанзар агәра ганы сыҟоуп, адиаспораҿы абызшәатә проблема аӡбара иаҳа имариахоит ҳәа, Аԥсны уи аӡбашьа анырԥшаалак. Аԥсны, сара иахьынӡаздыруа, иҟоуп [абызшәатә] программақәа, аҳәынҭқарреи еиуеиԥшым агәыҳалалратә фондқәеи ари азҵаара аӡбаразы афинансқәа азоурыжьуеит, абызшәазы згәы былуа ауааԥсыреи аҵарауааи еиқәдыршәоит абызшәа арҿиара иазынархоу еиуеиԥшым апрограммақәеи арҵагатә цхыраагӡақәеи. Ари азҵаара аӡбараан аџьшьарақәеи аԥкрақәеи ҟаҵалатәуп.
Сара ҿыц амаланыҟәа аԥысҵоит ҳәа сыҟам, ари аҩыза апрактика атәылақәа жәпакы рҟны аус аухьеит. [Аԥкрақәа рахь иаҵанакыр ҟалоит] Иаҳҳәап, абызшәа ззымдыруа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы амаҵурахьы изымнеира, мамзаргьы абызшәа узымдыркәа атәылауаҩра умоуа аҟалара. Убри аан аҳамҭа шьахәқәа рыла Аԥсныи уи анҭыҵи иреиӷьӡоу аҵаҩцәа аџьшьарақәа рыҭалатәуп. Ауаҩы агәкаҳара имоуроуп, иԥсадгьыл аҿы, ма иҩны, иҭаацәараҿы аҭагылазаашьа ахьҽеим амшала. Аҭаацәараҿы аусқәа анҽеим, ауаҩы аҩныҟа аара иҭахымхо дҟалоит, аҭаацәара далҵырц азхәыцра далагоит, агәкаҳареи алахьеиқәреи изаазго ауаа рԥырҵра дазгәышьуеит. Убасҵәҟьа, уԥсадгьыл аҟны адепрессиа рацәазар, уи ԥеиԥшк аманы иахьыумбо азы агәкаҳара узцәырҵуазар, аилкаара уадаҩхоит – нас избан уи аҳәынҭқарра абызшәа зҵатәу?
Ҿырԥштәык аазгоит. Зны Италиа проектк сыман. Италиатәи спартниорцәеи сареи еицымҩаԥаҳгон. Уи ҳаналагоз даара агәацԥыҳәара сыманы сыҟан, аиталиан бызшәа арҵаҩы дсыԥшааит. Абызшәа аҵара салагеит, италиатәи амузыка, ариақәа сырзыӡырҩуан. Абызшәа сҵар сҭахыҵәҟьан. Аха [нас] апроект еилаҳаит, спартниорцәа ламыс змаз шьоук ракәымхазт, саргьы уи аус аансыжьит. Иҟалап, ари «хәыҷтәы» знеишьазар, аха зегь акоуп, ауаа зегь ус иаҳҟазшьоуп: абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан игәнаҳго, ҳзызхәыцуа рацәоуп. Сгәанала, абызшәа азҵаара ӡбахоит, ауаа уи аҵара рҭаххар. Ауаҩы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аусура иҭаххар. Убри шаҟа имоданы, иҿио-еизҳауа, ҳаамҭа иақәшәо иҟало аҟара, аԥсуаа ахьаԥсыуаау мацара ргәы аладууны иҟалоит, абызшәа аҵара рҭаххоит Аԥсны инхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Гәахәара дула аԥсуа бызшәа рҵалоит урҭгьы.
- Иҳаҩсыз ашықәсазы МАД аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Москва имҩаԥысит Аԥсуа культура амш. Уи гәахәара дула ирыдыркылеит Москва иаланхо аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа реиԥш, егьырҭ ақалақьуаагьы. Абри ахҭыс аӡбахә еиҭашәҳәар ҳҭахын.
- Абри ахҭыс иаҳнарбеит ҳџьынџьуаа реиԥш аусмҩаԥгатә иаҭааз егьырҭ асасцәа рҟынтәгьы ипозитивтәу аенергиа шҳауз, абжьааԥны ус аныҟало маҷӡоуп. Убасҟан сара ҩашьарада иснырит ауаа радыԥхьалара, апиар иаҵанакуа шырацәоу, избанзар аусмҩаԥгатә мчыбжьык шагыз иара ахьымҩаԥысшаз аҭыԥ аҟны – уи парк дуун – инеиааиуаз даара имаҷын, уарла-шәарла, иааидкыланы 50-60-ҩык ҟала-иҟамла. Ҳара активла нап аҳаркит ауаа радыԥхьалара аус: аҭыԥантәи арадио, ателехәаԥшратә каналқәа, егьырҭ амассатә-информациатә хархәагақәа рыла ааԥхьарақәа ҟаҳҵон, аинтернет-ресурсқәа ҳхы иаҳархәеит. Москва ауааԥсыра адырра раҳҭон абас еиԥш аусмҩаԥгатә шыҟало. Ауаа даара ирацәахеит. Амшгьы ҳауит, лыԥхала. Зегь маншәалахеит. Аԥсуаа ус лассы-лассы иҳақәҿиалоит.
Зегь бзиаӡаны имҩаԥысит, избан акәзар ҳфестиваль даара ибеиан, хкырацәала еибыҭан. Иҳаман Кавказтәи аиога иазку алекциа, уи мҩаԥигон Адыгатәылантә иааз Заур Жане, иҟан уи инаҩс иқәгылозгьы. Москватәи акәашаратә ансамбль ақәгылара еиҿаҳкааит. Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль хазына ҳамоуп. Москва иааҟоу аҳамҭа дуқәа зегьы ириааихьеит, Урыстәыла имҩаԥысуа еиуеиԥшым аконкурсқәа рҟны агран-приқәа рацәаны иагахьеит. Аԥсуа чара амҩаԥгашьа дҳарбеит, зегьы милаҭ маҭәала еилаҳәан, аҭамада аныҳәаҿақәа шьҭихуан. Ауаа аинтерес ду рыманы иахәаԥшуан уи зегьы. Амилаҭтә чысхкқәа иара уа ихьыҟаҳҵашаз аҭыԥ ылхны иҳархион, ауаа агәаран иқәгылан аԥсуа чыс агьама абаразы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс астенд цәырган, аус руан егьырҭ астендқәагьы, Аԥснытәи аҳамҭаҷқәа рҭиуан. Иқәгылеит аклассикатә, аестрадатә артистцәа.
Ауаа рацәан, ари афестиваль ныҳәа дук иеиԥшхеит, зегь ҿаԥха-ҿаччо, ргәалаҟара бзианы уи иалахәын, абас еиԥш аныҳәа иахьеиднакылаз иеигәырӷьон. Абысҟаҩык сҩызцәа-сдырцәа збоит ҳәа сыҟамызт. Имаҷны ҳаибабоит, аиашаз. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рахь имаҷны иныҟәо, урҭ «згәы рыхшәахьоу» ауаагьы ыҟан. Иаҳҳәап, столк аныҟоу, ма иалкаау спектакльк цозар. Уигьы шьахәуп, ҳәарада, аха атеатр – иалкаау ҟазара хкуп, аӡәы игәаԥхоит, ҽаӡәы игәаԥхом. Ҳара ҳфестиваль аҿы ажанрқәа рацәаны еизаҳгеит, афольклортә моментқәагьы маҷымызт. Ҭенгиз Ҭарба Аԥсны ашьхақәа ирызкны алекциа даԥхьеит.
- Абас еиԥш акультура амшқәа ҳдиаспора ахьынхо адунеи егьырҭ атәылақәа рҟынгьы имҩаԥгалатәуп ҳәа шәыԥхьаӡома?
-тСгәы иаанагоит, егьырахьгьы имҩаԥгалазар аԥсоуп ҳәа. Акаҿы аанхара аҭахӡам, абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рзы иҿыцу формақәак ԥшаалатәуп. Иҿыцу мҩақәак ирызхәыцтәуп, [аусмҩаԥгатәқәа] аиҿкааҩцәеи аҭааҩцәеи еицеиԥшны излахәхаша. Еилахәу апроектқәа рахь ауаа адыԥхьалатәуп. Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа шаҟа иинтересхо, шаҟа аҿыц аамҭа иақәшәало аҟара, хыхь ҳазлацәажәоз акзаареи аидгылареи иаҳа лассы иҟалоит. Ҳаидгылара ҟалароуп ҳатрадициақәа иахьатәи аамҭахь риагарала, убас иҟоу, зегьы еицаҳзеиԥшу аус – зегь ҳзы ихадароу ҳаиднакылозароуп, акәымжәи, акабеи ахьҳшәу мацара акәымкәан.
- Москватәи аԥсуа диаспора имҩаԥнаго аусқәагьы, Аконгресс аусурагьы имаҷым афинанстә ныхтәқәа ирыдҳәалоуп. Иарбан ԥареизгашьатә формоу абас иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа рзы иаҳа иманшәалоу, шәгәанала?
- Иџьоушьап, аха Москва ҳара ари азҵаара ҳзымыӡбаӡеит. Аамҭа-аамҭала аусмҩаԥгатәқәа еиҿаҳкаауеит. Еиҳарак уи есышықәсатәи ҳаиԥылара ду ауп, аресторан аҿы имҩаԥаҳгоит. Уи аҭааразы абилетқәа аархәоит, иҟоуп спонсорцәақәак, билетк ахә аасҭа хәынтә еиҳаны аԥара алазҵо. Егьи иаанхо зегьы аӡәы-ҩыџьа ауаа рхарџь ала инагӡахоит. Сара иахьынӡаздыруа ала, Аԥсуа-абаза конгресс зегь аҟынгьы ахарџь аганахьала ихадоу финансистс иҟоу Егзакь иоуп (АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь – аред.). Убри аҟнытә ари азҵаара аҭак макьана исымаӡам.
Аформақәа рыԥшаараҿы иҵегь абаҩхатәра ҳалазароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Амал змоу ҳџьынџьуаа ауаажәларратә мшхәыбзазара аҵак ду шамоу реилыркааразы, убри ахәыцшьа разаагаразы аформақәеи аметодқәеи ԥшаалатәуп, избан акәзар аӡә имацара насыԥ иманы дзыҟалом, аилазаара насыԥдазар, узлоу ауаа урыцхраароуп. Аус бзиақәа урыдгылар, џьанаҭ уҭыԥ ылухуеит ҳәа азхәыцрагьы уахь иналаҵаны. Доусы излаилшо ала ауаажәларратә еилазаара аҿиара далахәзароуп. Москва ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль ныҟәаҳгалароуп ҳәа анаҳҳәо, шьоукы ус ҳаҭаркуеит: урҭ ахәыҷқәа рҭаацәарақәа ыҟами, убарҭ рԥарала иныҟәыргалааит ҳәа. Аҭаацәарақәа зегь еиԥшым, уи азы аԥара змамгьы ыҟоуп анаҳҳәо, ҩаԥхьа [инҳаҭаркуеит]: «нас ус иҟоу рхәыҷқәа акәашарахь имныҟәалааит» ҳәа.
Ҿыцрак зцым, ипримитивтәу хәыцроуп ари зегь. Ауаажәларратә еилазаара рманшәалара иазхәыцларц азы ауаа разаагара уадаҩуп. Ауаа уи еилыркаар рҭахӡам, ма ирзеилкааҵәҟьом. Сеидру. Даҽа формакгьы ыҟоуп – «абыкь асра», аԥаразоужьра ҟазҵо ауаа шаҟа ихазынақәоузеи ҳәа агазеҭқәа, ажурналқәа ранҵара, рыхьӡ аҭыгара. Аха уигьы рацәак аус ауӡом, избанзар амалуаа аӡәырҩы ирымоу-ирыхӡу арзара рҭахӡам, рыӡбахә зехьынџьара ирҳәалар рҭахӡам. Ҳтәыла ахадацәа ирыдызгалақәахьан, Аԥсны иаԥу «Агәыҳалалразы» азакәан шыҟоу дырны, [уи] аԥсахрақәа аларгаларц, атәыла еизҳазыӷьақәа рҟны ишыҟоу еиԥш. Иаҳҳәап, [агәыҳалалрахь аԥара аузыжьуа рзы] ашәахтәқәеи аизгақәеи рырԥсыҽра аганахьала, аха аиҳабыраҿы аӡәгьы дхамҵгылеит ус еиԥш иҟоу аус.
- Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессгьы, иара иааидкыланы ҳтәылагьы хықәкы хадас иамоу – ҳаамҭа иақәшәо ирҿиоу аҳәынҭқарра аргылароуп ҳәа шәҳәеит. Абри аус аҿы шәхатә лагала шԥажәбо? Насгьы абри ахықәкы анагӡара дарбанзаалак аԥсуа иуалны ишәыԥхьаӡома?
- Хаҭала сара исуалны исыԥхьаӡоит. Сара даара исҭахӡам, бзиагьы избаӡом иарбан усзаалак аҿы аҵахара, аха саҵахазшәа сгәы иабалоит Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала иӷәаӷәаны ашьапы изықәымгылар. Снапы злаку аусқәа рҿы егьа аихьӡара дуӡӡақәа соургьы, абри ахықәкы анагӡара сзамыцхрааит, ус анакәха саҵахеит ҳәа агәырҩацәгьа сымазаауеит. Уи сара исуалԥшьоуп, анагӡарагьы сҽазысшәалоит. Зны-зынла ҵхыбжьоншьҭахь абри атема саналацәажәо исымоу аоптимизм хәҷык иагхар ҟалоит [дыччоит]. (аинтервиу ананҵаз аҵх агәы аҽеиҩнашахьан - аред.)
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.