Аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаареи, АААК аусура аҵаки, Аконгресс аусушьа дшахәаԥшуеи уҳәа ртәы далацәажәеит Аԥсны уаанӡа Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз, зыхьӡ нагоу афилолог Виачеслав Чрыгба АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылеит амилаҭ бызшәақәа реиқәырхара азҵаара дшахәаԥшуа, уи аӡбаразы мҩақәас иҟоу, абри апроцесс аҿы Аконгресс ҭыԥс иааннакыло, иара убас иааидкыланы адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа реидкылара аус аҿы ари аиҿкаара иҟанаҵарц иалшо.
Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Саид Барганџьиа.
- Виачеслав Андреи-иԥа, шәинтервиуқәа руак аҿы убас шәҳәеит, Аконгресс аусура ззынархоу – аԥсуа-абаза жәлар «аглобализациа рҽаладмырӡкәа рхатәы бызшәеи ркультуреи реиқәырхароуп ҳәа». Иаҳзеиҭашәҳәарц ҳшәыҳәоит амилаҭ реиқәырхара аус аҿы АААК рольс инанагӡо.
- Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс – адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи зегьы еидызкыло еиҿкаароуп, Аԥсынтәыла – дара зегьы змадоу, ирызгәакьоу хәышҭаароуп, ҳәарада. Кавказтәи ашьхеибаркыра хада аԥсуааи ашәуааи еиҩнашоит, аҵыхәтәантәиқәа реиҳараҩӡак ахьынхо Ҟарачы-Черқьестәылоуп. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи ҳареи амшын ҳабжьоуп. Ҳашьцәа нхоит убасгьы Шьамтәыла, Иорданиа, Египет, Америка, Австралиа, Европа атәылақәа рҿы. Зыԥсадгьыл иқәынхо ҳажәлар рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны иуҳәозар, адиаспора дуӡӡоуп, убри аҟнытә дара зегьы аӡәыкны еидкылатәуп.
Хықәкы хадасгьы иҳамоу – ажәлар ракзаара аиқәырхароуп. Аԥсуа-абаза жәлар – милаҭк ҳауп, ҳабызшәагьы акоуп. Ҳара-ҳара ҳабжьара аимадара ҟаҵатәуп, абиԥарақәа зегьы еимадазароуп, зегьы еиԥшызтәуа, еиҟаразтәуа (амилаҭ дуқәагьы уахь иналаҵаны) аглобализациа аҿаԥхьа ҳмилаҭтә хаҿра еиқәҳархарц азы, ҳатрадициатә культура хьчаны ҳнаҩс игыло ахәыҷқәа ирымаҳдарц азы. Абри ауп ҳусура хықәкы хадас иамоу, сгәанала.
- Ишԥанагӡатәу уи ахықәкы? Аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа реидкылара аус аҿы Аконгресс ҭыԥс иааннакылар ахәҭеи, иагьалшои?
- Уажәы аимадаразы алшара ҿыцқәа ҟалеит, аинтернет цәырҵит. Ҳәарада, иара аглобализациа ахаҭагьы – адунеи иқәынхо ауаа зегьы еимаздо механизм ӷәӷәоуп. Сара сгәы излаанаго ала, абарҭқәа зегьы ахархәара рзутәуп ҳаимадарақәа рырҭбааразы, рырӷәӷәаразы, ауаа гәыԥ-гәыԥла рҽахьеидыркылаша аҭыԥқәа раԥҵаразы, занааҭла еиԥшу аинтересқәа змоу ауааԥсыра реидкыларазы уҳәа. Еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа рҿы ҳаиԥылалароуп. Абри зегьы еиҿукаар ҟалоит аконтинентқәа рыбжьарагьы, аха иаҳа еиӷьуп, ҳәарада, хаҭалатәи аибабара. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа мҩаԥысуеит Аԥсны, ҞЧА, Ҭырқәтәыла. Сгәыӷуеит, Шьамтәылеи Иорданиеи аҭагылазаашьа анҭышәынтәалахалак, уаҟагьы имҩаԥыслап ҳәа.
Ҳмилаҭ аҿаԥхьа хықәкы хадас иқәгылоу – ахеиқәырхароуп. Абраҟа адемографиатә аспект ихадараӡоу аҭыԥ ааннакылоит. Ҳара ҳмаҷуп, шаҟа ҳмаҷу аҟара, ҳамчгьы кәадоуп. Уажәы иҟоу ҳаасҭа акыр ҳрацәазароуп, милаҭк аҳасабала ҳаӷәӷәазароуп.
Аҩбатәи аспект – абызшәоуп, аԥсуа бызшәа, абаза бызшәа, еицаҳзеиԥшу аԥсуа-абаза бызшәа. Абжьарашәышықәсазы зны ҳаидыҵит, аха зегь акоуп ҳаилибакаауеит.
Аҭагылазаашьа [абызшәа аиқәырхара аганахьала] даара ишәарҭоуп. Убри аԥсахрагьы – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахықәкқәа ируакуп.
- Ҭоурыхла иаҳдыруа акоуп, ажәлар рбызшәа алахьынҵа даргьы ишырлахьынҵахо: абызшәа ыӡуазар – амилаҭгьы ыӡуеит. Ҳара лассы-лассы иҳаҳауеит аԥсуа бызшәа аӡра иаҿуп ҳәа. Убри абанӡаиашоу?
- Ҳҿаԥхьа иккаӡа иқәгылоуп аубых бызшәа аҿырԥшы. Аубыхцәа – аԥсуааи адыгааи иргәыцхәыз жәларын, Шәача иқәынхон, ҳзааигәараҵәҟьа. Аха урҭ уажәы уа иҟаӡам, рбызшәагьы рыдгьыл иқәыҩӡом, ажәытә ҭыԥхьаӡқәа мацара роуп иаанхаз. Аха иара Ҭырқәтәылагьы 15-20 нызқьҩык рҟынӡа аубыхцәа ахьыҟоу – аӡәгьы ихатәы бызшәа издырӡом. Хазы игоу ажәақәак [заҵәык] рдыруеит ауп. Сара шамахамзар ақыҭақәа зегьы срылсит. Угәы казыжьуа ҿырԥшуп, ҳәарада.
Рыцҳарас иҟалаз, убри аҩыза атенденциа шьақәгылеит: [аубых] базшәа инашьҭарххны уи иазааигәоу егьырҭ абызшәақәагьы аӡра амҩа иануп, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи роуп зыӡбахә сымоу раԥхьаӡа иргыланы. Иаҳҳәап, аҟабарда бызшәа аҭагылазаашьа акыр еиӷьуп, избанзар уи иалацәажәоит – ауаа рбызшәа рҿыҵакуп, аха Адыгатәылан акәзар, уагьы ахатәы бызшәа аҭагылазаашьа даара иуашәшәыроуп.
Ҳара аҭҵаара мҩаԥаҳгеит, уи иаҳнарбаз аҭагылазаашьа даара угәы канажьуеит. Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы – Гагра инаркны Тҟәарчали Очамчыреи рҟынӡа ашкол алагарҭатә классқәа рҿы итәоу ахәыҷқәеи ахәыҷбаҳчақәа рҿы ирааӡо ахәыҷқәеи зегьы рҟынтә зхатәы бызшәа здыруа рхыԥхьаӡара 30% иреиҳаӡам. Абри иаанагои? Иаанаго уи ауп, анацәеи абацәеи рхәыҷқәа абызшәа ддырҵаӡом, рхаҭақәа ибзианы ишырдыруагьы. Иддырҵаӡом, избанзар џьарагьы ирыхәаӡом, ирҭаххаӡом ҳәа рыԥхьаӡоит. Даҽакала иаҳҳәозар, Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоу аԥсуа бызшәа аԥсуаа рхаҭақәа «ирҭахымкәа» иҟалеит. Ари парадоксуп, иагьрыцҳара дууп. Ҩажәа шықәса рышьҭахь, арҭ ахәыҷқәа ианрызҳалак, убас аҭагылазаашьа ҟалоит – аԥсуаа реиҳараҩык рхатәы бызшәа рзымҳәо. Нас ақыҭақәа ҳрылазаауеит иахьа ажәабжьҳәаҩцәа ҳашрышьҭоу еиԥш, усҟан аԥсуа бызшәа бзианы издыруа ауаа ҳрышьҭазаауеит.
АИНТЕРВИУ АВИДЕОВЕРСИА ШӘАХӘАҦШЫРЦ ШӘЫЛШОИТ АБРА>>
- Шәара излашәҳәо ала, дук хара имгакәа аԥсуа бызшәа аӡра ашәарҭара иҭагылаҵәҟьоуп.
Ааи, аԥсуа бызшәа ыӡуеит, иахьа ҳҽааибыҭаны ак ҟаҳамҵар. Аҭагылазаашьа аԥсахразы 10-15-ҩык ауаа ҳамоуп. Макьана иҳалшоит ахьышьҭрахь агьежьра. Адунеиаҿ иҟоуп аҿырԥштәқәа: абызшәатә программақәа қәҿиарала ианымҩаԥгаз, аҭагылазаашьа кырӡа еиӷьхон. Абызшәа ахьԥсхьаз аҭыԥқәа рҟынгьы аиҭеира иалагон. Убас ҟалеит Баскониа, Каталониа, Уельс.
Аха ара [Аԥсны] ҳамчратә усбарҭақәа, иаҳҳәап Аҵара аминистрреиԥш иҟоу, имҩаԥырго аусура абанӡахәарҭоу ҳәа азҵаара узцәырымҵыр ауӡом. Аԥсуа школ аҿы аԥсуа бызшәа зызҵаз ҳәа сара издыруа ауаа дара имаҷуп. Иахьа излаҟоу ала, уа инеиуа аиҳараҩык абызшәа рхашҭуеит ауп.
Схатә ҿырԥшы аазгар сылшоит. Сара схәыҷқәа даара ибзианы аԥсшәа рҳәон ахәыҷбаҳчахь ицаанӡа. Ахәыҷбаҳчаҿы ианнеи ҩ-бызшәак рҳәо иалагеит, аԥсшәа ирдыруаз инаваргыланы аурысшәа рҳәо иалагеит. Аха аԥсуа школ ианҭала аамышьҭахь аԥсшәа аҳәара зынӡа иаҟәыҵит, инеиԥынкыланы аурысшәахь ииасит. Абри иаанаго аҵара асистема ишынеибарку акгьы иаԥсаӡам ауп. Аахҵәоуакгьы! Зегь реиҳа иџьоушьаша, уи зегьы ҿымҭ ҳанышәоит, [арахь] уԥшыр, аминистрра ҳамоуп. Сара иахьа мацаразы акәӡам изысҳәо, ари аҭагылазаашьа аҵыхәтәантәи 20 шықәса раахыс иҟоу ауп. Иҳамоу зегьы аусушьа еффективым, ҳхы иаҳархәо азнеишьақәа ажәхьеит, аха ауаа агәаҳәарагь рымам, иахәҭоу адыррақәагь рымам ари аҭагылазаашьа аԥсахразы. Ирбоит рхәыҷқәа урысшәала мацара ишцәажәо, аха рацәак хьаас иркым. Сара изласԥхьаӡо ала, абызшәа анҳәынҭқарратәха, хьӡыла мацара акәымкәа, ҵакылагьы иҳәынҭқарратәзароуп. Ҳара иҳамоуп Аԥсуа бызшәазы азакәан, уи 2015 шықәсазы амчра аиуит, аха зегьы уи азакәан еиларгоит. Еилыкка иубартә иҟоуп аԥсышәала иҟоу иахьатәи аҵаратә система шхахьоу, иажәит зегь рыла, [ҳаамҭазтәи] аҭахрақәа ирықәшәом.
- Аҭагылазаашьа шԥаԥсахтәу? Иҟаҵатәузеи?
- Аметодика ҿыц аԥҵатәуп, аԥсышәала иҟоу аҵара система ҿыц аԥҵатәуп. Иахьазы ари апроблема аус адызуло агәыԥқәа ыҟоуп. Ҳара аҳәаанырцәтәи атәылақәа рԥышәа ҭаҳҵаауеит, хыхь зыӡбахә сҳәахьоугьы уахь иналаҵаны. Сара сшазхәыцуа ала, аԥсуа бызшәа ахәыҷбаҳчаҿы, алагарҭатә классқа рҿы, абжьаратә школ аҿы ҳәа еихшаны апрограммақәа ҟалар, аԥхьа експерименталла иалагаланы, нас ҳәынҭқарратә программаны ишьҭыхзар, убри ашьҭахь иаҳҳәар ҳалшоит аԥсуа бызшәа алахьынҵа уаанӡеиԥш уацәшәартә иҟалом ҳәа. Абри исҳәаз зегьы абаза бызшәахьгьы иаҵанакуеит, ҳәарада.
Проблемас иҟоу уи ауп: ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчаҿы ма ашкол аҿы ианааилак, абызшәа бзианы ирхәозаргьы – уа ирԥыло рықәлацәа реиҳараҩык рхатәы бызшәала ицәажәаӡом. Убри аҟнытә аиҳарак злацәажәо абызшәахьы ииасуеит даргьы – аурысшәа рҳәо иалагоит.
Иахәҭазар ҟалап макьаназы абызшәа здыруеи иззымдыруеи ҳәа агәыԥқәа реихшара. Иззымдыруа – аҳәынҭқарратә бызшәа дырҵатәуп аханатә инаркны, тәым бызшәоушәа. Уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам. (8:25) Даҽакала иаҳҳәозар, актәи аетап аан ҩ-методикак рыла [аус утәуп], нас ишнеиуа зегь еицыланы иаку абызшәа арҵаратә программахь икылсроуп. Аиаша уҳәозар, аԥсуа бызшәа – аԥсуа ҳәынҭқарра иабызшәазароуп, апарламент, атәыла ахада иусбарҭа, ачынуаа зегы алацәажәалароуп, рышәҟәы-быӷьшәы иарала еиқәыршәазароуп.
- Аконгресс зҿу аусура ацхыраарала абызшәа аиқәырхашьа мҩас ижәбои?
- Сара сгәы излаанаго ала, Аконгресс аусура цхыраагӡа бзиахар ҟалоит, избанзар уи еиднакылоит аконтинентқәа шамахамзар зегьы ирықәынхо ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа. Уи иарҳахьоу апрогрессивтә ԥышәеи, аимадарақәеи ирыбзоураны Аконгрнесс акыр ари аус иахәартә иҟоуп. Хаҭала иуҳәозар, апрограммақәа рфинансыркра аганахьалагьы. Уи уажәнатәгьы иалагахьеит, ҳаԥхьаҟагьы иацҵахап ҳәа ҳгәыӷуеит.
Абри аус ҳмилаҭ азы ишхымԥадатәиу еилаҳкаар, аԥсуа-абаза жәлар зегьы еицырзеиԥшу зҵаарк еиԥш ҳазнеир – абызшәа аиқәырхара ҳалшоит, ҳәарада. Егьыс, хаз-хазы хәыҷык-хәыҷык [мацара] ҟаҳҵеит ҳәа акгьы алымҵыр ҟалап. Апроблема систематәуп, ганрацәала еиларсуп, ахарџь рацәа аҭахуп, аусура рацәаны иаҭахуп, ауаа рацәагьы аҭахуп. Абарҭқәа зегь еиҿкаазар, еиҿукаартә иҟоуп, иагьеиҿкаатәуп – усҟан ҳусқәа маншәалахоит.
- Иҟоуп агәаанагара, аԥсшәаҿы иӡыз ажәақәа ԥыҭрак абаза бызшәаҿы еиқәханы иҟоуп, уаҟа иӡыз ракәзар – аԥсшәаҿы еиқәхеит ҳәа. Убри иашоума? Ииашазар, аҩ-бызшәак алфавитк иазаагазар – ҳбызшәақәа реиқәырхара иамыхәаӡои?
- Асовет аамҭазы, Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи инхоз аԥсуааи абазақәеи алатин шьаҭа змоу аграфика рхы ианадырхәоз, алфавитк акәын еицаҳзеиԥшны иҳамаз. Уи аҩыза аҭагылазаашьа жәашықәса раҟара иҟан (10:31) анаҩс, абаза бызшәа аурыс аграфикатә шьаҭахьы ииаргеит, аԥсшәа – ақырҭуа бызшәахьы, убасҟан ауп хаз-хазгьы ҳанца. 1954 шықәсазы, Сталин данԥсы аамышьҭахь аԥсшәагьы ҩаԥхьа аурыс шрифт ахь ииасит.
Аха проблемас иҟоу уи ауп, абаза алфавити аԥсуа алфавити аҩбагь аурыс графика шьаҭас ишрымоугьы, урҭ рышьақәгылашьа зынӡа еиԥшӡам. Убри аҟнытә еицаҳзеиԥшу алфавит – ус унадыххыланы иузыӡбо усым. Зегь шьаҭанкыла иԥсахтәхоит, ма алфавитқәа руакахьы ииастәуп – аԥсуа, ма абаза, ма ахԥатәи алфавитк хәыцтәуп. Иҟалап, убри зегьы иреиӷьзаргьы – иҿыцу алфавит аԥҵара, шьаҭас иаиуша ӡбаны.
Сара уажә ааигәа [абри аганахьала] ажәалагалак ҟасҵеит. Уажәтәи аамҭазы схатәы алфавит апроект аус адызулоит, уи алатин шьаҭа амоуп, ус анакәха – ҳдиаспорагьы аԥхьартә иҟалоит. Дара (аҳәаанырцәтәи адиаспорақәа рхаҭарнакцәа – аред.) алатин алфавит иашьцылахьеит. Аха акириллица шьаҭас измоу апоектгьы ыҟазароуп, аспециалистцәа, ҳауаажәларра, арҵаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа арҭ апроектқәа ирылацәажәароуп, џьара акы иазааироуп. Иҟалап, аамҭак азы ахархәара зауша алфавитқәа ҩба [аԥҵатәызаргьы]. Сара абри азҵаарала сиацәажәон Владислв Григори-иԥа Арӡынба, иара убас иҳәеит: иҟами Молдова, молдавтәи абызшәа акириллица алагьы алатин шьаҭалагьы аҩыра амоуп. Убасгьы ҟаҳҵар ҟалоит. Аҭыԥхьыӡқәа, иалкаау текстқәак уҳәа ҩ-алфавитк рыла иҟазарц, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа – дара рацәаҩуп, [избанзар] Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи абазақәеи рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳауп Аԥсныи Ҟарачы-Черқьестәылеи инхо ҳаасҭа – абрахь ианаалак, аҩны ҳааит ҳәа зегь рыла ирҳәо иҟаларц, амҩатә дыргақәа, акыдҩылақәа ирну изаԥхьаларц. Сгәанала, ари ус бзиахоит, ҳажәлар еиднакылоит.
Мусса Ҳабал-иԥа Егзакьгьы дадгылоит уи. Игәаҳҭап, ауаажәлар ишрыдыркыло, аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи ирҳәо. Алфавит аԥсахра акәӡам ҳазлацәажәо, алатин шьаҭа змоу еицаҳзеиԥшу алфавити, акириллицала иҟоу аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи еицырзеиԥшу алфавити рыпроект аԥҵароуп, аҩбагьы иахьынӡауа ахархәара рыҭара ҳҽазаҳшәарц.
- Аҳәаанырцә атәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц азы акыршықәса аус зухьаз адәныҟатәи аусқәа рминистр иаҳасабала шәгәы ишԥаанаго, Аконгресс аусура абри апроцесс изацхраауама? Иара убасгьы Аԥсны абзиаӡбахә адунеи аларҵәараҿы иалшо акрыҟоума?
- Аԥсны инеиҵыху азхаҵара ахьамам зыхҟьо, раԥхьаӡа инаргыланы, – иҵабыргу аинформациа амаҷроуп. Адунеиаҿ аӡәгьы издырӡом Аԥсны ҳәа зыхьӡу атәыла ахьыҟоу, ирдыруазаргьы аӡәык-ҩыџьак роуп. Уажәшьҭақәа издыруа хәыҷык еиҳахеит. Уажәшьҭа аинтернет ыҟоуп, ауаа ирбо-ираҳауа рацәоуп, Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәагьы рхыԥхьаӡара иацлеит. Аха зегь акоуп, ҳпозициа рыздырӡом.
Авикипедиа аауртыр – ақырҭуа позициоуп иубо. Иара аԥсуа Википедиа, аԥсышәала ицәажәо уажәыгьы иахьыҟамгьы иаҳәо рацәоуп. Абызшәатә функциа ахархәара амаӡам, Аинтернет аҿтәи ахархәарагьы уахь иналаҵаны. Англыз бызшәала Аԥсны иазкны иҟоу аинформациа аиҳарак негативтәуп, урыс бызшәала иҟоу – хар амам ҳәа азуҳәартә иҟазаргьы. Анемец, афранцыз, аиталиан, аголланд бызшәақәа рыла анегатив даара ирацәоуп. Абри аҭагылазаашьа аԥсахразы адиаспореи Аконгресси иҟарҵаша рацәаӡоуп, Аԥсны иазку ипозитивтәу аинформациа иахьынӡауа ирацәахароуп, иҵабыргу, ииашоу аинформациа. Убри ҳалшартә ҳаҟоуп.
- Абар ихадароу азҵаарагьы – аҭагылазаашьа шԥаԥсахтәу?
- Ари аус аԥара рацәаӡак аҭахны ҳәагьы иҟаӡам. Сгәанала, Аконгресс асаит уи аганахьала аусура иалагахьеит. Иара бызшәарацәала «ицәажәоит», уигьы ҽаԥарак ԥхьаҟа ацара иаҩызоуп. Иҳәатәуп, Адәныҟатәи аусқәа рминистрс аус анызуаз [ҳаргьы] аминистрра аофициалтә саит ф-бызшәак рыла аус аҳаруит. Акитаи версиагьы ҳазхәыцуан. Ажәакала, ара иҟауҵаша рацәоуп, зегьы ирызхаша аусутә ыҟоуп.
Уи адагьы, адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы инхо ҳауаажәлар абри аус ргәы азыбылуазароуп. Ҭырқәтәыла абри ахырхарҭала аусура реиҳа қәҿиарала имҩаԥысуеит. Ҭырқәтәыла саҭаауеит 1991 шықәса раахыс. [Усҟан] ари иҭынчыз мрагыларатәи тәылан, хәыҷык «ацәа иалан».
Иахьа ирласны аҿиара иаҿу ҳәынҭқарроуп, ҳаамҭа иақәшәо иҟоуп, аԥсҭазаара аганқәа зегь рыла. Усҟан санцалоз [1990-тәи ашықәсқәа раан] ҳдиаспора рыбжьара ауниверситет иҭалоз аҿарацәа даара имаҷын. Уажәы – ирацәаҩӡоуп. Иреиҳау аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәагьы шьҭа ирацәаҩуп, усура ицоит аиҳабырахь, аррахь, апарламент ахь, аҭҵаарадырратә, аҵаратә усбарҭақәа рахь – арҭ зегьы ҳара ҳауаажәлар роуп, ҳлобби ауп, ус уҳәар ауазар. Дара анырра ду ҟарҵоит Ҭырқәтәыла ишьақәгыло Аԥсны ахыԥша аганахьала. Шаҟараантә сцахьоу – еснагь игәасҭоит даараӡа ибзианы ишаҳзыҟоу, ажәлар мацарагьы ракәым, аиҳабырагьы, еиуеиԥшым апартиакәагьы убас.
Ҳәарада, ақырҭқәагьы активла аус руеит уа Ҭырқәтәыла, уигьы хырҩа аҳҭар ҟалаӡом. Ҳдиаспора рыҩнуҵҟагьы русқәа мҩаԥыргарц иаԥшьыргоит. Аха ус егьа иҟазаргьы, ҳара уа иаҳа ҳрацәоуп, убри аҟнытә ҳиаша иаҳа иӷәӷәоуп, аиааирагьы агоит, ақырҭқәа «риаша» аасҭа. Аԥсназы ари резерв дуӡӡоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иҟоуп убасгьы Иорданиа, уаҟа қәҿиарала аус руеит ачерқьес, аԥсуа, абаза еиҿкаарақәа. Урҭ инеиԥынкыланы ҳрымадоуп уажәшьҭа.
Уажәшьҭа, Анцәа иџьшьаны, Шьамтәылагьы аҭынчра ҟалар, аибашьра хара имгакәа еилгар ахәҭоуп ҳәа зҳәо дыргақәак ыҟоуп. Уаҟагьы ҳдиаспора дууп ачерқьес, аԥсуа, абаза диаспорақәа. Европагьы ирацәоуп аԥсуаа, адыгаа, абазақәа. Германиа 15-20 нызқьҩык аԥсуаа нхоит, еиҳарак Ҭырқәтәылантә иааз роуп, Шьамтәылантә иаазгьы ыҟоуп. Абарҭ зегьы рымчқәа еибыҭатәуп.
Убри аус уажәы қәҿиарала иагьымҩаԥысуеит Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь инапхгарала. Аҿарацәа ҩ-напык рыла аусура иаҿуп. Аконгресс аҿы аус руеит Кан Ҭаниа, Инар Гыцба, Инвер Алшәындба, Ҭемыр Рекәаа уҳәа реиԥш иҟоу, ахьыбҿар ҳәа ззуҳәаша, аҵара змоу аҿарацәа бзиақәа, дара реиҳараҩык Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус зцызуазроуп. Испециалистцәа хазынақәоуп, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртәы еилызкаауа, атәым бызшәақәа здыруа, зхатәы бызшәагьы бзианы изҳәо, жәларбжьаратәи аполитика аганахьала здыррақәа рацәоу. Сара излазбо ала, аусура ӷәӷәа мҩаԥысуеит. Даара среигәырӷьоит сахьрыхәаԥшуа, агәыӷрагьы сымоуп хара имгакәа абри аус алҵшәа бзиақәа ҳбап ҳәа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.