Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа жьҭаара 21 азы аусура аҵыхәала Ҭырқәтәыла иаҭааит, уаҟа ирԥылараны иҟоуп ауаажәларратә, адиаспоратә еилазаарақәа аусеицура агәҭакқәа рылацәажәаразы.
Саид Барганџьиа
Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи, уи анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи злахәу АААК аделегациа аусуратә ныҟәарала Ҭырқәтәыла иаҭааит жьҭаара 21 азы. Аҭаара хықәкы хадас иамоу – Ҭырқәтәыла аус зуа аԥсуа-абаза диаспоратә еиҿкаарақәа рабадырроуп ҳәа адырра ҟаиҵеит АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.
«Аконгресс аусура адгылара азҭар зылшо активистцәа зегьы ҳадҳаԥхьаларц ҳгәы иҭоуп, аԥсуа-абаза жәлар ретнокультуратә акзаареи, атрадициатә милаҭтә ҭынха ахьчареи, ахатәы бызшәа амырӡреи, уи аҵареи ахырхарҭақәа рыла адиаспореи ҳареи ҳусеицура аизырҳаразы», – ҳәа азгәеиҭеит Инар Гыцба. Ари ҩынтәуп АААК аделегациа Ҭырқәтәыла иаҭаауеижьҭеи.
«Раԥхьатәи ҳаҭаараан ишьақәыргылан «амҩатә хсаала». Уажәазы ҳақәгәыӷуеит уаанӡа ҳазлацәажәоз агәҭакқәа еиҳа инарҭбааны ҳарзааҭгылап ҳәа, анаҩс рынагӡарахьгьы ҳаиасып ҳәа», – иҳәеит Гыцба.
Аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥысуеит ақалақьқәа Сҭамԥыли, Анкареи, иара убас арегион Сакариа аҟны.
Иззыԥшу алҵшәақәа рахь иаҵанакуеит Аконгресси адиаспоратә еиҿкаарақәеи – Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи (Аԥсуафед), Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи акультуратә хеидкылақәа рфедерациеи (Кавфед) – рыбжьара аусеицуразы инеиҵыху, асистематә ҟазшьа змоу апланқәа рышьақәыргылара.
Иазԥхьагәаҭоуп иара убас Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҵакырадгьыл аҟны Аконгресс асистематә еилазаашьа ашьақәыргылареи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Ҭырқәтәыла имҩаԥнагало аусура инарҭбаау аплан аҩреи.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа усуратә ныҟәарала Ҭырқәтәыла иаҭааны иҟоуп жьҭаара 25-нӡа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.