Амениу
27 Мшаԥы 2024
22:28
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
07.02.2023 08:14
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәеи Аԥсуафед ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит Ҭырқәтәыла.

Аконгресси Аԥсуафеди русеицура арҭбаара хықәкыс иҟаҵаны АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Аԥсуафед ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Авидео еимадарала ари аицәажәара рхы аладырхәит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи АААК Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниеи. Ирылацәажәеит азҵаарақәа жәпакы, хаҭалагьы аҩ-еиҿкаарак русеицура еиҳагьы изырҿиаша апроектқәа рынагӡара. Аиԥылара мҩаԥысит Сақариа иаатыз Аԥсуа культуратә хеидкыла ахыбра ҿыц аҟны. Ари ахыбра ргылан аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ргәыҳалалратә хәҭалагала ахарџьала, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьгьы уахь дналаҵаны.

0
Ахҳәаа ыҟам