Лента событий ВААК
«Гәыкала». Руслан Ҳашыг
Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рымш аҽны иаҳкьыҧхьуеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, «Абаза-ТВ» аиҳабы – Руслан Ҳашыг иҿцәажәара.
Ҳҭоурых аҿы крызҵазкуа аамҭақәа, аибашьратә хҭысқәа ргәалашәара, Владислав Арӡынба аус ицура аҧышәа, ажурналистикаҿы кьыс змам апринципқәа, азанааҭтә цәырҵра ҿыцқәа – уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәеит «Гәыкала» аҭыжьымҭа ҿыц аҟны.
АААК Уақәымтәи ашкол ацхыраара анаҭеит.
Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша Уақәымтәи ашкол ацхыраара анаҭеит. Ашкол аҿы аус зуа афельдшер-амбулатортә пункт азы иаархәеит ахәшәқәеи еиуеиҧшым ахархәагақәеи.
«Атеатри ахәаҧшҩи»: АААКи Аҧсуа театри ихацдыркит аспектакльқәа ирызку адискуссиақәа
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси адраматә театри Адискуссиатә клуб аусура еиҭахацдыркит. «Атеатри ахәаҧшҩи» зыхьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысит Чехов испектакль «Аҷныш» арбара ашьҭахь. Ахәаҧшцәа аспектакль иалацәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит, изхәаҧшыз аҵакы иазхәыцит. https://abaza.org/abk/1298
АААК Аҟәатәи аофис аҿы илҧылеит Ельчин Аӡынҧҳа
Аконгресс Аҟәатәи аофис даҭааит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнак, Андан Мендерес иуниверситет адоцент Ельчин Аӡынҧҳа. Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Ельчин Аӡынҧҳа илҳәеит Аконгресс аусура дшазҿлымҳау.
АААК Иреиҳау Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала Аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иҳәеит аиҿкаара ганрацәала аусеицура ишазхиоу.
АААК хықәкыла ирыцхрааит ҩ-школк
Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша хықәкыла ирыцхрааит Гәдоуҭеи Хәаҧи иҟоу ҩ-школк. Аҵаҩцәа ирзаархәеит аспортмаҭәахәқәеи апневматикатә шәақьи.
Ашколхәыҷқәа ҩаҧхьа атеатр аҿы иҟоуп: АААК иацнаҵоит апроект аусура
30-ҩык инареиҳаны Тамшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҭааит С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр. Аусмҩаҧгатә еиҿкаахеит арҵаратә проект «Атеатр аҿы ахәылҧаз» аҳәаақәа ирҭагӡаны. https://abaza.org/abk/1297
Амандарин-2026»: Аҟәа аусура иалагеит аӡынтәи афестиваль
Ажьырныҳәамза 6-10 Аҧсны ауаажәлари асасцәеи рзы еиҿыркааит узқәымгәыӷуа аҳамҭақәа, жәлар рныҟәарақәа, ибеиоу акультуратә программа. https://abaza.org/abk/1295
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (ААК) Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь иныҳәаратә цәажәара
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа!
Абар, инаскьаҳгоит 2025 шықәса!
2025 шықәсазы иазгәаҳҭон Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра.
Ҳара иаҳгәалаҳаршәон ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара. Урҭ рҧышәа иаҳнарҵеит хадара злоу: ажәлар зегьы аӡәык иеиҧш ианеидгылоу, урҭ узыриааиуам.
Инаскьаҳго ашықәс Аҧсадгьыл ахьчаҩ изкын. Ҳхәыцрақәеи ҳагәқәеи рыцын бџьаршьҭыхла ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш зыхьчо аибашьцәа.
Ҳара ҳрыцхраауан ҳаибашьцәа, иаҳзеиҧшу Аиааира ааскьаҳгон излаҳалшо ала.
Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика, Санкт-Петербург, Аҧсны иҟоу ҳгәыҧ азы ииасыз ашықәс аихьӡара ҿыцқәа ираамҭахеит.
Аиубилеитә фестиваль «Абаза» сынтәа еизнагеит рекордла ирацәаз ауаа рхыҧхьаӡара, ажәлар ракзаара ныҳәас иазыҟалеит.
Имҩаҧаҳгаз афестиваль «Русский мир» еиднакылеит ҳтәылаҿы иреиҳау амузеиқәеи акультуратә центрқәеи. Ари аус аҿы адгылара ҳарҭеит ауниверситетқәеи Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи.
Ииасуа ашықәс азы есымза имҩаҧысуан акультуратә хҭыс лахҿыхқәа, аҭҵаарадырратә конференциақәа, аспорттә еицлабрақәа.
Ҳара ҳацхыраарала иҭыҵит иуникалтәу ашәҟәқәеи афильмқәеи. Иакымкәа иҩбамкәа инаҳагӡеит агуманитартәи асоциалтәи проектқәа.
Иҟаҳҵоз зегьы крызҵазкуа хықәкык акәын иамаз, ҳара иаҳҭахуп излауала ирацәаны ауаа еидкыланы, ауаажәларра аиӷьтәреи акультура арӷәӷәареи иазаҳкырц.
Хықәкы хадас иҳаман, ус иагьаанхоит абиҧара ҿыцқәа рааӡара, урҭ рыҿиара, атрадициақәа рырӷәӷәара, аҭаацәаратә хәдурақәа ҧыжәара рыҭара.
«Алашара», Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс, аҿиаратә ҵакыра «Гранд Каньон» рзы еснагь хадара злоу иакәны дыҟазаауеит ауаҩы.
Имаҷӡақәоу ракәзаргьы, ҳгәыҧ инанагӡо апроектқәа зегьы хықәкыс ирымоуп ауаа абзиара аган ала реиҭакра, рыкәша-мыкәша аҭагылазаашьа аиӷьтәра ргәарҧхара.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Иахьа даҽа аамҭанык еиҧшымкәа ҳаҧсадгьыл азхәыцрала ҳаидгылоуп. Агәра ҳгоит ҳтәыла Аиааира шаго. Уи иадҳәалоуп дарбанзаалак ҳтәылауаҩы иҧеиҧш.
Урыстәыла Ахада иусҧҟала иааиуа ашықәс ажәларқәа ракзаара иашықәсны ирылаҳәоуп. Ари машәыршақә иҟамлаӡеит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа раан иаҳбоз аџьабаа адунеи зегьы иднарбароуп – иаку ажәлар ирылшоит иарбанызаалак аихьӡарақәа раарҧшра.
Акзаара ауп ҳзырӷәӷәо. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи аамҭа хьанҭақәа раан ахеиқәырхара рылзыршоз акзаароуп. Уи абзоурала ҳара ҳнапы алакзаауеит аргылара, аиӷьтәра, аҭынчра ахьчара, ҳаҧсадгьыл арҿиара.
Ашықәс ҿыц ҳаҧылоит ҳамчқәа рыгәра ганы, аихьӡара ҿыцқәа ҳарзыхианы.
Шәыҩнаҭақәа аҧхарра рыгымзааит, бзиа ижәбо шәааигәа иҟазааит еснагь. 2026 шықәса ҭаацәацыҧхьаӡа ишәзаанагааит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара.
Ҽаанбзиала! Мышьҭыбзиала!