Амениу
2 Ԥхынгәы 2024
19:34
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

01.07.2024 15:55
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
01.07.2024 15:34
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
30.06.2024 15:22
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Google асервис Translate аҿы ицәырҵит аҧсуа бызшәа 

Ахатә блог аҿы акомпаниа ахаҭарнакцәа еиҭарҳәеит аонлаин-аиҭагага ишацырҵаз абызшәа ҿыцқәа 110, уахь иаҵанакуеит аҧсуа бызшәа, авар бызшәа, ачечен бызшәа, ауаҧс бызшәа. Translate аус адызулоз ражәақәа рыла, уажәтәи абызшәақәа рхыҧхьаӡара ацҵара асервис аҭоурых аҿы зегьы реиҳа амҽхак ҭбаахеит - зхархәара ҟало абызшәақәа рхыҧхьаӡара ҩынтә инарзынаҧшуа еизҳаит. 

Ажәақәа, уимоу аҳәоуқәа шеибгоу аурыс бызшәа аҟнытә аҧсшәахьи, аҧсшәа аҟнытә аурысшәахьи реиҭагара ҟалоит ахархәагаҿи асаит адесктоптә версиаҿи. 
Google Translate абызшәа ҿыцқәа "арҵара" алнаршеит PaLM 2 зыхьӡу, иҧсабаратәым ахшыҩ амодель. Акомпаниа гәыӷуеит иҧсабаратәым ахшыҩ абзоурала абызшәақәа рхыҧхьаӡара зқьынӡа иаздырҳап ҳәа.

0
29.06.2024 01:02
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
24.06.2024 14:35
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

М.Х. Егзакь иҟнытә адышшылара, Даӷьсҭан иҟалаз атеракт инамаданы

Атеракт инамаданы, рашәарамза 24, 25, 26 Даӷьсҭан ирылаҳәоуп лахьеиқәҵаратә мшқәаны. Ари аҭагылазаашьаҿы, ареспубликеи атәылеи ҳшәыцџьабоит.

Рашәарамза 23, ахәылбыҽха Махачкалеи акурорттә қалақь Дербенти иҟалеит атеракт хлымӡаах - атеррористцәа иаадырҧшит агрессиа, иаанырмыжьит аҧшьаҭыҧқәагьы. Иҭахеит аполициа аусзуҩцәеи, хара здымыз атәылауааи. Гәыкала ҳрыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи, рҭынхацәеи, ареспублика ауаажәлари. Аҧсуа-абаза жәлар рхәыцрақәеи рыматанеиреи иҭахаз рҭаацәа ирзынархоуп. Згәабзиара ҧырхага аиуз зегьы ирзеиӷьаҳшьоит хара имгакәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара.

Ари атеррористтә қәылара - милаҭрацәала ишьақәгылоу ареспубликаҿы ауаажәлар ракзаара аркәадара иазкуп. Ацәгьаура ҟазҵаз рхы мҩаҧыргоит гәымхарала, урҭ зқәыло абџьар зкым, хара здым ауаа роуп. Ауахәамеи асинагогеи ҧырхага арыҭара хықәкыс иамоуп ажәлар аимак-аиҿак рыбжьаҵара. Урыстәыла - иқәынхо зегьы ҳаҭырла иахьырзыҟоу, милаҭрацәалеи динрацәалеи ишьақәгылоу тәылоуп. Ари аҩыза ахлымӡаахра згәаӷьыз аичырчаҩцәа рхықәкы рзынагӡом, ацәгьауцәеи аиҿкааҩцәеи ракәзар, хымҧада ирықәнагоу ашьауӷа иақәдыршәоит.

Атерроризм, уи хкыс изеиҧшразаалакгьы - ишьаҭарку ауаҩы ихәдурақәа рцәа зырцәгьо хҭысуп. Аха ҳара пату рықәаҳҵоит ачҳара, арыцҳашьара, апатуеиқәҵара, ахьамҵра реиҧш иҟоу аҟазшьақәа. Ианакәызаалак, урҭ аҟазшьақәа ракәын аҵыхәтәаны ацәгьара иаиааиуазгьы.

Гәыкала адгылара аарҧшны ишәыдышшыло, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы М.Х. Егзакь.

0
19.06.2024 16:33
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Санкт-Петербург имҩаҧысит аҧсуа-абаза диаспора рлитературатә хәылҧазы

Аҧсуа-абаза диаспора рлитературатә хәылҧазы мҩаҧысит Неватәи амҩаду аҿы иҟоу “Ажурналист иҩны” ахыбраҿы. Асасцәеи алахәцәеи еизеит ажәеи, аҟазареи, акультуреи рдунеи иацу рдунеи иалаҧшразы.

Ахәылҧаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа-аурыс шәҟәыҩҩы, апоет Владимир Михаил-иҧҳа Делба иҩымҭа “Ауахәамеи, астадиони, апарки рыбжьара” ацәыргара. Ашәҟәыҩҩы дрылахәуп апоетцәеи, аессеистцәеи, ановеллистцәеи Урыстәылатәи рцентр, Урыстәыла алитераторцәа рхеилак, UNESCO асахьаҭыхцәа Жәларбжьаратәи рфедерациа. 

Асценаҿы иқәгылеит аҵарауаа, аҟыбаҩ злоу апоетцәа ҿарацәа, ашәҟәыҩҩцәа, ҳаамҭазтәи аҧсуа ашәақәа рынагӡаҩцәа. Асасцәа ргәы иақәшәеит аҧсуа-абаза жәлар рлитературеи ркультуреи рзы рхы ҧыршәар ахьрылшоз авикторина. Аусмҩаҧгатә хыркәшан напеинҟьарыла, насгьы ахәылҧаз аиҿкааҩцәеи алахәцәеи рџьабаазы иҭабуп ҳәа рарҳәеит. Ахәылҧаз алахәцәа ргәаҿы иаанхеит ирнырыз ацәаныррақәеи, агәацҧыҳәареи.

0
15.06.2024 15:22
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсуа-абаза бызшәа арҿиареи аиқәырхареи рзы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҩу раҧхьатәи адиссертациа қәҿиарала ихьчоуп

Аедыгьтәылатәи аҳәынҭқарратә университет азыҳәаҩ Мариана Кармова қәҿиарала илыхьчеит “Абаза бызшәа абызшәарацәаратә ҭагылазаашьаҿы: асоциолингвистикатәи алингвокультуратәи аспектқәа” зыхьӡыз адиссертациа. 

https://abaza.org/abk/1170

0
07.06.2024 16:04
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Екатерина Бебиаҧҳаи икоммерциатәым автономтә еиҿкаара “Алашара” аделегациеи аҭааит Гиви Уанаҿа изкны Гәдоуҭа имҩаҧгаз агәалашәаратә хәылҧазы.

Гәдоуҭа акультура ахан аҿы имҩаҧысит акомпозитор Гиви Уанаҿа изкыз агәалашәаратә хәылҧазы. Аусмҩаҧгатә еиҿыркааит ажурналист, АААК аҿы иаҧҵоу Аҧсны аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаҧҳаи, Гәдоуҭа иҟоу, Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкрҧҳаи. Агәалашәаратә хәылҧазы рхы аладырхәырц еизеит акомпозитор иуацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи, иара убасгьы араион ауаажәлари анапхгареи. 

Аусмҩаҧгатә иаҭааит Ҟарачы-Черқьесиатәи асасцәа: “Алашара” аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵоу аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Ирина Хутова, “Акультура” аҟәша анапхгаҩы Наҭелла Джемакулова, Абазатәи амуниципалтә раион Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Зурида Ашибокова, “Алашара” аҳәаақәа ирҭагӡаны аул Албурӷан иаҧҵоу Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Аминаҭ Абазова, “Аҭаацәеи ахәыҷқәеи” рыҟәша аспециалист Инна Лагучева, “Агәабзиареи адемографиеи” рыҟәша анапхгаҩы Артур Хутов. 

Ахәылҧаз алахәцәа акомпозитор жәаҟәандала дыргәаладыршәеит, ирҿиареи иҧсҭазааратә мҩеи ирыхцәажәеит. 

Кыршықәса Гиви Уанаҿа напхгара зиҭоз Авокал-инструменталтә ансамбль “Риҵа” аколлектив инарыгӡеит рхатә репертуар иаҵанакуа акомпозициақәа, зегьы бзиа еицырбо ашәа “Риҵа” аҧхьа инаргыланы. 

Еизаз иддырбеит акомпозитори, зынӡа иқәыҧшыз иҧҳа Анисеи автор икалам иаҵҵыз ашәа “Аминаҭ” ахьеицырҳәо, Екатерина Бебиаҧҳа иҭылхыз архивтә видеонҵамҭа. 

Гиви Уанаҿа - апоет, акомпозитор. 30 ашәа инареиҳаны дравторуп. Урҭ рыҟнытә зегь реиҳа еицырдыруа ашәақәоуп “Риҵа”, “Ахәрашәа”, аҧсуа еибашьцәа ирызку ашәақәа рцикл, уҳәа.

0
05.06.2024 13:02
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашареи» Екатерина Бебиаҧҳаи аҭааит «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа Реидгыла» аофис

Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашара» аделегациеи ажурналист Екатерина Бебиаҧҳаи аҭааит Аҟәатәи ақалақьтә еиҿкаара «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа Реидгыла».

Асасцәа рыдыркылеит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ранацәа – Ламара Хашҧҳа-Кучубериа, Џьулетта Қьецҧҳа-Асланӡиа, иара убасгьы хаҭала аибашьра иалахәыз Аза Гәымҧҳа-Агәмаа. Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Уи иалахәыз зегьы аибашьра иазкны ираҳаз аҭоурыхқәа рышьҭахь рылаӷырӡ рызнымкылеит. Иҭахаз ранацәа еиҭарҳәеит ахлымӡаахтә хҭысқәа раан ирхыргаз агәаҟреи аҧсҭазааратә ҧышәарақәеи. Иара убасгьы рыӡбахә рҳәеит рҧацәа анҭаха ашьҭахь, урҭ рхаҭыҧан еибашьра ицаны, аиааира агара аус зҿы злагала ду нзыжьыз анацәагьы.

Аидгыла алахәцәа иазгәарҭеит аибашьрахь хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара. Ирҭаз асасцәа раҧхьа инаргыланы, аҧшәмацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит аҧсуа жәлар ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы аӷа хәымга ианиабашьуаз аамҭазы адгылара ҟазҵаз аиашьаратә жәларқәа зегьы.

0
04.06.2024 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Сыжәла аҭоурых» зыхьӡыз арҿиаратә еицлабра аихшьаалақәа ҟарҵеит АААК апресс-центр аҿы

Аусмҩаҧгатә еиҿкаауп Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҿы иаҧҵоу, Аҧсны иқәынхо аҳәса Рхеилаки, Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашареи», абаза аулқәа рҿы иаҧҵоу аҳәса рыҟәшақәеи еицырзеиҧшу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аицлабратә комиссиа шьақәгылан аҧсуа ҵарауаҩ, ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаҧҳаи, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳаи, абаза аулқәа рҿы иаҧҵоу аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Ирина Хутовеи, Абазатәи Амуниципалтә раион аҳәса рхеилак ахантәаҩы Зурида Ашибокеи, «Культура» аҟәша анапхгаҩы Наҭелла Джемакуловеи, аул Албырӷан аҳәса рхеилак ахантәаҩы Аминаҭ Абазовеи рыла.

Ахатәы жәла аҭоурых аҭҵаара, иреиӷьу уи ахаҭарнакцәа ирызкны, авидео-ӡыргара еиқәыршәаны арыхцәажәара – абас иҟан ААУ астудентцәеи абитуриентцәеи рзы адҵа. Зеиҧшла аицлабра иалахәын быжьҩык ажурналистцәа ҿарацәа: Лана Коф-оглы, Мадина Амҷҧҳа, Раиана Бебиаҧҳа, Алена Гәымҧҳа, Сабина Ҷыҭанааҧҳа, Саида Ҳаразиаҧҳа, Дауҭ Ашәба. Алахәцәа зегьы рабиҧара аҭоурых инарҵауланы иҭҵааны, рхатә усумҭақәа цәырыргеит.

Ацәыргара анхдыркәша ашьҭахь, акомиссиа алахәцәа гәацҧыҳәарала авидеоқәа зегьы ирыхцәажәаны, алахәцәа иҟарҵаз алагалазы иҭабуп ҳәа рарҳәеит. Алахәцәа ирырҭеит хьыӡҳәалатәи аҳаҭыртә бӷьыцкәеи, Аконгресс агәыҧ аҟнытә аҳамҭақәеи.

0
Иҵегь аҭагалара