Амениу
21 Ԥхынҷкәын 2024
16:15
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    29 Хәажәкыра 2023
29.03.2023 18:55
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыцқәа рӡыргара иалахәын.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа рхы аладырхәит АААК Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәқәа ҩба рӡыргара иазкыз ахәылԥаз. Ашәҟәқәа "Харада ахара зду", "Ахашҭра иалҵны ԥсра зқәымкәа иаанхаз" автор аполитикатә репрессиақәа ирызку лцикл аҟны раԥхьатәи ҭыжьымҭақәахеит.
Ашәҟәқәа рҿы ирзааҭгылоуп ХХ ашәышықәса 30, 40-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны идырӡыз лхаа, дәрыԥшьаа, ҟәланырхәаа, аҷандараа, тамшьаа, кәтолаа, џьгьардаа, ӷәадаа рҵеицәа. Иааидкыланы 400-ҩык инареиҳауп зҭоурых еиҭаҳәоу ауаа, арҭ ашәҟәқәа рзы аматериал аизгара автор 40 шықәса раахыс аус адылулон.
Ашәҟәқәа рӡыргара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахыбраҟны, убра акәын 1937 шықәсазы 13-ҩык аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәеи иналукааша аполитикатә усзуҩцәеи рус ахьырыӡбоз. 
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Аконгресс аколлективи рыхьӡала Екатерина Бебиа лышәҟәқәа алашара ахьырбаз лыдиныҳәалеит АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа.

0