Амениу
26 Мшаԥы 2024
22:05
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    16 Хәажәкыра 2023
16.03.2023 20:50
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Марттәи ажәылара агәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын

АААК аусзуҩцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гәымсҭа ацҳа уахьнықәсуа Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа амҵан, анаҩс рхы аладырхәит Ешыратәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥысыз 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ргәалашәаратә хәылԥазы.

0
16.03.2023 12:33
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аусзуҩцәа Марттәи ажәылара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы иаҭааит.

АААК аколлектив 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иаԥшьгаз Марттәи ажәылара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы рхы аладырхәит. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара хьӡи-ԥшеи рмузеи аҟны еиҿкаан ажәылараҿы иҭахаз 222-ҩык афырхацәа рфотоцәыргақәҵеи, акинохроника "Зхьаа иаиааиз анацәа" арбареи.
Есышықәса хәажәкыра 15-16 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит Марттәи ажәылараҿы иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз аԥсуа ҵеицәа. Ари зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аибашьра амшқәа ракәы

0