Амениу
26 Мшаԥы 2024
14:26
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    15 Хәажәкыра 2023
15.03.2023 18:28
Гагра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аԥшьгарала Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи Аԥсны Афырхаҵа Авҭандил Гарцкьиеи реиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы зегь реиҳа ацәыӡ дуқәа зцыз Марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы АААК Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи Аԥсны Афырхаҵа Авҭандил Гарцкьиеи реиԥылара еиҿнакааит.
Ашколхәыҷқәа иддырбеит Гарцкьиа ишәҟәала иҭыху афильм "Гәымсҭа анхыҵ". Анаҩс аибашьра аветеран Марттәи ажәылара иазку игәалашәарақәа рыцеиҩишеит, ахәыҷқәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Аиԥылара ахыркәшамҭаз аҿар ишәҟәы рзишеит.

0
15.03.2023 18:24
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ауаажәлар рахь иааԥхьара.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, абзиара шәымазааит зегьы! 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Алашареи шықәсырацәала ирзааԥсо акоманда ҳусура алҵшәақәа ҳарзааҭгылеит VIII Аизараду аҿы, уи зегьы ижәбартә-ишәаҳартә аӡбахә ҳашьҭит.

2023 шықәса еиҳагьы ҳгәы шьҭыҵны ҳҭалеит, ауаа ирыхәаша аус бзиақәа рынагӡара ҳҭахны. Ижәдыруеит, Аконгресси Алашареи аханатә ишазҿлымҳау ахатәы бызшәеи, акультуреи, аҵас-қьабзқәеи реиқәырхара. 

Сара агәра ганы сыҟоуп Аԥсуара, Абазара шакәу ҳажәлар рыӷьацара, реизҳара шьаҭас иамоу, ихадароу идеиологиасгьы иҟаҵатәны иҟоу. Убри ҳасаб азуны алаҳәара ҟасҵоит иааиуа ахәышықәса ҳусураҿы Аԥсуара/Абазара иатәхоит ҳәа.

Ари иаанаго, ҳамч-ҳалша зегь ҳхьышьҭра амырӡра иазаҳкуеит ҳәа ауп. Раԥхьатәи снапынҵа - ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә школ иҭоу аҵаҩцәеи рзы Аԥсуаразы арҵага шәҟәы аиқәыршәароуп.

Сгәыӷуеит, ари аус анагӡара рҽадрыԥхьалап ҳәа иреиӷьу ҳаспециалистцәа, нас ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны ахәыҷқәа рыбжьара Аԥсуара иаҳа ибзианы издыруа ҳәа аицлабрақәа мҩаԥаҳго ҳҟалап ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, шәа шәахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит: шәыхшыҩ ҳалашәҵа, шәыпроектқәа ҳзаашәышьҭла. Шәааи ҳаивагыланы еиқәҳархап ҳабдуцәа ашәышықәсақәа иргәылганы иааргаз ҳхаҿра, ҳаргьы ҿыц игыло абиԥарақәа убас ихьчаны ишыҟоу иҳамырдарц.

0
15.03.2023 00:00
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратә школ аҟны ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥысит.

АААК ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥнагеит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 1-тәи абжьаратә школ аҟны. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ Индира Амҷԥҳа ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит аҳақьым дааиаанӡа ауаҩы ишихәатәу.

0