Амениу
24 Мшаԥы 2024
13:29
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    5 Рашәара 2023
05.06.2023 13:17
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аныҟәара ҿыц мҩаԥнагеит апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ахәыҷқәа рыԥсшьара аамҭа хәарҭарала ирхыргарц хықәкыс измоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны аныҟәара ҿыц мҩаԥысит. Уи иалахәын Кәтолтәи ашколхәыҷқәеи Афонҿыцтәи аҵараиурҭа "Абиԥара" аҵаҩцәеи.
Ахәыҷқәа Мгәыӡырхәа иҟоу аԥсуа милаҭ гәарԥ иаҭааит, Афонҿыцтәи аҳаԥы рбеит, Анаҟәаԥиатәи абаахьы ихалеит. Ари абаа аҭоурых инарҭбааны дахцәажәеит аҵараиурҭа "Абиԥара" анапхгаҩы, Афон ҿыц иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша алахәыла Лиа Чычԥҳа. Аныҟәара рхы аладырхәит 30-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа.

0
05.06.2023 12:54
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Џьгьарда ақыҭа ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿнакааит.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш иазкны аныҳәа еиҿнакааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Џьгьардаа рхәыҷқәа рзыҳәан. Арлахҿыхратә программа иалахәын аниматорцәа, аӡтәы шәыгақәа рыла агримҟаҵаҩцәа. Аныҳәа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа зегьы ахаа-мыхаақәа рзыршеит.

0