Амениу
5 Лаҵара 2024
03:03
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    25 Мшаԥы 2024
02.05.2024 17:56
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра
0
02.05.2024 12:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Афон Ҿыц имҩаҧысит амилаҭтә хәмаррақәа ирызку амастер-класс

Б.Д. Аҩӡба ихьӡ зху Афонҿыцтәи абжьаратә школ аҿы Аконгресс агәыҧ имҩаҧнагеит изаамҭанытәиу амилаҭ-баҩрҵәыратә хәмаррақәа рзы амастер-класс. Ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит "Аимҵакьачара" аҧҟарақәа, хазы инаҵшьны иазгәарҭеит ари ахәмарра уи иеиҧшу егьырҭ аицлабрақәа ирылазмырҩашьо аҷыдарақәа. Атеориатә хәҭа ашьҭахь аҵаҩцәа ҩ-гәыҧкны рыҽшаны, раҧхьатәи аматч мҩаҧыргеит. 

"Аимҵакьачара" - ҳаамҭазтәи регби угәалазыршәо, гәыҧ-гәыҧла рыҽшаны ампыл иахьалахәмаруа аҧсуа милаҭтә хәмарроуп.
Аицлабра аҧҟарақәа инарықәыршәаны, агәыҧқәа реиҳабацәа амҿы иалху алабала иасуеит рацәак идуум, ауапцәа иалху ампыл. Убри аан рҽазыршәоит ампыл дара ргәыҧ иаҵанакуа рнапахьы анагара. Ампыл шьҭызхыз ахәмарҩы, имхра иашьҭоу егьырҭ аиндаҭлаҩцәа дрыцәцаны, излауала ирласны афиниш аҟынӡа днеироуп.

Амилаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект аус ауеит 2022 шықәса инаркны. 
Ҳазҭоу ашықәс азы АААК иацнаҵеит Аҧсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы амастер-классқәа рымҩаҧгара. Иреиӷьӡоу агәыҧқәа, аиааиҩы дахьалкаахо аицлабра аҽалархәра азин роуеит.

0
29.04.2024 13:18
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Изхысу амҩа: АААК еиҿнакааит Аҧсны аҧшьаҭыҧқәа рахь аныҟәара

Апроект “Аимадара” аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша еиҿнакааит изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Уажәазы аныҟәара еиҿкаан Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы. Аекскурсантцәа рхаҭа иҟарҵаз аҳәарала урҭ рымҩа ылган Аҧсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу аҧшьаҭыҧқәа рахь: Драндатәи аныхабаа, Мықәтәи аиашахаҵаратә ныхабаа, Елыртәи ауахәама. Уи инацҵаны, ашколхәыҷқәа Оҭаҧ иҟоу Абраскьыл иҳаҧы иаҭааит. Аныҟәараҿы изҭаауаз аҭыҧқәа дрыхцәажәон Мгәыӡырхәатәи ашкол аҿы аҭоурых арҵаҩы Саида Гәынҧҳа. Аекскурсантцәа реиҳараҩык рзы арҭ аҭыҧқәа ҿыцбарахеит. Ашколхәыҷқәа рзы ари амш хҭысла ибеиан, аинтерес аҵан. Амҩа шыуадаҩзгьы, ашколхәыҷқәа уи хдыркәшеит ашәақәеи акәашарақәеи рыла.

0
26.04.2024 21:36
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Амилаҭтә хәмаррақәа: аҧсуаа рбаҩрҵәыратә доуҳа

"Аимҵакьачара" амҩаҧгаразы ҭыҧ ҿыцхеит Лыхни Цандрыҧшьи. Аханатә ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит амилаҭтә хәмаррақәа рҵаки, аҧсуа культураҿы урҭ иааныркыло аҭыҧи, анаҩс иреилдыркааит ахәмарра аҧҟарақәеи аҷыдарақәеи. 
Амастер-класс хыркәшахеит аинтерес зҵаз аицлабрақәа рыла. Ашколхәыҷқәа зегьы ирыман алшара аилҟьареи,  агәырцҟәыли, ахықәкы анагӡараҿы аҽазҵәылхреи раарҧшразы. 

Амастер-классқәа ирылҵшәахоит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы аицлабра. Уи еиднакылоит иреиӷьӡоу агәыҧқәа, уаҟа еилкаахоит ахәмаррақәа рҿы аиааира зго.

0
26.04.2024 21:19
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аҳәса рхеилак: изаамҭанытәиу аилатәара

АААК аҿы еиҿкаау аҳәса ркоординациатә хеилак имҩаҧнагеит аилатәара Аконгресс Аҟәатәи аофис аҿы. Аиҧылара иалахәын Очамчыратәи абжьаратә школ №4 аиҳабы Лиалиа Папасқьырҧҳа, Пицундатәи ашкол №1 арҵаҩцәа Дона Малиаҧҳаи Аида Ҭраҧшьҧҳаи, Џьгьардатәи ашкол арҵаҩцәа Белла Ҵәыџьҧҳаи Наира Чкәанҧҳаи, Драндатәи ашкол аиҳабы Мзиа Ҵәыџьҧҳа, Тҟәарчал араион Ахадара аусқәа рмҩақәҵаҩ Минадора Берулааҧҳа, Кәтолтәи ашкол арҵаҩцәа Индира Амҷҧҳаи Лолита Ҵәыџьҧҳаи, Лӡаатәи ашкол арҵаҩцәа Мимоза Еныкьҧҳаи Аниса Ҩанаҿҧҳаи, иара убасгьы АААК аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.

Аилатәара рхы аладырхәит Ҟарачы-Черкесстәылатәи асасцәа - агазеҭ "Абазашҭа аредактор хада Фардаус Куловеи, аҭыжьымҭа"Черкес-Хэку" аредактор хада Лиусана Абидоковеи. Аусмҩаҧгатә модераторс даман Аҳәса рхеилак ахантәаҩы, ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа. 

Аиҧылараҿы иалацәажәон аполитикеи, аҭҵаарадырреи, ауаажәларратә ҧсҭазаареи рҿы аҧҳәыс иаанылкыло аҭыҧ, ахатәы бызшәа аҧхьашьа аметодикақәа, аҧсуара маҭәарк аҳасаб ала ашколтә программа алагалара уҳәа реиҧш иҟаз атемақәа. 

Алахәҩцәа иазгәарҭеит асистематә знеишьа ҳасаб азуны арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара ишазыхиоу.

0
26.04.2024 17:09

Афон Ҿыц имҩаҧысит аекологиатә тренинг

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәшеи ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиеи иацырҵоит ашколхәыҷқәа рзы аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара. Изаамҭанытәиу аинтерактивтә лекциа мҩаҧысит Б.Д. Аҩӡба ихьӡ зху Афонҿыцтәи абжьаратә школ аҿы. 

Маиа Цыбулевскаиа ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит аекологиа зыхьӡу, аҧсабареи уи абеиарақәеи ишреиҷаҳатәу, ауаҩы иааикәыршаны иҟоу зегьы иаиҭо анырра зеиҧшроу, иаҳзеиҧшу аҩны - апланета Адгьыл аиқәырхаразы иҟаҵатәу. Ашколхәыҷқәа активла рхы аладырхәит адискуссиа, насгьы уи атемала ргәаанагарақәа ирылацәажәеит. Аицәажәараан ирзааҭгылеит аҳауа аҟьашьра, агәам-сам аус адулара, аиаҵәара ахшьаара, апестицидқәеи ахимиатә рҵәыгақәеи рхархәара уҳәа, реиҧш иҟоу, Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы иуҧыло аекологиатә уадаҩрақәа.

Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭазы алахәҩцәа ирзыршеит ииашоу аекологиатә хымҩаҧгашьа иазку абжьгарақәа зну агәаларшәагақәа.

0
24.04.2024 19:58
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Сара исыхьӡуп: АААК апроект ҿыц.

АААК аинформациатә ҟәша ихнаркәшеит апроект ҿыц “САРА ИСЫХЬӠУП” аус адулара. https://abaza.org/abk/1158

0
24.04.2024 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Адҵа: "Ахысра!" инақәыршәаны: АААК имҩаҧнагеит алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку изаамҭанытәиу аинструктаж.

Аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны "Аҧсны ахысырҭатә клуб" иаҭааит. Уажәазы апроект рхы аладырхәит Л.Б. Кәыҵниа ихьӡ зху Аҭаратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. 

Ашколхәыҷқәа рзы еиҿкаан абџьар ахархәашьа иазкыз атеориатә инструктаж. Ахысратә ҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, азыҟаҵаҩ ашколхәыҷқәа идирбеит ииашаны агылашьа, акылҧшшьа, абџьар акышьа, ахысшьа. Анаҩс, ашколхәыҷқәа ахысырҭахь имҩахыргеит, уаҟа дара ирыман алшара ирзеиҭарҳәази иддырбази аҧышәаҿы ахархәаразы. 

Алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵаразы АААК апроект рызкуп ашколтә программа аҳәаакәа ирҭагӡаны, уи амаҭәар ахысра иалагахьоу аҵаҩцәа, хықәкысгьы иамоуп еиҵагыло аҿар Аҧсадгьыл абзиабара рылааӡара.

0