Лента событий ВААК
Изольда Ҳагҧҳа лҽалалырхәит ахҧатәи жәларбжьаратәи афестиваль «Сочинская весна - 2025».
Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыҧуаҩ Изольда Ҳагҧҳа лҽалалырхәит «Урыстәыла аҳәса рхеилак» еиҿыркааз аҳәса рсоциалтә рҿиареи, акреативтә индустриеи, аҭаацәаратә хәдурақәеи рзы ахҧатәи жәларбжьаратәи афестиваль «Сочинская весна - 2025».
Афестиваль еиднакылеит Урыстәыла 40 регион инареиҳаны рыҟнытә активра аазырҧшуа аҳәса, ауаажәларратә усзуҩцәа, анаплакцәа, акультуратә ҧызацәа. Иара убасгьы афестиваль иалахәын Аҧсны, Беларус, Ҟазахсҭан, Катаи рхаҭарнакцәа.
Аҧснытәи аделегациа аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит «Аҧсны аҳәса рхеилак» анапхгаҩы Викториа Хәырхәмалҧҳа лааҧхьарала. Уи напхгара зылҭо аиҿкаареи, Екатерина Лахова напхгара зылҭо «Урыстәыла аҳәса рхеилаки» аусеицура рыбжьоуп.
«Афестиваль ҩынтәны ҳаҭаауеит. Еиҭах ҳцәа ианырит ажәала иузеиҭамҳәо атмосфера ҧха, аидгылара, агәаҳәара! Ҷыдала ҳгәы иаахәоит Аҧсны аус ацура афестиваль алахәцәа ахьазҿлымҳау – ари даҽазныкгьы иаҳнарбоит ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шыӷәӷәоу!» - лҳәеит афестиваль алахәҩы Изольда Ҳагҧҳа.