Лента событий ВААК
Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рфедерациа алахәцәа рконференциа мҩаԥысит Аҟәа.
Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаԥысит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы Афедерациа аҩбатәи аизара.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Афедерациа ахада Адгәыр Гәынба, АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа, аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа, Аԥсны Аҵара аминисттра афизикатә ааӡареи, аспорти, арранӡатәи азыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл, иара убасгьы азыҟаҵаҩцәеи аимҵакьачаразы агәыԥқәа рхаҭарнакцәеи.
Аконференциа амшхәаԥштә хаданы иқәгылан Афедерациа амаҵурақәа реилазаашьа аиқәыршәара. Алацәажәареи иаарту абжьыҭиреи рыла Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩцәас иалырхит Валери Берзениеи Ҷлоутәи агәыԥ азыҟаҵаҩ хада Ансоу Ануеи. Хара имгакәа еиқәдыршәараны иҟоуп Афедерациа Ахеилаки ахылаԥшратә хеилаки.
Адгәыр Гәынба иқәгылараҿы иазгеиҭеит Афедерациа иалахәу агәыԥқәа рхы шаладырхәуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира Амш иазку аусмҩаԥгатә. Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит лаҵарамза 6, Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, Ахақәиҭра ашҭаҿы. Иара убасгьы, Афедерациа иӡырнагараны иҟоуп ахатәы логотип.
Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы Афедерациа аԥҵан 2024 шықәсазы. Актәи аконференциаҿы аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа Афедерациа ахада далырхит, аԥҟаԥҵәа рыдыркылеит.